Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Аԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи ианҭагылаз аамҭазы, амҩа ахыҵхырҭақәа ԥшааны, рабдуцәа рџьынџь иазыхынҳәит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа, иаанымгылаӡеит Нхыҵаа-Аахыҵа ҳашьцәа, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора рхаҭарнакцәа. Убас, адунеи ахы-аҵыхәа зегьы рҟынтә рҽеидыркылеит ҳхылҵшьҭрақәа, избанзар Аԥсадгьыл хьчатәын, ирныруан уи зҵаз ахьанҭара, аидара рыцеиҩыршар акәын аратәи рашьцәа, уаҳагьы ԥсыхәа ыҟамызт. Аԥсуаа рыԥсадгьыл ахьчараз еснагь еигәныҩуан, рҽеидыркылон. Аамҭа иациуан хьӡы згоз афырхацәа!
Аибашьра ҳазыхиамызт. Уи аҩыза аҭагылазаашьа ыҟамызт, абџьар ҳамамызт, аџьыԥҳана ҳамамызт. Аибашьра ианалага сара Ҭырқәтәыла сыҟан, аԥсшьара мшқәа ҳаман. Сара, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аԥхьа Аԥсныҟа саахьан, ара Иреиҳау аҵараиурҭаҿы Ҭырқәтәлантәи иаақәаз сҩызцәеи сареи аҵара ҳҵон. Ԥхыӡ избаргьы ихасҵомыз Аԥсны аибашьра ҟалоит ҳәа. Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ҳанца, 20 мшы ааҵуаны еиԥш ауп ари аҩыза ахлымӡаах шыҟалаз.
Акаҳуажәырҭаҿы сшыҟаз, сҩызак дааҩнашылан исеиҳәеит иҟалаз, уи акыр исзымбатәбарахеит, ари аҩыза ажәабжь хлымӡаах ахаҵара сцәыуадаҩхеит. Ишыжәдыруа еиԥш, Ҭырқәтәыла, Кавказ ажәларқәа ҳхеидкылақәа ыҟоуп. Уаанӡа Аԥсныҟа иаахьаз аҷкәынцәа астудентцәа роума, егырҭ роума ҳҽеидаҳкыло ҳалагеит, ахеидкылаҿы аинформациатә центр аԥаҳҵеит.
Ажәакала, Аԥсныҟа ҳазлаара амҩа ҳашьҭалеит. Аԥхьа 10-15-ҩык аҷкәынцәа аахьан, анаҩс 30-ҩык рҟынӡа агәыԥ еидаҳкылеит. Ҳҭаацәа Аԥсны аибашьра шыҟаз рдыруан хымԥада, аха ҳара ҳахьцоз рамҳәакәа "излаҳалшо ала ҳашьцәа медицинатә цхыраарак ҳазрыҭозар аусқәа нап рылаҳкуеит", ҳәа нараҳәаны амҩа ҳақәлеит.
Амц иҳазжьо ҳаҟазма, еилыркаауан ҭынч ара ҳшаанымгылоз, избанзар уахгьы-ҽынгьы аибашьра аҭыӡшәа акәын иҳамаз. Иаҳаулак Шәачанӡа ҳааит. Шәачантәи ӷбала Гәдоуҭа ҳааит, асасааирҭа "Черномерец" аҟны ҳаанҿасит. Анаҩс, иалагеит хаҭала ҳазлахәхаз аибашьратә ԥсҭазаара. Уи иадҳәалоуп ҵыхәаԥҵәара змам агәалашәарақәа, уаҩы игәы ҭызшьаауа ахҭысқәа, ахьаагарақәа…
Аԥсны аибашьра анцоз аамҭазы Ҭырқәтәылантәи ажурналистцәа аауа иалагеит. Араҟа имҩаԥысуаз аибашьратә хҭысқәа ирылацәажәон, иӡырыргон. Ажурналистцәа иааз рахьтә аӡәы, асасааирҭа аԥхьа ҳашгылаз ҳфотосахьақәа ҭихит. Убри афотосахьа, Ҭырқәтәыла иҭыҵуаз агазеҭ "Сабаҳ" адаҟьақәа ирнылеит. Актәи адаҟьаҿы иарбан Ҭырқәтәылантәи Аԥсны еибашьуа арԥарцәа ҳәа ҳсахьа. Ҳҭаацәа агәҩара рымазаргьы, Аԥсныҟа ҳшааҵәҟьаз рыздырӡомызт, убри анырба еилагеит, убри алоуп излеилыркаазгьы.
Ҳара ҳашьцәеи ҳареи абзиара аамҭазы ҳаидгылазар, ацәгьара анаҳзааи, хымԥада рыдгылара ҳахәҭан. Ҳзеиԥш ԥсадгьыл аӷа ицәыхьчатәын. Ҳара аибашьра аԥҟарақәа зынӡагьы иҳаздыруамызт, абџьар аанкыланы ҳмеибашьыцызт, аха аҭагылазаашьа ҳақәнаршәеит.
Аԥсны аԥхьаҟа иҟалараны иҟаз еилкаамызт. Агәкажьра ҳамамызт, агәра ҳгон Аиааира ҳара ишаҳтәхоз. Аибашьраҿы раԥхьа дҳацәҭахеит ҳҩыза бзиа Ефқан Цыба. Сара исгәалашәоит Ҭырқәтәыла ҳаныҟаз уи ииҳәоз ажәақәа: "Схаҵоуп зҳәо Аԥсны дцароуп. Насҭха ҳгыланы ҳаԥсадгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа дрыхәамԥшыроуп. Иашьцәа рыгәҭаны дгылазароуп", ҳәа.
Раԥхьа ҳанааи абџьаргьы ҳарҭаӡомызт, ак ҳахьыр ҳәа ишәон аҭыԥантәи аԥсуаа, иҳахӡыӡаауан. "Ҳара ҳаибашьырц ҳааит, абџьар ҳашәҭ", ҳәа ҳрыҳәон. Нас иаҳаулак абџьар ԥшааны еибашьра ҳандәықәла, аҷкәынцәа убас еибаҳәеит, "Аԥсны Аиааира агаанӡа, хьаҵрак шыҟаҳамҵо, џьаргьы ҳшымцо, ианаҭахха ҳаԥсы шахҭнаҳҵо, ара ҳтахар џьанаҭ ҳашцо", ҳәа. Ҳажәагь наҳагӡеит. Ауасиаҭ ажәагьы ҳнапы аҵаҳҩит.
Ҳара ҳазегьы ҳаԥсадгьыл ҳнапқәа акәыршаны иаҳкыроуп. Иҳамоу ахақәиҭреи Аиааиреи ҳахьчароуп. Иуадаҩыз аамҭақәа рхыргахьеит ҳауаажәлар. Имариаӡамызт Аиааира агара, аха уи рылдыршеит агәаӷь ӷәӷәа зыӷраз аԥсуаа, ҳатә гәаԥхарала иҳацеибашьуаз ҳашьцәа. Иҭахаз ҳаибашьцәа хашҭра рықәымзааит. Иҳамоу аҭынчра аҵакы бзианы еилаҳкааит. Уи зықьҩыла ауаа рыԥсқәа ахҭынҵоуп.
Сара, Ҭырқәтәылантә иааны зҭоурыхтә ԥсадгьыл еиқәзырхоз аӡә иаҳасаб ала, ргәалашәара аҿаԥхьа схырхәоит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, ҳашьцәа хатә гәаԥхарала еибашьуаз зегьы! Наунагӡа Аԥсны ԥшӡа иахашәыршәыруазааит ҳҵеицәа ршьала иҿыху ҳаԥсуа бираҟ!