Дагомыс атурнир аҟны хәҩык аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа ргеит

VI абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир "Дружба" мҩаԥысуан Дагомыс, жьҭаара 13 рзы. Иара иалахәын хәҩык аԥснытәи аспортсменцәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. VI абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир "Дружба" иалахәыз хәҩык аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа ргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абокс азы азыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа.

Дагомыс атурнир аҟны хәҩык аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа ргеит

"Аԥсны ахьӡала иқәгылеит Гагрантәи аспортсменцәа ԥшьҩыки аҟәантәи - Ҳаџьараҭ Кардиа, Никита Чуаз, Ренат Бениа, Артур Дертатиан, Нестор Џьанба. Дара зегьы актәи аҭыԥқәа ныркылеит, ахьтәы медалқәа ранашьахеит. Дара ирындаҭлон Израиль, Урыстәыла, Луганск рспортсменцәа", - иҳәеит иара.

VI абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир "Дружба" мҩаԥысуан Дагомыс, иалахәын 13-16 шықәса зхыҵуаз 50-ык аспортсменцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: