Гагратәи абоксиорцәа қәыԥшцәа Аԥсны ахьӡала Ашьха Ҟарабах атурнир аҿы иқәгылеит

© Foto / Элизбар ДжологуаГагратәи абоксиорцәа қәыԥшцәа Аԥсны ахьӡала Ашьха Ҟарабах атурнир аҿы иқәгылеит
Гагратәи абоксиорцәа қәыԥшцәа Аԥсны ахьӡала Ашьха Ҟарабах атурнир аҿы иқәгылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амеценат Левон Аирапетиан игәалашәара иазку атурнир мҩаԥысит Ареспублика Ашьха Ҟарабах нанҳәа 15-20 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахьӡала ашьха Ҟарабах атурнир аҟны иқәгылаз Герман Арџьениеи Ринат Бениеи иааныркылеит актәии аҩбатәии аҭыԥқәа, абри атәы иҳәеит абоксиорцәа разыҟаҵаҩ Елызбар Џьологәуа.

"Гагратәи ҳаспортсменцәа Герман Арџьениеи Ринат Бениеи ықәгылеит атурнир аиҵбыратәи аиҳабыратәи ақәратә категориақәа рҟны. Аԥсныи Ашьха Ҟарабахи ирзеиԥшу рацәаны ирымоуп. Ҳара, Кавказ ишаԥу еиԥш, ибзианы ҳрыдыркылеит. Ихааны акраҳҿарҵеит, акраҳдыржәит", - иҳәеит Џьологәуа.

Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, афиналтә хәмаррақәа ирылахәын Ашьха Ҟарабах ахада Бако Саакиани, аиҳабыра ахаҭарнакцәеи, аҳҭнықалақь Степанакерт анапхгара.

Жәиԥшь шықәса зхыҵуа Герман Арџьениа хеиқәԥарак мҩаԥигеит, рыхԥагьы рҟны аиааирақәа игеит. Жәаҩа шықәса зхыҵуа Ринат Бениа ҩеиқәԥарак мҩаԥигеит, аха афиналтә еиԥылараҟны Ашьха Ҟарабахтәи абоксиор диаҵахеит.

Амеценат Левон Аирапетиан игәалашәара иазку атурнир иалахәын Ашьха Ҟарабах, Аԥсны, урыстәыла, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Донецктәи Лугансктәи рреспубликақәа рҟынтәи шәҩык инареиҳаны аспортсменцәа.

© Foto / https://artsakhpress.am/Гагратәи абоксиорцәа қәыԥшцәа Аԥсны ахьӡала Ашьха Ҟарабах атурнир аҿы иқәгылеит
Гагратәи абоксиорцәа қәыԥшцәа Аԥсны ахьӡала Ашьха Ҟарабах атурнир аҿы иқәгылеит - Sputnik Аҧсны
Гагратәи абоксиорцәа қәыԥшцәа Аԥсны ахьӡала Ашьха Ҟарабах атурнир аҿы иқәгылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0