АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. VI абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир "Дружба" иалахәыз хәҩык аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа ргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абокс азы азыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа.
© Foto / предоставлено: Элизбар ДжологуаХәҩык аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа ргеит Дагомыс
![Дагомыс атурнир аҟны хәҩык аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа ргеит Дагомыс атурнир аҟны хәҩык аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа ргеит - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102860/10/1028601004_0:0:1032:774_600x0_80_0_0_d10f863019c5ddc0a3e4661c49e81959.jpg)
Хәҩык аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа ргеит Дагомыс
© Foto / предоставлено: Элизбар Джологуа
"Аԥсны ахьӡала иқәгылеит Гагрантәи аспортсменцәа ԥшьҩыки аҟәантәи - Ҳаџьараҭ Кардиа, Никита Чуаз, Ренат Бениа, Артур Дертатиан, Нестор Џьанба. Дара зегьы актәи аҭыԥқәа ныркылеит, ахьтәы медалқәа ранашьахеит. Дара ирындаҭлон Израиль, Урыстәыла, Луганск рспортсменцәа", - иҳәеит иара.
VI абокс азы Жәларбжьаратәи атурнир "Дружба" мҩаԥысуан Дагомыс, иалахәын 13-16 шықәса зхыҵуаз 50-ык аспортсменцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гагратәи абоксиорцәа қәыԥшцәа Аԥсны ахьӡала Ашьха Ҟарабах атурнир аҿы иқәгылеит
-
Аԥснытәи абоксиорцәа Аолимпиатә резерв ашкол ахь ирыдыркылеит