Арепатриациа

Ҿаҵак анышәнап Аԥсадгьыл аҟынтә: ҳџьынџьуаҩ лгәаҳәара шынагӡахаз

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Зеинеԥ Маанԥҳа Аԥсныҟа иаалыцҳаз аҳәара шынагӡахаз атәы ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсадгьыл агьама, афҩы хаа, ҿаҵак анышә иадамхаргьы атәым дгьыл аҿы еиҳау ҳамҭа ыҟам. Атәым тәылақәа рҟны аԥсуаа рҭоурых иаҿахәҳәагоу, иатәышьҭроу амаҭәахәқәа иԥшьоу акакәны иахәаԥшуеит. Иҟамзар ҟалап аԥсыуа ҭаацәарак Аԥснынтә ҟәырҷахак зыҩны иҩнам, рабацәа рабдуцәа рҟәых ҵәахны иаазымго.

Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

Ибзианы исгәалашәоит, Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа санцало, лассы-лассы ҳџьынџьуаа исарҳәо сгәы иҭнымҵәо ажәа ԥхақәа: "Ҳаԥсадгьыл афҩы хаа ҳзаабгеит, уи ацәаара бхаҳкаауеит, еҳ, Аԥсны, Аԥсны…" - ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, иҟамзар ҟалап еиҳау хьаак, уԥсадгьыл мчымхарыла уанахыгоу...

Насыԥс исыман арҭ ашықәсқәа зегьы изныкымкәа Ҭырқәтәылаҟа ацара ахьысқәашьхаз, уа инхо аԥсуааи сареи гәаартыла ҳаицәажәартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьсымаз. Уажә ишәзеиҭасҳәарц сҭахуп Ҭырқәтәыла сзықәшәахьоу, угәы иҭнымҵәо хҭыск аҭоурых.

Адаԥазар асасааирҭаҟны Октаи Ҷкотуа мышәкәан хәыҷык инапы ишакыз збеит. "Ари закәызеи?" - ҳәа ҳаниазҵаа, "Измиҭ ақалақь аҟны инхо Зеинеԥ Маанԥҳа аинтернет ала Аԥсны инхо аԥсуаа рахь иҟалҵаз аҳәара ауп", - иҳәеит.

Абаҩхатәра ду злаз аҵеи лаша - Омар Беигәаа

"Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа иаауа дарбанызаалакгьы, сҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟынтәи уаԥсҵәык анышәи, хаҳә хәыҷқәаки, ҵәаҟьа ҳәыҷқәаки сзаазго исзынхаз сыԥсҭазаара зегьы, сыԥсы ҭанаҵы дысныҳәалоит, ихьӡ сгәы иҭазаауеит", - лҳәахьазаарын Зеинеԥ.

Октаи, Ҭырқәтәылаҟа иаара мчыбжьык шагыз Феисбук аҿы Зеинеԥ Маанԥҳа иҟалҵаз аҳәара игәы иҭамкәа, ихы иҭамкәа илаԥш нақәшәеит. Абри аҩыза данаԥхьа, игәы арԥшааит. Дзыргәамҵуазеи, рыцҳарас дзықәшәазеи, изылҭаххазеи ҳәа ахәыцра далагеит.

Ҿаҵак анышәнап Аԥсадгьыл аҟынтә: ҳџьынџьуаҩ лгәаҳәара шынагӡахаз

Аха зыԥсадгьыл зцәыӡыз аԥсуа, атәым дгьыл аҿы инхо, Аԥснынтә ҿаҵак иадамхаргьы анышә иаҳәо иара ибзианы еиликаауеит. Иаразнак аҭакгьы лзаниҵеит ааигәа Ҭырқәтәылаҟа днеираны дшыҟоу, лгәаҳәара шынаигӡо.

"Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа амҩа ҳанықәлоз, анышә абантәишьҭысхри ҳәа сазхәыцит, ҵакык амазарц сҭаххеит. Убри аҟынтә исыӡбеит Аҟәа, Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа ргәы иқәыԥсоу анышә, џьарак акәымкәа, ҳаҭгәынцыԥхьаӡа снеины, маҷк ахаҳәқәеи, аҵла махәҭа хәыҷқәеи, уаԥсҵәык анышәи, аԥшқа амашәкәан данҭарҵо еиԥш, сахӡыӡааны, искыз инҭасҵеит. Нас, иаашьҭыхны иаасгәыдсыҳәҳәалеит, исызгәамҭакәагьы сылақәа лаӷырӡыла иҭәит", - ажәабжь еиҭеиҳәон Оқтаи.

Ҭырқәтәыланӡа аҳамҭа шынаӡазҵәҟьа еиԥш, Зеинеԥ Маанԥҳа лнапаҿы илдыркит дзыҳәоз лыԥсадгьыл анышә. Ахәылбыҽха, лара Измиҭынтә Адаԥазар, Октаи дахьыҟаз, аҭел дизасит.

Аԥсны ҳахьынхо ҳаигәырӷьоит: Арҩҭаа Муҳаммеди Жансети рҭоурых

"Зеинеԥ лыбжьы аӷьаҵәыӷьаҵәреи агәыԥшаареи ацын. Октаи, исзууз абзиара ахаан исхашҭуам. Сара сықәрахь снеихьеит. Уажәшьҭа исылымшар ҟалап Аԥсны инхо сыуаажәлар рбара, сабдуцәа иаанрыжьыз ҳашҭа сшьапы ақәыргылара. Сгәазхара аԥсуа ажәеи, аԥсуа ашәеи, аԥсуа кәашареи рбара, раҳара. Урҭ зегьы жәабжьноуп ишыздыруа. Сыԥсадгьыл аҟынтә иааушьҭыз анышә сыҩны агәҭа игылоу Аԥсуа бираҟ авараҿы ишьҭасҵеит. Уахарнахыс еснагь ари анышә сафыҩлап, напыла еилсырхлап, сыԥсадгьыл ԥшӡа агьама ахкаауа. Исҭахуп саныԥслак сгәы иқәрыԥсарц. Уи азы, ажәа нсыжьуеит", - еиҭеиҳәон Зеинеԥ лажәақәа Октаи Ҷкотуа.

Ҿаҵак анышәнап Аԥсадгьыл аҟынтә: ҳџьынџьуаҩ лгәаҳәара шынагӡахаз

Абраҟа, Октаии Зеинеԥи реицәажәара еиқәҳәалахеит. Зеинеԥ уаҳа акгьы лзымҳәеит, лҵәыуабжь акәын иаҳауаз. Иаргьы илаӷырӡқәа изнымкылеит…

Ирацәоуп ас еиԥш угәы ҭызшьаауа ажәабжьқәа. Шаҟа ирыцҳароузеи ҿаҵак зыԥсадгьыл анышә иаҳәо атәым дгьыл аҿы анхара зқәашьхаз ҳашьцәа рлахьынҵа. Иҟамлааит уаҳа уи аҩыза ҳҭоурых аҿы, ҳаԥсадгьыл аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа рыла ихаҭәааит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: