Аԥсны ҳахьынхо ҳаигәырӷьоит: Арҩҭаа Муҳаммеди Жансети рҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукПрогноз
Прогноз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2011 шықәса рзы, Шьамтәылантәи рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь наӡаӡа рҭаацәа ирыцны нхара ҳәа Аԥсныҟа иааит Муҳаммеди Жансети Арҩҭаа.

2011 шықәса рзы, Шьамтәылантәи рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь наӡаӡа рҭаацәа ирыцны нхара ҳәа Аԥсныҟа иааит Муҳаммеди Жансети Арҩҭаа. Ешьеи еҳәшьеи аҵара рҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, асахьаҭыхратә ҟазара аҟәшаҿы. Дара аԥшьбатәи акурс аҿы итәоуп. Инхоит Дранда аҳаблаҿы, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ирынаҭаз ауадаҿы.

Ниджиза Арютаа - Sputnik Аҧсны
Арҩҭааԥҳа: ҳазшаз ҳразҟы иалеиҵеит ҳабдуцәа рыԥхыӡ иалаз Аԥсны ԥшӡа абара

"Ҳара ҳәыҷаахыс ҳаҩнаҭаҿы Аԥсны аӡбахә ҳаҳауан, аԥсуара ныҟәыргон ҳаиҳабацәа. Аԥсадгьыл абзиабара, уи иацу агәыбылра, уаԥсыуаны Анцәа уаниша, ушьа-уда иалоуп", — иҳәеит аҭоурых дазхьаԥшуа Муҳаммед Арҩҭаа.

Ииашаҵәҟьаны, Имаҭ Арҩҭаа иҭаацәа, ԥсыуа ҵасла рхы ныҟәыргоит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дҭахеит, Имаҭ иашьеиҳаб гәакьа "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ зыхҵоу, Тҟәарчал ахьӡ-аԥша абаҳчаҿы анышә иамадоу Фарид Арҩҭаа. Фарид иашьеиҵбы гәакьа Реад Арҩҭаа, аибашьратә мҩа данысит, ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Леон иорден". Иара убас, раб иашьа иԥа Ремзи Арҩҭаа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы ҳақьымс аус иуан, илшарақәа азгәаҭаны ианашьоуп "Леон иорден".

"Ҳара ҳабиԥара шьҭрала Дәрыԥшь ақыҭа иалҵит, ижәытәӡатәиу аԥсуа жәлақәа ирхыԥхьаӡалоуп ҳажәла Арҩҭаа. Иҟоуп Ҟарачы-Черқьесск инхақәоугьы, урҭ Џьаҭқар-иԥацәа ҳәа ирышьҭоуп. Амҳаџьырра ҟалаанӡа ҳажәлантәқәа нхон Џьгьарда, Ҵабал иаҵанакуаз ақыҭа Мрамба. Ари аҭоурых санди сабдуи рҟынтәи исаҳаз ауп", — ҳәа ицәажәара иациҵон Муҳаммед.

Муҳаммеди Жансети рабду Абдул-Уаҳаб Арҩҭаа, афранцыз архәҭақәа рҿы ҳақьымс аус иуан, Кавказтәи абаталион далан. Ранду дашәыуа ҭыԥҳан, Баӷԥҳан.

"Сара сандуи сани еснагь ҿырԥшыс исымоуп. Санду сылхааным, аха лҟазшьақәа здыруеит исзеиҭарҳәо ажәабжьқәа рыла. Ԥсабарала аԥсуа ԥҳәыс лаҟара иӷәӷәоу уаҩ дсыздыруам", —  ҳәа аамсҭашәала дҳацәажәон Жансет.

Жансети Муҳаммеди рҭаацәа, Аԥсны рхы иамеигӡакәа акрыруеит. Рхатә џьабаала рыхшара ныҟәыргоит.

"Аибашьра ашьҭахь, аԥсуа ҳәсақәа рыжәҩа иқәыз ахьанҭара шыӷәӷәаз ҳзеиҭарҳәоит ҳҩызцәа, ҳаиҳабацәа. Егьа ус акәзаргьы, ирыԥгылоу ауадаҩрақәа ириааиуеит. Сара сан Кындыӷ апомидор ааӡарҭаҿы аус луеит. Ҽнак дшычмазҩызгьы лусура аанылмыжьит. Саргьы ааигәа еимҳәак сыхьын, аҵарахьы сымцап аасгәахәит. Аха, сан дшычмазҩызгьы, махәҿала аус ахьутәыз дахьцаз анаасгәалашәа, сыбжьы мыргаӡакәа сҩагылан аҵарахьы амҩа сықәлеит", — лҳәеит Жансет Арҩҭааԥҳа.

Муҳаммеди Жансети, ԥсабарала ирылоу абаҩхатәра иабзоураны зеиӷьыҟам асахьақәа ҭырхуеит.

Сурея Чаха - Sputnik Аҧсны
Суреиа Чаҳа: Аԥсныҟа смаар срыцҳахон, минуҭкгьы сахьымхәыц

"Сара саасҭагьы Жансет лырҿиамҭақәа рхыԥхьаӡара еиҳагьы ирацәоуп. Ааигәа иҟаз асахьаҭыхратә цәыргақәҵаҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа рахьтә руак лара иаанылкылеит", — иҳәеит Муҳаммед иаҳәшьа длызгәыдууны.

Ииашаҵәҟьаны, Жансети сареи ҳаицәажәара иалагӡаны еилыскааит ахӡыргара шлылам, аԥхәыс лҟазшьа ссирқәа зегьы лара дышрылаҟоу. Уи арҵабыргуан дыпҳашьаԥхаҵо иаалырԥшуаз лхымҩаԥгара.

"Сара исҭахуп аԥсҭазаара шәыга ԥшӡала иҩычазарц. Аԥсуаа ҳхатәы бызшәа адунеи ахьхьҳәа иқәыҩларц. Сара сҩызцәеи сырҵаҩцәеи даара бзиа избоит, срызгәыдууп. Сырҵаҩы Маиана Ҵәыџьԥҳа, лымкаала сылзыҟоуп, лара слеиԥшхарц сҭахуп", — лҳәеит Жансет.

"Аԥсынтәыла ҳахьынхо даара сеигәырӷьоит. Ҳхәынҭқарра уаҵәтәи амш знапы иану аҿар, ҳаԥсуара алеишәа мырӡкәа ԥхьаҟа ҳцаларц сҭахуп. Ашколқәа рҟны аԥсуара еиҳагьы инарҭбааны иалацәажәаларц агәаҳәара сымоуп. Ашколи аҭаацәеи аҿар рааӡараҿы ирылшоу рацәоуп. Убри аус аҟны зегьы аманшәалара рзеиӷьасшьоит", — ҳәа азгәеиҭеит Муҳаммед Арҩҭаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0