Абаҩхатәра ду злаз аҵеи лаша - Омар Беигәаа

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа 10-тәи ашкол аҿы.
Аԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа 10-тәи ашкол аҿы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи дырзааҭгылоит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа.

Аԥсуа шәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ 2001 шықәсазы, Аԥснынӡа иааӡеит 100 шықәса ирҭысхьаз Омар Беигәаа иԥсҭазаара дшалҵыз. 1877-1878 шықәсқәа рзы, Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаз аԥсуаа дрылан, Абжьаҟәа ақыҭантәи анхаҩы Омар Беигәаа иабду Ҳасангьы. Аҟәантә ихырҵәаз аԥсуаа Ҭырқәтәыла иӡхыҵит Қьефқьен амшын ахықәаҿы. Зықьҩыла изҭагылаз агәаҟрақәа рызхымгакәа рыԥсҭазаара иалҵуан.

Омар Беигәаа игәалашәара иазкыз ахәылҧаз - Sputnik Аҧсны
Маҳинур Папаҧҳа: Омар Беигәаа ишәҟәқәа рҭыжьра аҭахуп

Усҟан зыԥсы еиқәхаз аԥсуаа ирылашәеит Омар иани иаби — Беигәаа Баирами, Шамԥҳа Мкыди. 1901 шықәсазы, Ҭырқәтәыла Ефҭениа Ҳаџьы-Сулеиман беи иқыҭа ҳәа изышьҭаз, аԥсуаа рацәаҩны иахьынхоз ақыҭаҿы диит ԥсабарала заԥхьаҟа абаҩхатәра ду злалараны иҟаз аҵеи лаша Омар Беигәаа.

Изларҳәо ала, Омар даныхәыҷыз инаркны агәеилгареи агәырҵҟәыл бзиеи змаз аӡә иакәны изҳауан. Уи гәазҭаз ашаԥсыӷ еинрал Рашьыҭ Ефенди, уи иԥшәма ԥҳәыс Ҳасибеи Ҷанԥҳаи, аԥсуа нбан ажәытәтәи османтәи алфавит шьаҭас иаҭаны ашьақәыргыларазы аусура дадрыԥхьалеит. Абасала, 12 шықәса анихыҵуаз инаркны Омар Беигәаа, аԥсуа ҭҵаара иҽагәылеихалеит, иԥсҭазаара зегьы азикит аԥсуа бызшәа, амифологиа, аҭоурых аҭҵаара. 

Омар Беигәаа раԥхьатәи ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа ижәытәтәиу акоума?" ҭыҵит Сҭамԥыл ақалақь 1971 шықәсазы ҭырқәшәала. Анаҩс, 1975 шықәсазы иҭыҵит Омар аҩбатәи ишәҟәгьы. 1986 шықәсазы иҭыҵуеит иусумҭақәа зегьы иреиҳау ишәҟәы "Аԥсуаа рҭоурых ахыҵхырҭатә аамҭақәа инадыркны Кавкази ажәытәӡатәи адунеи аҭоурых иадкыланы". Ирацәоуп узлацәажәаша Омар Беигәаа инапы иҵиххьоу еиуеиԥшым аҭҵааратә усумҭақәа. 

Омар Беигәаа акьыԥхь иазирхиаз, аха макьанагьы иҭыжьым иусумҭақәа акыр ирацәоуп. Иҩымҭақәа рзы Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Маҳинур Папааԥҳа, ауасиаҭ лзынижьит: "Сҩымҭақәа Аԥснаа ирдыруа иҟабҵароуп, сызхьымӡазгьы бара ибырхиароуп", — ҳәа. 

1992 шықәсазы аԥсуа-қырҭуатә еибашьра алагамҭазы, Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс иҟаз Владислав Арӡынба иаԥшьгарала иаԥҵан Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба еиҳабыс дызмаз акомиссиа, Омар Беигәаа аԥсышәала иҟоу иусумҭақәа рҭыжьра аиҿкааразы.

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа.
Аԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа.

Усҟан еиҿкаан Ҭырқәтәылантәи Омар Беигәаа иусумҭақәа Аԥсныҟа раагара, аԥсуа ҭҵааратә институт архив иаҭан. Шықәсқәак раԥхьа иара иусумҭақә  рҭыжьра азырхиара адиалектологиатә лабораториа аҟәша иадҵан. 

1997 шықәсазы Омар Беигәаа аҳәаанырцәтәи ҳаҭырлатәи алахәыла ҳәа Аԥсуа академиахь далхын, иара убас Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат, апоет, аҭоурыхҭҵааҩ, абызшәаҭҵааҩы ҳәа ахьӡ ихҵан. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университ "Ҳаҭыр зқәу апрофессор" ҳәа ахьӡ ихҵан.

Омар Беигәаа - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: Омар Беигәаа ихьӡ, илша, иџьабаа, еизҳауа аҿар ирдыруазароуп

Даныԥсы ашьҭахь илшара дуқәа рзы, апоет аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа ианашьан  Аԥсны аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара. 

Ҳаҳҭнықалақь Аҟәа амҩақәа руак ихьӡ ахуп Омар Беигәаа. Иара убас, аибашьра ашьҭахь анхарҭа ахьизалхыз аҩнаҿы иаԥҵан иара ихьӡ зху акультуратә центр. Уи анаадыртуаз аҽны ажәа иҳәеит  Аԥсны жәлар рпоет Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба. 

"Аԥсуаа амшын ихымлар ада ԥсыхәа рымамкәа ианааҭагыла, ҩнаҭак аиҳабы иҭаацәа рышҟа ихы нарханы ус ҿааиҭит: "Дадраа, уа ҳахьнеиуа атәым дгьыл аҿы рацәак сызнымҵыр ҟалоит, лассы сынарцәымҩа сықәлоит, џьаҳаным еилашыра сҭаблырц шәҭахымзар, абри исыдҳәалоу сарҭмаҟ иҭоу анышәнап сгәы инықәыԥсаны анышә сашәҭ. Абас рыԥсадгьыл аҟәых – анышәнап шьҭызхыз аӡәым, ҩыџьам урҭ ыҟан зықьҩыла. Рмаҟҽаҳәарақәа ирыдҳәаланы мшын-нырцәҟа иргаз уи анышәнап аламыс мацара акәымзаарын иагәылаҵәахыз, уи иҭаҵәахны иамазаарын ԥсра-ӡра зықәӡамыз абзиабара, ааи, аԥсадгьыл абзиабара. Уи шаҳаҭра азиуеит акыр зықәрахь инеихьоу, аха макьана абааш еиԥш еихыӷәӷәа-еиҵыӷәӷәа игылоу, еицырдыруа аҵарауаҩ, апоет, ауаажәларратә усзуҩ Омар Беигәаа", — иҳәеит Баграт Шьынқәба. 


Ажәабжьқәа зегьы
0