Аминистрцәа Реилазаара ацитрустә шәырқәа раахәара ахәԥса шьақәдыргылеит

"Ахәқәа рҳәынҭқарратә ҭышәныртәаларазы" азакәан инақәыршәаны Аминистрцәа Реилазаара ацитрустә шәырқәа раахәара ахәԥса шьақәдыргылеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа Реилазаара жьҭаара 28 рзтәи аилатәараҿы ацитрустә шәырқәа раахәара ахәԥса шьақәдыргылеит.

2020 шықәсазтәи абиуџьет Аминистрцәа Реилазаараҿы ирыдыркылеит

Ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа ажәалагала ҟаиҵеит аахәаратә хәыԥсақәа рзы.

Ақәҵара апроект инақәыршәаны кьылак амандаринеи апельсини – 19 мааҭи 50 копеии иаԥсахоит. Кьылак алимонқәа 20 мааҭ иаԥсахоит.

Какалиа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы есымчыбжьа Аминистрцәа Реилазаарахь аинформациа аанашьҭуеит ацитрустә шәырқәа ралгаразы ҳәа.

Аԥыза-министр Валери Бганба иазгәеиҭеит урыстәылатәи аҳәааҿ иахырхуа ахәцҵазы ашәахтә ишьақәыргылоу ахәқәа рҟынтәи ишыԥхьаӡахо.

2018 шықәса рзы аҳәаа иахыган 30 000 тонн ацитрустә шәырқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: