2020 шықәсазтәи абиуџьет Аминистрцәа Реилазаараҿы ирыдыркылеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥара
Аԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит "2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект. Уажәшьҭа адокумент атәыла ахада иахь инашьҭхоит.

АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. "2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект иазыԥхьагәанаҭоит аконсолидациа зызуу абиуџьет: ааимҭақәа 10 миллиардки 257 миллион мааҭ, ахарџьқәа: 10 миллиардки 510 миллион мааҭ. Абасала иааиуа ашықәс азы адефицит иартәоит - 253 миллион мааҭ.

Ааимҭақәа, ахарџьқәа, адефицит

Алагалақәа разыԥхьагәаҭара мҩаԥгоуп асоциал-економикатә ҿиара аихшьаалақәа ҵаҵӷәыс ирыҭаны.

"Алагалақәа рхыҵхырҭақәа рыла ареспубликатә биуџьет ахәҭа иаҵанакуеит 79,1%, аҭыԥантәи абиуџьетқәа 20,9%. Аныхрақәа реилазаараҿ ареспубликатә биуџьет иахәҭахоит 72,3%, аҭыԥантәи абиуџьетқәа - 27,7 %", - ҳәа аҳәоит абиуџьет азы ақәҵара апроект иацу аилыркаага шәҟәы.

Абиуџьет адефицит ахҩаразы Аԥсны Амилаҭтә банк аҿы акредит агара азыԥхьагәаҭоуп. Уи 300 миллион рҟынӡа артәоит. Иара убасгьы ирхынҳәхоит аиуристтә хаҿқәа ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ирыҭаз акредитқәа. Адефицит аԥаразоужьра администраторс иқәгылоит Аԥсны Афинансқәа рминистрра.

Денежные купюры России - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа реилазаара аҳасабырба ҟарҵеит абиуџьет алагалақәа рзы

2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет ааимҭақәа рҿы ахатәы лагалақәа идыртәоит 3 миллиардки 368 миллион мааҭи. Урыстәылатәи Афедерациа хнырҳәырадатәи ацхыраара: асоциал-економикатә хықәказы – 3 миллиардки 246 миллион мааҭ, абиуџьеттә инвестициа аҳасаб ала афинанстә цхыраара – 1 миллиардки 500 миллион мааҭ.

2019 шықәса иаҿырԥшны ацхыраара алагала еиҵахеит 83 миллиони 430 нызқь мааҭи рыла.

2019 иаҿырԥшны ахатәы лагалақәа 87 миллиони 616 нызқь мааҭ, ма 2,7% рыла еиҳахоит.

Ашәахтәқәа, аизгақәа, аҭаҭын

Азыԥхьагәаҭара иаҿырԥшны аҳәынҭқарра аиҿкаарақәа рҟынтәи иаиуеит 334 миллион мааҭ. Уи 19 миллион мааҭ рыла еиҵоуп 2019 шықәсазы аасҭа. Уи еиҵахеит Гагра, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы аиҿкаарақәа рхашәалахәқәа ишазԥхьагәаҭаз акәымкәа, иахьеиҭакхаз азы.

2020 шықәсазы ашәахтәцҵала абиуџьет иалалароуп миллиардки 374 миллион мааҭ.

аулафахәы - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа Реилазаара абиуџьет усзуҩцәа ркатегориа хадақәа руалафахәы шьҭнахуеит

Ашәахтәцҵаҟынтәи абиуџьет ахь ааимҭақәа 36 миллион рыла еиҵахоит, иагьартәоит миллиардки 374 миллион мааҭи.

Атауарқәа ракцизқәа идыртәароуп 165 миллиони 330 нызқь мааҭи. Убри аан аҭаҭын аалыҵ алагалараан акцизқәа идыртәоит 114 миллиони 100 нызқь мааҭи.

2020 шықәса рзы ареспубликатә биуџьет ахь баџь ҳасабла иалагалараны иҟоуп 93 миллиони 242 нызқь мааҭи.

Аҳазалхратә еизгақәа идыртәараны иҟоуп 315 миллиони 536 нызқь мааҭи.

Урыстәылатәи ацхыраара

Хнырҳәрадатәи Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраара ҩ-хырхарҭак рыла еиҿкаахоит: аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиареи 2020-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма анагӡареи.

Республиканская больница  - Sputnik Аҧсны
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аремонт Аинвестпрограмма иалалар ауеит

Урыстәылатәи Афедерациа хнырҳәырадатәи ацхыраара: асоциал-економикатә хықәказы – 3 миллиардки 246 миллион мааҭ, абиуџьеттә инвистициа аҳасаб ала афинанстә цхыраара – 1 миллиардки 500 миллион мааҭ.

Абиуџьет ахьазоужьхо

"2020 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект аныхрақәа рхышәа-ҵышәа 8 миллиардки 348 миллион мааҭ артәоит. Ари 583 миллион ма 6,5 % рыла 2019 шықәсазтәи абиуџьет еиҵоуп.

Абиуџьет апроект инақәыршәаны 2020 шықәса рзы агәабзиарахьчара иазоужьхоит 606 миллион мааҭ. Ари 27 миллион мааҭ рыла еиҵоуп 2019 шықәса рзы аасҭа.

Акультуреи АИХи ирзоужьхоит 317 миллион мааҭ, абаҩрҵәыреи, аспорти, аҿартә политикеи ирзоужьхоит 68 миллион мааҭ. Асоциалтә политиказ абиуџьет иазыԥхьагәанаҭоит 287 миллион мааҭ. Ари 28 миллион мааҭ рыла еиҵоуп 2019 шықәса рзы аасҭа. 2 миллиард мааҭ рзоужьхоит азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа: азакәанԥҵаратә мчра аусура (58 миллион), анагӡаратә мчра аусура (109 миллион), аӡбаратә система (216 миллион), афинанстә, ашәахтә, аҳазалхратә усбарҭақәа (329 миллион).

Арҭ 2 миллиардк рҟынтәи жәларбжьаратәи аусура иазоужьхоит 67 миллион, 50 миллион аҳәынҭқарра ауал иагоит.

"Алхрақәеи ареферендумқәеи" 5 миллион мааҭ рызкхоит. Уи аҟынтәи 4 миллионк АКХ аппарат аныҟәгара иазкхоит.

Атәылахьчара иазырхахоит 357 миллион мааҭ. Ари 2019 шықәсазтәи азоужьра иақәшәоит.

"Амилаҭтә шәарҭадареи азинхьчаратә усуреи" рзы иазԥхьагәаҭахоит миллиардки 438 миллион мааҭ. Ари 2019 шықәса раантәи аасҭа 28 миллион рыла еиҳауп" ҳәа аҳәоит адокумент.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0