Аԥсны иргәаладыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз аибашьцәа

Есышықәса Идырым асолдаҭ имш азгәарҭоит адунеи аҿы ԥхынҷкәын 3 рзы. Абри амш аҽны 1966 шықәса рзы Александр ибаҳчаҿы анышә иамадан идырым асолдаҭ иԥсыбаҩ.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥган ԥхынҷкәын 3 рзы.

Керч иҭахаз Аԥснытәи асолдаҭцәа рыхьӡқәа шьақәыргылоуп

Анышә иахьамадоу еилкаам Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду асолдаҭцәа ргәалашәаразы амшын аԥшаҳәаҿы игылоу абаҟахьы инеит Аԥсны иҟоу Россотрудничествеи Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи рхаҭарнакцәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩцәа, аҳҭнықалақь ауааԥсыра, ашколхәыҷқәа.

Аҟәа инхо Галина Жихорева Идырым асолдаҭ ибаҟа ашҟа днеит лаб игәалашәара аҳаҭыраз. Лаб Иван Шульга аибашьрахь иԥхьеит 23 шықәса анихыҵуаз, 1940 шықәсазы. Белоруссиа еибашьуаз Иван иҭаацәа хабарда дыбжьаӡит ҳәа адырра роуит аибашьра аԥхьатәи амзазы.

Аԥсны иргәаладыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз аибашьцәа
"Сани сандуи рыԥсы ахьынӡаҭаз саб иаара иазыԥшын. Дахьжу анузымдыруа иԥсы ҭоушәа агәра угоит. Саб аибашьрахь данцоз сара мгәарҭа сҭан. Асалам шәҟәалоуп сыӡбахә шиаҳаз. Абри абаҟа аҿаԥхьа сиасыцԥхьаӡа саб симҵахырхәоит", - лҳәоит лара.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнак Вадим Чеха иазгәеиҭеит ари арыцхә аҵак ду шамоу.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ибжьанарӡыз абиԥара: аишьцәа Жьиаа рлахьынҵа

Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски иажәақәа рыла, есышықәса Идырым асолдаҭ Имш азгәарҭоит адунеи аҿы ԥхынҷкәын 3 рзы. Абри амш аҽны 1966 шықәса рзы Александр ибаҳчаҿы анышә иамадан аибашьра адәы иқәгаз идырым асолдаҭ иԥсыбаҩ.

Медвенски иазгәеиҭеит 1941 шықәсазы Аԥснынтәи арахь ишрыԥхьаз 55,5 нызқьҩык асолдаҭцәа.

"Урҭ рыбжаҩыкгьы шьҭахьҟа изымгьежьит. Ари абаҟа аҿаԥхьа анышә иамадоуп Марыхәтәи ахыҵырҭаҿы 1942 шықәса рзы иҭахаз асолдаҭцәа. Идырым асолдаҭ дыҟаӡам. Досу ихатәы хьӡи ижәлеи имоуп. Ҳара иаҳуалу урҭ рхамшҭроуп", - иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: