Хабарда ибжьаӡыз аԥснытәи аруаҩ ихабар Ҟрым ираҳаит

© Sputnik / Томас ТхайцукИтоги первого экскурсионного тура в Крым "Пусть всегда будет солнце"
Итоги первого экскурсионного тура в Крым Пусть всегда будет солнце - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аибашьҩы Баграт Рашьыҭ-иԥа Арӡынба Митридат Идырым асолдаҭ инышәынҭраҿы джызар ҟалоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан хабарда ибжьаӡыз Аԥснытәи аибашьҩы Баграт Рашьыҭ-иԥа Арӡынба иӡбахә Ҟрым иҳаҳаит, ҳәа лҳәеит Sputnik аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы апроект "Карта гостя Крыма и Севастополя" акоординатор, арегионалтә ҟәша "Женщины бизнеса" анапхгаҩы Елена Иурченко.

Ахьӡ архынҳәра, Гагра - Sputnik Аҧсны
"Ахьӡ архынҳәра": хабарда ибжьаӡыз Виктор Канџьариа ихаҭара шьақәыргылоуп

Мактина Арӡынԥҳа - 2019 шықәса мшаԥымзазы, - 80 шықәса зыӡбахә ыҟамыз, Дәрыԥшь инхоз аруаҩ Баграт Рашьыҭ-иԥа Арӡынба имоҭа Урыстәыла акультура аминистррахь азыҳәа налышьҭит лабду иӡбахә аилкааразы.

Асаит "Память народа" адыррақәа рыла 1906 шықәса рзы ииз Баграт Арӡынба Гәдоуҭа араион арратә комиссариат аҟынтәи арахь иԥхьеит 1941 шықәса ԥхынгәымзазы. Хабарда дыбжьаӡит ҳәа азыԥхьаӡан 1942 шықәса абҵарамзазы. Убри иахырҟьаны 1943 шықәса жәабранмзазы аруаа рсиа даныхын.

1948 шықәса рзы Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҿы Баграт Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс ашәҟәы лыҭан лыԥшәма хабарда дшыбжьаӡыз азы.

"Шәабду дызлаз архәҭаз аинформациа зҳәо адокументқәа Атәылахьчара аминистрра архивқәа рҿы инымхеит. Иҟоу агәаанагарақәа рыла иара далахәызар алшон Аджи-Мушкаи адгьылаҵатәи агарнизон имҩаԥыргоз аҿагылара ма Керчҟа диасны хабарда дыбжьаӡзар мамзаргьы Тамань аӡхыҵраан дҭахазар. Аджи-Мушкаи ахьчаҩцәа рсиаҿы иӡбахә анӡам, аха урҭ асиақәа аамҭа-аамҭала ихаҳарҭәаауеит. Абри ашәҟәала Ареспублика Ҟрым акультура аминистрреи ҳареи адырра шәаҳҭоит шәҭахы Митридат, Идырым асолдаҭ иԥсыжырҭаҿы анышә дамадазар ҟалоит ҳәа", - аруаҩ имоҭа лзыҳәа аҭакс иаашьҭу ашәҟәы даԥхьеит Елена Иурченко.

© Sputnik / Томас ТхайцукХабарда ибжьаӡыз аԥснытәи аруаҩ ихабар Ҟрым ираҳаит
Хабарда ибжьаӡыз аԥснытәи аруаҩ ихабар Ҟрым ираҳаит - Sputnik Аҧсны
Хабарда ибжьаӡыз аԥснытәи аруаҩ ихабар Ҟрым ираҳаит

Мактина Арӡынԥҳа радио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ изеиҭалҳәеит лабду иҟынтәи иааз аҵыхәтәантәи асаламшәҟәы 1942 шықәса рзы Керчынтәи ишаашьҭыз. Аруаҩ ишәҟәаҿы иҩуан аибашьра ӷәӷәа дшалагылаз. Мактина лабду иӡбахә аинтернет аҿы дашьҭеижьҭеи хәышықәса ҵуеит.

Апроект Ахьӡ архынҳәра - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Шьоҭа Шәардлаа илахьынҵа шьақәнаргылеит

"Иӡбахәыс издыруаз маҷын. Исаҳахьан сабдуи иашьцәа хәҩыки аӷа иҿагыланы ишықәԥоз. Аишьцәа афҩык рҟынтәи ҩыџьа зыхнымҳәит: сабдуи иашьеиҵби. Уигьы иӡбахә интернет аҿы исыԥшааит. Уи аҭаацәара даламлацызт. Аконцлагер аҿы дҭахеит. Даара исҭахуп анышә дахьамадоу аилкаара", - ҳәа еиҭалҳәоит Мактина.

Мактина лабду ихабар ала узхьынҳалашаз ҭәицны иҟаз аҵыхәтәантәи ишәҟәы Керчынтәи иахьааз акәын. Аамҭақәа краԥхьа Мактина лаҳәшьеи лареи ахәыҷқәа рыцны рхы аладырхәит апроект "Пусть всегда будет солнце". Апроект амаршрут иаҵанакуан Керчгьы.

"Абри анеилыскаа иаразнакы издырит ус баша акгьы шзыҟамло. Иаразнакы сылабжыш ааит. Аԥсшьарагьы ҳаламгакәа Митридат ашьха ҳхалеит. Иҳацыз ауаа сразҵааит сабду ихабар абеилыскаари ҳәа. Урҭ ирҳәеит Аджи-Мушкаиҟа ҳцараны ҳшыҟоу, ишалшо 1942 шықәса рзы сабду уа дҭахазар", - ҳәа лҳәоит Мактина.

Аджи-Мушкаи Мактина Ҟрымтәи амузеи адиректор диабадырит. Иара Баграт Арӡынба изы аинформациа ааныжь ҳәа леиҳәеит. Сааҭкгьы мҵыцкәа Елена Иурченко Мактина адырра лылҭеит лабду ихабар шеилкаахаз азы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0