Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ибжьанарӡыз абиԥара: аишьцәа Жьиаа рлахьынҵа

© Sputnik / Сергей Мелконов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа 78 шықәса ҵит рашәара 22, 1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалагеижьҭеи. Уи хамеигӡарала рҽаладырхәит жәла-жәлала, ҭаацәа-ҭаацәала аԥсуаагьы. Азеиԥш ԥсадгьыл анемец фашист иҟнытә изыхьчоз ҳауаажәлар рыгәҭа иҟан Гәдоуҭа араион, Мгәыӡырхәа ақыҭан ииз, иааӡаз хәҩык аишьцәа гәакьацәа Жьиаа, урҭ рахьтә хҩык иахьа уажәраанӡа хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Мгәыӡырхәа ақыҭан унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, анхара ду ныҟәызгоз, анцәа ишиҳәара иҟаз Быџь Жьибеи иԥшәмаԥҳәыс Рабиа Барцыцԥҳаи ирааӡеит быжьҩык ахшара - хәҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Ақыҭанхамҩа знапы алакыз аҭаацәара усҟантәи аамҭазы амал змаз ҳәа иԥхьаӡан.

Асовет еидгыла аӷа хәымга данақәла, агәаӷь зызҭаз Быџь иԥацәа рыхәҩыкгьы аԥсадгьыл аиқәырхаҩцәа ираԥхьагылеит.

1941 шықәсазы Гәдоуҭатәи арратә комиссариат аҟнытә Ҟрым ахырхарҭахь идәықәҵан аишьцәа Ҳаџьыми, Камыгәи, Ҳабыгәи, Аруҭани, Крицкеи.

© Foto / Саида ЖибаКамыгә Жьиба
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ибжьанарӡыз абиԥара: аишьцәа Жьиаа рлахьынҵа - Sputnik Аҧсны
Камыгә Жьиба

Ԥыҭраамҭак ашьҭахь, ахшара иреиҳабыз, зықәрагьы акыр инеихьаз Ҳаџьым аҩныҟа ддыргьежьит. Аруҭан, Кьерчтәи аӡыбжьахала азааигәара ахәра ӷәӷәа аниоулак, аацҳамҭа ззынашьҭыз иаҳәшьцәа аҩныҟа дааргоит.

Камыгәи, Ҳабыгәи, Крицкеи ракәзар - иахьа уажәраанӡа ирлахьынҵахаз еилкаамкәа иаанханы иҟоуп. Урҭ рҭынхацәа Аҳәынҭқарратә архив аҟны ианаадҵаалаз излареилдыркааз ала, аибашьра цонаҵы руаӡәк 1942 шықәсазы, аҩбатәи 1943 шықәсазы хабарда ибжьаӡит ҳәа иахьаныз адокументқәа рыдыргалеит. Урҭ адокументқәа рҟны ашықәса ада, иахьыбжьаӡыз аҭыԥгьы арбамызт. Аишьцәа рахьтә ахԥатәи иакәзаргьы, уи дшыбжьаӡыз аҟароуп ирарҳәаз, архив аҿы ашықәсҵәҟьагьы рзышьақәмыргылеит.

© Foto / Саида ЖибаҲабыгә Жьиба
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ибжьанарӡыз абиԥара: аишьцәа Жьиаа рлахьынҵа - Sputnik Аҧсны
Ҳабыгә Жьиба

"Ҳабацәа ирҳәоны иаҳдыруа, Ҟрым ахырхарҭахь ишдәықәҵаз ауп, уантәи иахьагаз еилкаам. Сара сабду Аруҭан иҟынтәи ауп уи шеилыркааз. Уи иажәақәа рыда иахьа уажәраанӡа урҭ реибашьратә мҩа иахьалагаз атәы злаҳдыруа ҳәа акгьы ҳамаӡам. Иара ииҳәалон аибашьра адәаҟны аишьцәа шеицәыӡхьаз. Ари агәыхь иԥсы ахьынӡаҭаз ицын. Ҳаргьы ҳҭаацәаратә ҭоурых ахьбжамҽаму акырӡа иаҳныруеит. Дгьыл наӡарак акәзаргьы, рыԥсыжырҭақәа ахьыҟоу ҳдыруазар, иахьа уажәраанӡа ҳцахьазаарын, уи алагьы ҳгәы ҿаҳҳәон", - ҳәа азгәеиҭоит амоҭа Шәарах Жьиба.

Абас, анемец фашист иаԥшьигаз аибашьра хлымӡаах илалахәаша ицеит абиԥара дуӡӡак зхылҵраны иҟаз хҩык аишьцәа гәакьацәа Жьиаа.

Ҳабыгәи Камыгәи афронт ахь иандәықәлоз, аӡәаӡәа аԥҳацәа рыман. Урҭ аразҟқәа роуит, џьоукы ргәараҭақәа дырԥшӡеит, аха раб иҩны аҵәҩаншьап нымхеит.

Крицка зегьы дреиҵан, инасыԥ имԥшаӡаацызт.

© Foto / Саида ЖибаКрицка Жьиба
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ибжьанарӡыз абиԥара: аишьцәа Жьиаа рлахьынҵа - Sputnik Аҧсны
Крицка Жьиба

Аибашьра иалҵыз Ҳаџьыми Аруҭани рашьцәа рылымкаа ирцәыцәгьан аԥсҭазаара алаԥшра. Раҳәшьцәеи дареи иахьынӡарылшоз ииаҭымхаз ахәыҷқәа ирыцхраауан, рҭацацәа ирывагылан. Иазгәаҭатәуп, усҟан амал иазрыцҳамыз Быџь иҭаацәа аҳәынҭқарра аӡбарала рмазара зегьы шрымхыз, иԥдыргеит рыҩнгьы. Аамҭа еиқәаҵәа иалнаршомызт ашьапы ақәгылара, ирхыргар акәхеит имаҷымкәа аԥсҭазааратә мыҟәмабарақәа.

Шықәсқәак раԥхьа активла аусура иалагеит апроект "Ахьӡ архынҳәра". Уахь иадҵааларц ргәы иҭоуп аишьцәа Жьиаа рҭынхацәа. Издыруада, мышкызны, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны хабарда ибжьаӡыз хҩык аишьцәа гәакьацәа Камыгәи, Ҳабыгәи, Крицкеи Жьиаа рфырхаҵаратә хьӡы шьақәыргылахар…

Ажәабжьқәа зегьы
0