Аҭоурых ахамшҭразы: Сариа Лакоба лгәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы

Сариа Лакоба лгәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы, афотоцәыргақәҵагьы ацны. Ацәыргақәҵаҿы афотосахьақәа рыдагьы, иӡырган архивтә документқәа.
Sputnik

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба, Фазиль Искандер, Станислав Лакоба – аекран аҟынтәи арҭ зегьы злацәажәоз Сариа Лакоба лакәын.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Сариа Лакоба лгәалашәара иазырхаз алитература-документалтә хәылԥазы РУСДРАМ аҿы ихацыркын Сариа Лакоба, Нестор Лакоба ирзааигәаз ргәакьацәа, рҭахцәа рыԥсҭазаара, усҟантәи Аҟәа аҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылара алзыршо архивтә видеоқәа дырбарала.

Сариеи Нестори рыҩны

Асцена иқәыҩуан Адиле Аббас-оӷлы лмемуарқәа "Не могу забыть", Семион Липкин ипоема, Мариетта Шагинианн ланҵамҭақәа уҳәа рҟынтәи ацыԥҵәахақәа. Ахәаԥшыҩцәа азыӡырыҩуан Сариа Лакоба абахҭаҿ илыцҭакыз ргәалашәарақәа.

Атеатртә ҟазшьа зҭаз асценари азирхиеит аҭоурыхҭҵааҩ Станислав Лакоба, асценаҿ аматериал аԥсы ахарҵеит РУСДРАМ актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа, Сариа лроль назыгӡоз Милана Ломиаԥҳа, Нестор ироль назыгӡоз – Инал Инаԥҳа.

Аҭоурых ахамшҭразы: Сариа Лакоба лгәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы
"Ҳара иаҳҭахуп аиашара аԥыжәара аиурц, Сариа Лакоба лбаҟа ргылахарц, лгәалашәара мыӡырц", - лҳәеит алитература-документалтә хәылԥазы ашьҭахь Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҭоурых-мемориалтә музеи адиректор Лиудмила Малиаԥҳа.

Аҭоурыхҭҵааҩ, Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Станислав Лакоба игәаанаграла, хымԥада Сариа лбаҟа аргылара ахәҭоуп. Ари атәы изныкым иалацәажәоижьҭеи. Раԥхьаӡа акәны абри атәы иҳәеит СССР апрокурор хада, Ниурнбергтәи апроцесс алахәыла, Роман Руденко. Уи ашьҭахь – Фазиль Искандер.

Аҭоурых ахамшҭразы: Сариа Лакоба лгәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы
Диана Задеԥҳа: сандуи сабдуи Сариа Лакоба лзы ашәы ршәуп ҳәа, Аԥсны иахцан

"Еиҵагылеит Сариа лҭоурых ззымдыруа абиԥарақәа", - ҳәа азгәеиҭоит Лакоба.

РУСДРАМ аҿы имҩаԥысуаз ахәылԥаз аҿы Лакоба имемориалтә музеи адиректор Сариа лбаҟа аргылараз аԥареизгара рылалҳәеит.

РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит Сариа лгәалашәара шырӡтәым, раԥхьа иргыланы усҟантәи агхақәа уаҵәы иҟаҳамҵарц азы.

"Ҳара гәык-ԥсык ала иазгәаҳҭеит Аԥснеиԥш, адунеи зегь аҿы зыӡбахә рдыруа аԥҳәыс ссир илызкыз ахәылԥаз. Сынтәа иҵит 80 шықәса Сариа дҭадырхеижьҭеи. Нестор Лакоба имемориалтә музеи аԥшьгаразы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит", - иҳәоит Хынҭәба.

Аҭоурых ахамшҭразы: Сариа Лакоба лгәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы

Сариа Лакоба лгәалашәара ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы, афотоцәыргақәҵа ацҵаны. Ацәыргақәҵаҿы афотосахьақәа рыдагьы, иӡырган лыԥсҭазаара аазырԥшуаз архивтә документқәа.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭазы иаркыз ацәашьқәа ажәҩан иалаҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: