Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Малиа Сариа Лакоба лзы: леиԥш аҭоурых аҿы дыҟам

© Sputnik Лиудмила Малиаԥҳа
Лиудмила Малиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба имузеи аиҳабы Лиудмила Малиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит Сариа Лакоба лхаҿсахьа аҭоурых аҿы Нестор Лакоба иеиԥш ишазаанхо.

Нестор Лакоба иԥшәма Сариа лгәалашәара иазку ахәылԥаз мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 5 Аурыс драматә театр аҿы.

Малиа Сариа Лакоба лзы: леиԥш аҭоурых аҿы дыҟам

"Нестори Сарии рыпату еиқәҵашьа, лара шаҟа иара изы лхы лымшаҭоз уаршанхартә иҟоуп. Асовет мчра аамҭаз ирацәаҩуп Сталини Бериеи ранапала гәаҟрыла зыԥсҭазаарақәа ҿахҵәаз, иахьабалак аҭагылазаашьа цәгьан, аха Сариа леиԥш агәымшәара злаз дузыԥшаарым. Лхәыҷы лҿаԥхьа дыршьуан, лашьцәа… аха Нестор ипату џьара иаахылымҵәеит. Иара иԥсадгьыл дшазықәԥоз еиԥш ларгьы дықәԥон, лыԥсы ҭыҵаанӡа убри акәын дзызхәыцуазгьы. Лыԥсы анҭыҵуазгьы, Нестор ажәлар дышраӷоу азы ашәҟәы лнапы аҵалҩыртә инаргеит, аха акгьы ҟалымҵеит. Нестор иеиԥш ацқьареи, зыԥсадгьыл азы зхы зымшаҭоз лакәын ларгьы. Аҭоурых аҿы дыҟам лара илеиԥшу аԥҳәыс, зхы-зыԥсы иамеигӡоз, зхаҵа ихьыӡ ҭызгоз - уи имариаӡам аԥсҭазараҿы", - ҳәа еиҭалҳәеит Малиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0