Саб аҳәса дшыржьаз: амассажҟаҵаҩы-тәанчаҩы дзықәшәаз хҭыск

Аус зуа ауаҩы, иқәра анааилак, тәанчара дцароуп. Аха иахьатәи ҳаамҭазы, ажәлар рҟны лафны ишырҳәо еиԥш, аӡәырҩы "ршьапқәа рыла ԥхьаҟа идәыларгаанӡа" рхала арзаҳал ҩны ицо дмаҷҩуп. Уи аҭагылазаашьа раԥхьа иргыланы атәанчаҩы изеицәоуп.
Sputnik

Аха ус уҳәаргьы, "аҩны ҳтәар ҳаԥсуеит" ҳәа азгәазҭо абыргцәагьы ыҟоуп. Убарҭ рыгәҭа дгылоуп сабгьы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

55 шықәса раахыс амассажҟаҵаҩыс аус зуа саб Владимир Жьиба, сынтәа 80 шықәса ихыҵит. Хымԥада, иара 20 шықәса раԥхьагьы ари аус нижьыр акәын, аха ихы дақәгәыӷуан аҟнытә, иахьа уажәраанӡа ауаа рымаҵ иуеит.

Ҽаӡәы иԥхӡаша злоу уӡар, иухаҳаӡом, мамзаргьы сан аӷьыч дшылкыз

"Ухы дыр, ҳара ҳазгьы иԥхашьароуп, раб абырг аус имур дара дырзымбаӡои ҳәа ҳзырҳәо иҟаумҵан", - ҳәа ҳашгәамҵуагьы, иӡырҩуа иакәӡам.

Иара икабинет аԥсшьарҭа ҩнаҿы иҟоуп азы, еиҳарак ачымазаҩцәа анидҵаало аԥхынра ауп.  Атуристцәа рнаҩсгьы, ицхыраара иаҳәоит аҭыԥантәи ауааԥсырагьы. Егьараан ҳауаажәлар хәыда-ԥсада дрыхәахьан, аиҳарак ахәыҷқәеи аибашьра аинвалидцәеи.

Аӡәгьы изы имаӡаӡам ҳҵасқәа рыла, аԥсуа ҳәсацәа амассажҟаҵаҩы ахаҵа иахь анеира ишацәыԥхашьо. Аха ус егьа иҟазаргьы, ахьаа анумоу аҳақьымцәа ахацәа-аҳәса ҳәа  иузеилыхуам. Исгәалашәоит зны, қыҭак аҟынтәи зыбӷа ахьҭа алалаз, зшьапы изықәымгылоз ҭакәажәык дрыманы аҵхыбжьон аҩны ианаа, саби лыҷкәыни ас амассаж аӡәгьы иҟаиҵом ҳәа шларҳәозгьы, лымаҭәа шылшәылымхаз. Ииулак аласха кьаҿ инацәақәа аларԥаны, мчыла дааирҟәыҷын, аха имч лықәымхошәа аниба "ари сара сызлыцхраауам, амассажҟаҵаҩ аԥҳәыс дшәыԥшаа" ҳәа аҩныҟа ддәықәиҵеит. Ари ахҭыс есқьынагьы алаф анахаҳамҳәаауа ыҟам.

Аха зегь раасҭа сзырлахҿыхуа мышқәак раԥхьа иҟалаз "акомедиа" ауп.

Атерапевт илҭааз, зҟәаҟәа аџьыкхыш ықәхтәыз 50-55 рҟынӡа зхыҵуаз ҩыџьа аԥсуа ҳәсақәа амассаж ауп ишәыхәо ҳәа саб иахь иналышьҭзаап. Иара рыпроблема анҭиҵаа, жәаба-жәаба сеанс амассаж рзалиҩааит. Есыҽыны аамҭа арбаны шәааироуп ҳәагьы нациҵеит. Ахәшәара атема анцәырҵ, сеанск зыԥсаз деилиркааит, аха аԥсуаа рҟны ишыҟаиҵалац еиԥш аҵыхәтәаны ҳаибабап иҳәеит.

"Акурорттә роман" акәицқәа

Амассажҟаҵара хымԥада амч аҭахуп. Саб иқәра маҷым азы, ачымазаҩцәа рыгәрагара ицәыӡыр ҳәа дацәшәаны, имч илша зегьы дара ирықәирӡуеит, доусы 30-40 минуҭ аус рыдиулоит. Саб акабинеҭ ахьимоу аԥсшьарҭа ҩнаҟны аус руеит амассажҟаҵаҩцәа ҿарацәагьы. Аха зыӡбахә сымоу аҳәса абырг ҳаицәыԥхашьом, иара иахь ҳныҟәалааит ҳәа ларҳәазаап атерапевт, амассажҟаҵаҩцәа анеиқәылԥхьаӡа.

Аиашазы ицәыԥхамшьеит… Аҵыхәтәантәи ажәабатәи асеанс аҽны, изхысыз ахәшәтәра ахә шәатәын аҟнытә, имааӡеит. Хәыда-ԥсада жәба-жәба массаж рыздырхеит.

Абри ахҭыс атәы, саб аҩны ианаацәырига, "шаҟантәи иуаҳҳәахьеи, уаҟәыҵ аусура, алыгажә дҳамжьар уаҳа иаҳжьода ҳәа ишыухыччо умбаӡои" ҳәа сан диқәҵәҟьо далагеит. Саргьы илҳәаз адгылара анасҭа, "сыржьеит ҳәа баша ргәы иаанагоит, сара аԥара рымсымхып ҳәа акәын" иҳәеит. Ари аҭак ҳара ҳарччеит, иара ихы алаҿихит.

Хымԥада, арҭ аҳәса амассажҟаҵаҩ дҿазар, ас еиԥш ахымҩаԥгашьа ргәаӷьуамызт. Иара ари аҭагылазаашьа саб инарҵазгьы ҟамлеит. Ауаа рыгәра шигац игоит.

Сара иџьасшьо ҽакуп. Жәымш дуӡӡа ицәгьахәыцуа, абырг дшыржьаша ӡбаны имҩа ианыз аԥсуа ҳәсақәа рхаҿы имааиӡеи, амассаж ахь иназышьҭаз атерапевт лыла рыӡбахә шеилаҳкаауа…

Ари ахҭыс аморал аҵоуп, ианаамҭоу тәанчара уца, ухы узымдырыр, ҽаӡәы ацәгьара иурҟаҵоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: