"Акурорттә роман" акәицқәа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАкурорттә роман
Акурорттә роман - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәсеи аҭыԥҳацәеи рахьтә аӡәгьы мап ҳазкуам, Аԥсны ииуа акурорттә романқәа рфырхацәа хадақәа иреиуоу аԥсуа хацәа ҳрықәыӡбаӡом ҳәа. Аха абзиабара "иамҽханакуа" аганқәа фышықәса анырхыҵуа, уи умарлахҿыхар ауам.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Есышьыжь, аусура сцаанӡа, сҩызеи сареи акаҳуа еицаҳжәуеит, иҳаҩсыз амш алкаақәа азыҟаҵо.

"Нас, ишәымеи иҿыцу?" ҳәа абжьааԥнеиԥш азҵаара сҭиаанӡа, "Саида, иацы аџьашьахәы ҳаман, сыҷкәын сирхагеит" ҳәа лажәабжь дналагеит Мадина...

Ани аԥеи - Sputnik Аҧсны
Ҳаржьон: ҳхәыҷра иазынхаз аԥсҭазааратә "лакәқәа", насгьы урҭ рыда аԥсҭазаара

...Мадина лыдәқьан аҟны иқәгылаз аԥҳәыс аԥсшьара даҳәан аҟнытә, длыԥсахын, лхала аҭира ҳәа дықәгылоит. Фышықәса зхыҵуа лԥа Давид, ахәыҷбаҳча доунажьхьеит азы, лыдәқьан азааигәара инхо лан лҿы дынлыжьуеит, лусура хлыркәшаанӡа.

Уажәааны, Гаграҟа аԥсшьаҩцәа андәықәло иаамҭоуп, ахатәы ҩнқәа рҿгьы издызкылахьогьы рацәаҩӡоуп.

Мадина лан Галинагьы, ҩымш раԥхьа Москвантәи иааз хаҵеи ԥҳәыси фышықәса зхыҵуаз рыԥҳаи лыдылкылазаап.

Иацы, ианду лҿы еибыдырыз Давиди асас хәыҷы Ленеи аҽны хәлаанӡа еицыхәмаруан, шьыбжьхьа афарагьы мап ацәкны.

Мадина лынхамҩатә дәқьан иавагылоу аԥхынтәи акрыҭиирҭатә ҭыԥ, уажәы-уажәы лыҷкәын дшавагьежьуа гәалҭеит. Иара, еидикылахьаз иԥара хәыҷқәа рыла зны аршәы игеит, нас ашәырӡы, убас егьырҭ ахаамыхаақәа.

Мама с ребенком - Sputnik Аҧсны
"Аглахьа", ма "агылхьа": ани ахәыҷи ирыдҳәалоу аныҳәарақәа рзы азгәаҭақәа

Мыцхәы азлара ахәыҷы изеицәоуп аҟнытә, Мадина лганаҿы акрызҭиуаз лгәылҽанылҵеит уаҳа ибымҭан ҳәа. "Ари Лена лзоуп, сара сзы акәӡам" ҳәа шлаҭеикыз налалҳәеит уи аԥҳәыс.

"Лена анылҳәа, иаразнак сцәа иалашәеит дазусҭоу. Сан аҭел сылзасын, Давид цқьа бишьклаԥши ҳәа анапынҵа лысҭеит. Жәаминуҭкгьы мҵыкәа, аӡӷабцәа мацара зааӡахьаз, аҷкәынцәа рхымҩаԥгашьа атәы лымҳаҭасла изаҳахьаз сан, арҵәааҳәа лыҳәҳәабжь геит. Сгәы ҭҟьаны, иҟалазеи ҳәа снеизар, Давиди Ленеи рылаӷырӡқәа рҿықәыҳәҳә игылоуп, "акурорттә роман" зыбжьалаз "ахсаԥыҭқәа" дара ртәала "ишгәыдибакылоз" иақәыркзаап", - лажәа аҵыхәанӡа иналыгӡаанӡа, аччара иамҽханакыз Мадина анаҩс саргьы сылзынкыломызт.

Излеилкаахаз ала, Давиди Ленеи ирацәҳаит, амораль "ирзаԥхьеит". Аха абзиабара ас иаразнак "иузшьуам". Иахьа ашьыжь Давид иан "аусура багхоит" ҳәа асааҭ быжьба рзы дирҿыхеит.

Городские соревнования по национальным видам спорта среди школьников - Sputnik Аҧсны
"Хьӡы алаугааит!" - аҷкәын ахаҵара иазкра аҧсуа традициатә ааӡарала

"Абжьааԥны ахәыҷбаҳчахь ааба рзы исызмыргылоз уажәы ианду лахь ацара даргәаҟуан. Абри агызмалгьы сара сижьоит. Дугәаԥхама ҳәа сыхәмаршәагьы саниазҵаа, мап имкит, "ааи, Лена дыбзиоуп, иԥаны илықәу лыхцәгьы ԥшӡоуп. Ибдыруама, мама, ҳаҩны ҳамҭас илысҭеит" ҳәа саимҳәеи, "ақәыџьма". Уажәнатә ас иалагаз, нас дызлааныскылои", - лҳәан, ахацәа зегьы ааизакны ҳаарықәымчит.

P.S. Иахьа, Давид "ила ажьа амкит". Ианду ауада ддәыллыжьуам. Лена лакәзар, уажәы-уажәы аҵк ҿыцқәа лышәҵаны, асаркьа зҭасоу ашә дадгыланы, Давид диеиҽырбоит, иара ила ҭраа дкылԥшуеит. Уи шьақәзырӷәӷәогьы маӡалатәи афотоҭыхымҭа ҟарҵеит.

Згәалаҟазаара бжьысу Давид иацаахыс иацәажәо аҭак риҭом, иҟалазеи ҳәа цасҳәа ииҟәамҵуа "сгәы сыхьуеит" ҳәа реиҳәозаап.

"Саҳаҭыр ббозар, сбыҳәоит еицыхәмарырц азин рыҭ" сҳәан, сыччара сызнымкыло, "акурорттә роман" акәицқәа рырцәара иашьҭалаз лҿаԥхьа аҳәара шьҭасҵеит, иалҵуа еилкаахоит уаҵәтәи ҳкаҳуажәра аамҭазы…

Ажәабжьқәа зегьы
0