Хәы-шықәса раԥхьа сшазыԥшӡамыз сыԥсҭазаара иалаҵәеит Sputnik Аԥсны.
Дарбанзаалак ауаҩы иԥсҭазаараҿы аҵак ду амоуп инапы злаку аус. Уаанӡа, акыршықәса Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аус зуан. Уаҟагьы аиҭагара снапы алакын. Сыгәгьы иахәон иҟасҵоз. Сара еснагь бзиа избоит иҟауҵо аус алҵшәа анубо. Ухатәы хәшьарагьы анузықәыргыло.
Урҭ аамҭақәа раан сара сыԥсҭазаараҿ ахатә рыцҳара аҭыԥ аман – сыҷкәын иԥсҭазаара иалҵра зегьы ириааиуа исзыҟан. 2014 шықәса ԥхынгәымзазы аҭел дысзасит Sputnik Аԥсны аԥсуа редакциа аредактор Алина Жьиԥҳа, исыдылгалеит еиҭагаҩыс аусура. Сақәшаҳаҭхеит. Иахьа уажәраанӡагьы гәаныла иҭабуп ҳәа ласҳәоит Алина, избанзар уи дыԥсеиқәырхаҩхеит. Сусура ҿыц атемпқәа уаанӡа снапы злакыз акы иеиԥшымызт. Ара аҳра руан абарҭ апринципқәа: арццакра, апрофессионализм, уаамҭа зегьы уус азкра, аҽахыгара аҟамлара.
Ажәакала, сара шьыжьы инаркны иаахәлаанӡа схы-сыхшыҩ зегь зызкыз сусура акәын. Аамҭа ансымазгьы иеиҭаганы ирзынасышьҭхьаз атекстқәа сеиҭарыԥхьон. Заҟантәгьы схы сазгәаахьааз – ари ажәа ацынхәрас даҽа ажәак зысымԥшааи, абри аҳәоу аҽакала изеиҿасмыртәи ҳәа.
Аиҭагаҩ – культурала зынӡаск еиуеиԥшым ауаа, ажәларқәа еимаздо уаҩуп, цҳауп. Аиҭагаҩ иаԥиҵоит аилибакаара, аиҩызара ратмосфера. Уи адагьы, аиҭагаҩ иус еснагь ахы аус адулара аҭахуп, аиҳаракгьы асеиԥштәи ахырхарҭаҿы, еиуеиԥшӡам атемақәа аус рыдулараан дара ирху-ирҵыхәоугьы еилукаауазароуп. Иҟалоит ажәак еиуеиԥшӡам аҵакқәа аманы ианузцәырҵуагьы, аконтекст иадумҳәалар, иаҳәо ҳәаӡамкәа ианаанхогьы. Уи анаҩсгьы аԥсуа бызшәа аиҭагаҩцәа иҳамоуп арыцҳарақәа, ҳҩышьаԥҟарақәа рҟны еиуеиԥшым агәаанагарқәа ахьыҟоу, аорфографиатә жәар аҟамзаара, атерминологиа есааира аԥсахрақәа ахьалагалатәу уҳәа ирацәаӡаны.
Ус шакәугьы, сара сус бзиа избоит – агәахәара снаҭоит. Sputnik ажәабжьқәа шамахамзар иахьаԥхьатәиу азы сара соуп иҟалаз ахҭыс зегьы ирзеиҭазҳәо. Сажәабыжьнагаҩуп, ажәакала.
Ауаҩы иус аматериалтә ҭак еиԥш хымԥада инаҭозароуп аморалтә гәаҳәареи агәахәареи. Ауаҩы изанааҭ инаҭозароуп ачахә еиԥш агәырӷьарагьы.
Иҟалалоит ҽынлеиԥш, уахынлагьы аус анутәхо, аусурамшқәа раан еиԥш аԥсшьарамшқәа раангьы уанадтәалоу. Аха шамахамзар "сгәы шԥаԥҵәеи" ҳәа сымҳәац. Исызмырҳәогьы сус ахь исымоу абзиабароуп.
Sputnik Аԥсны адунеи амедиатә еилазаараҿы ахатә ҭыԥ ннакыланы иҟоуп. Иалшахьеит аџьшьарақәа роура. Амаҵзура анапхгареи аусзуҩцәеи рҳәоуеиқәшәареи ражәеиқәшәареи уи аҭагылазаашьа ԥхьаҟагьы иарҿиалоит.
Sputnik Аԥсны, мҩамш уаҵәгьы уаҵәашьҭахьгьы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Иҟамлааит уаҳа ҳадгьыли ҳажәлари еиҟәыганы
Аицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит
Ҩажәи хәба шықәса ирыламӡыз ахьаа