Анцәа ҳаҭеимҵааит

© Sputnik Лев РыжковУроки абхазского языка
Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа аԥеиԥш, ҳҳәынҭқарраҿы ахатәы бызшәа ахархәара ахьынӡамоу, абри азы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа.

Иахьа ҳара зегьы гәҭакны иҳамоу аԥсуа ҳәынҭқарра аргылароуп. Економикала иҿиоу аҳәынҭқарра ҳаур ҳҭахуп. Анцәа иҳәар иҟалоит уи мышкызны. Агәра згоит. Аха иҟоуп зыгәра сзымго акы – изызҳаргылода? Иаҳҳәа иааӡа ҳбызшәа аӡра амҩа иануп. Аӡәы лыҵкы арахәыц ацәылӡон ҳәа шырҳәо еиԥш ҳхы изацәааӡарызеи иҟоу аиаша.

"Аԥсуа бызшәа хымԥада ада ԥсыхәа ыҟам, ихьчатәуп" ҳәа зҳәо реиҳараҩык, аиҳараҩык ачынуаа, рыгәра згаӡом. Избанзар, ирҳәои ируеи еиқәшәаӡом. Рыҩнаҭақәа рҿы рхәыҷқәа идҳарҵандаз ҳәа ишымгәаҟуа здыруеит. Ҳара ара зегьы ҳмаҷӡоуп. Аӡә иҟаиҵо егьи идыруеит. Аҽраԥшразы ацәажәара еиҳагьы ибааԥсуп. Ароман ду, ажәеинраала ссир зҩыз ауаҩы ихшаз замыԥхьо ишыҟоугьы аадыруеит. Атәым бызшәа рыхшара ирҵарц аԥара ду зшәо ани аби аԥсшәа рҵарцаз мааҭк зымшәо шыҟоугьы аадыруеит. Аԥсуа жәлар адунеи иануижьҭеи аԥсшәа ахархәараҿы иахьа ицәырҵуа ауадаҩрақәа реиԥш ахаангьы иҟамлацызт ҳәа сыҟоуп.

Иахьа Аԥсны аҳра зуа атәым бызшәоуп. Уи ирҵауланы аԥсуаа ирылаҽуа иалагеит. Ҳақалақьқәа рҿы изызҳауа ахәыҷқәа ишилак инаркны иарала ирацәажәо иалагоит. Шамахамзар дарбан ану аԥсышәала агарашәа зҳәо? Уи абызшәа амҽхак даара иарҭбааит.

Иахьа ишцо ианца, атәым культура ҳиааиуеит, иҳазгәамҭаӡакәа ҳаанахәоит, атәым бызшәа ҳаҵанарӡуеит. Абызшәа аныӡ ҳаргьы милаҭк аҳасаб ала ҳаӡуеит. Иаанхо ҳадгьыл ауп. Уи иқәынурхалак ауагьы иҟалоит.

Амилаҭ рыԥсихологиа злашьақәгылоу абызшәалоуп. Абызшәа ыӡыр, иӡуеит азқьышықәсақәа ирылыхәхәа иааз иҷыдоу ҳаԥсихологиагьы. Уи иацу акыр ирацәоуп.

Детские книги на абхазском языке - Sputnik Аҧсны
Избан, изыҟалазеи абас ҳҳәартә еиԥш?

Аԥсуа ҳәынҭқарра иашьагәыҭу аԥсуа етнос ауп, аҳәынҭқарратә бызшәагьы аԥсшәоуп, уи Аԥсны Аконституциа 6-тәи ахәҭаҷ аҿы иарбоуп. Аха акрааҵуеит иқәгылоижьҭеи ҭак змауз азҵаара: иабанӡанаҳагӡо?

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа роума, аҵараиурҭақәа роума– џьарамзарак џьара аԥсуа бызшәа инеиԥынкыланы иахьа аус аларуӡом! Зны-зынла аурыс бызшәа иаԥыршьуеит, аха уи ус баша ҽраԥшроуп.

Владислав Григори-иԥа ихаан атәылаҿ аус зуаз аусбарҭақәа зегьы рыҟны аԥсуа бызшәа аиҭагаҩ иштат алагалан. Иахьазы акык-ҩбак, збызшәа згәы азыблыҵәҟьо зхагыло рҟны акәымзар урҭ аштатқәа аԥырхит. Аиҳаракгьы уи уаҩы ибартә имарианы иҟоуп асаитқәа рҿы. Шамахаӡак акәымзар русура ауаа ирыладырҵәоит урыс бызшәала. Иара аԥхашьаразыҵәҟьагьы аурыси иакымкәа-иҩбамкәа атәым бызшәақәа рыла зсаитқәа еиҿызкаауа аминистррақәа, аилакқәа, аилахәырақәа аԥсуа бызшәала ахырхарҭа аҭахнгьы ирбом. Аԥсуа бызшәала аиҭагаҩ ирҭаша 10-15 нызқь мааҭ иеигӡозар акәхап. Издырыр сҭахын урҭ зымаҵ руа аԥсуа ҳәынҭқарра акәу аҽа ҳәынҭқарроу?

Абызшәа акультура аусхк мацараҿ акәымкәа аҳәынҭкарра ахы-аҵыхәа зегьы аҿы аус ауа иҟаҵатәуп. Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан аус аурц, уи анамыгӡаразы ахьырхәра узахымԥо иҟазароуп. Иҟан аамҭак аԥсуа бызшәа ззымдыруа анапхгаратә усурахь инагара азин ҟамлааит ҳәа азҵаара анықәгылаз. Нас??? Иаҳҳәои иаауеи агеи ашьхеи реиԥш еицәыхароуп.

Аза Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәа агьама амч ӷәӷәоуп

Дасу ииҭаху иҳәааит, шәиашоуп ма шәиашам ҳәа ахырҳәааит аха аԥсуа бызшәа знапы алаку роума, аԥсуа литература, аҵарадырра уҳәа знапы рылаку аусҳәарҭақәа русзуҩцәа роума азхьаԥшра рыҭатәуп иналкааны. Аӡәы ҳаицәыԥхашьартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳаманы ҳаҟаӡам.

Аԥснытәи ашәҟәҭыжьырҭа заҵәы аҟны, аԥсуа газеҭ заҵәы "Аԥсны" аҟны, аԥсуа журнал заҵәы "Алашара" аҟны, аԥсуа хәыҷтәы журнал заҵәы "Амцабз" аҟны (зегьы-зегьы "заҵәы" ҳәа рзаҳҳәоит) абжьараулафахәы 4-5 нызқь иреиҳам.

Иахьазы аԥсуа бызшәа аихаҳара знапы алаку ауаа рҭаацәа ныҟәыргартә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥҵам. Уи акәым исҳәар сылшоит урҭ аҟәрышьқәа иахьатәи аамҭазы ауаҩы дладырҟәуеит ҳәа. Уи акәындаз, иладырҟәуеит инапы злаку аусгьы.

Аиашазы уи иазхьаԥшуа ҳәагьы уаҩ дыҟам. Иацгьы иахьагьы атәылаҿ аиҭакрақәа шыҟалалогьы дарбанызаалак аӡә дрыдҵаалан шамахамзар иҟамлацт.

Дара неины рхы еиҭарҳәаргьы мцыла рхы-ргәы ҟаҵаны идмырхынҳәуазар иахәҭо цхыраарак рмоуцт.

Лассы-лассы ҳзыниало аиҭакрақәа ирхырҟьаны еиҳабык игәы былны "исылшо ала сшәыцхраап" ҳәа анреиҳәалак, игәырӷьаҵәа ишыԥшу уи дамырхит ҳәа ажәабжь аарылаҩуеит.

Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа

Уи ишьҭахь инеиз иара иаԥхьа ак ҟамлаӡацызшәа дҿыцӡа даацәырҵуеит. Даргьы гәашаха, еидашшыло еиҭанатәоит рыҟәрышьқәа еиҟәырҷҷо.

Аиҳарак иахьа иуадаҩхаз иаҳҳәо "аҭагылазаашьа еиӷьтәтәуп, ак ҟаҵатәуп, ак утәуп" ауп, аха абасгьы утәуп, абасгьы ҟаҵатәуп ҳәа зывалара, зхыԥара ҟамло программак еиқәыршәаӡам. Ус инеиужьны еизара-цәажәароуп ицо.

Уи адагьы аӡәык-ҩыџьак згәы былуа "уауау" шырҳәогьы "аҽы ҳәуеит ала шуеит" ҳәа аԥсуа дгьыл иалаҭхаџьуа рацәаҩхеит. Уигьы зегьы еицаадыруоуп.

Анцәа ҳаҭеимҵааит иҟаҳҵо (иҟарҵо) азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0