Зхы иаиааиуа- зегьы дыриааиуеит

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛикование в Сухуме
Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы аԥсуа жәлар иргаз аиааира 25 шықәса ахыҵра амш аҽны, Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа дазааҭгылоит арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иаҳҵәыӡыз, иаҳхашҭыз ацәаныррақәа ртәы.

Аибашьра еснагь иацуп аԥсра, алаӷырӡ, агәырҩа, арыцҳара, зҽызӡаз ахәыҷра. Аибашьра иацуп ахьҭакра, амлакра. Аха аибашьра иацуп агәыӷрагьы. Аибашьра иацуп Аиааира. Алаӷырӡқәа еиқәызҳәало, ашәы зхьыкәкәо анацәа рылақәа ахаара рхызҵо, анышәынҭрақәа рыгәқәа иԥшаласны ирықәсуа. Аиааира – зқьы ԥсҭазаара зыхҭынҵо, аха зқьы ԥсҭазаарагьы ԥхьаҟа изырҿио.

Аицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит - Sputnik Аҧсны
Аицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит

Аибашьра. Ҳабацәеи ҳабдуцәеи зыӡбахә рҳәалоз, аха ҳара уи аҩыза ҳаниап ҳәа ахааназ ҳаззыԥшымыз, аԥсуа дыгьыл иаалырҟьаны аԥсӡы ықәзырҩыз, аччареи анасыԥи ҿахызҵәаз. Заҟа иуадаҩыз аибашьра ҟалеит ҳәа анырҳәа уи аилкаара. Шамахамзар зегьы ҳгәаҵаҿы иҟан агәыӷра –еидысларак ҟалазаргьы лассы еилгап ҳәа. Аибашьраҵәҟьа. Мап. Иҟалар шалшоз шаадыруазгьы агәра аагар ҳҭахӡамызт.

Ибзианы исгәалашәоит ақалақь иахагьыжьуаз, амца зҿыҵыддуаз аверталиотқәа, Ацҳа ҟаԥшь акәша-мыкәшантә иуаҳауа иалагаз ахысбыжьқәа, иара убри аан зҽызӡаз, зыԥсы зӡаз ақалақь. Зегь раасҭа иахьагьы исныруеит унапы наурххар иназлашьшьуаз, абырсааҭк ацәа-ажьы зауз аҳауа. Уи аԥсы ҭалеит. Иубо, иуаҳауа иҟалеит. Адгьыл иахатәеит зҵаарашәк ацны.

Нас… нас зегь еицгылеит аԥсадгьыл рыхьчарцаз. Иҳацхраарц, аӡра-ԥсра ҳацәындырхарц арахь амҩа иқәлеит Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Молдавиа, Уаԥстәыла рҟынтәи ахаҵара зшьа иалаз, аиашара зегьы ирхаданы иахәаԥшуаз арԥарацәа, аҭыԥҳацәа. Илашеит ҳажәлар рлакҭа. Ирбеит рхала аӷа ишиҿагыламыз. Рыбӷа ӷәӷәахеит. Адунеи зегьы ахәыцра еиҭазкыз, амц шҳам рылазҵаз, ԥшь-миллионк зхыԥхьаӡара наӡоз ажәларгьы ирцәымшәакәа ирабашьит.

Шықәсык инацны аџьанаҭ иамазкуаз аԥсуа дгьыл иқәыҩуан анацәа рмыткәмабжь, ахацәа рашәеи ахәрашәеи еилаӡҩон, ашьыжь шара ахәылԥшәаԥшь аҽахьнагӡон… Цәыббра 30. Аԥсуа дыҟанаҵ ахааназ ихамшҭуа арыцхә. Аиааира ду амш. Ахақәиҭра лашара.

Абар уижьҭеи 25 шықәса ҵит. Арҭ аамҭақәа ирылагӡаны иҟоуп узхыҽхәаша, угәы узырхьша, ахааназ угәалашәараҿ иаанымхарц Анцәа узызиҳәаша. Ирацәоуп иҟаҳамҵашаз, иаамушаз, иаҳамҳәашаз. Ирацәоуп иаҳцәыӡыз: аидгылара, аҳаҭыреиқәҵара, хара ахәыцра, аиҳабы аиҵбы ҳәа аизныҟәара, уажәа уаԥшны ацәажәара… Ирацәоуп. Ирацәаӡоуп.

Закат - Sputnik Аҧсны
Исҭахуп зегь насыԥ шәыман шәыҟазарц

Издыруада еснагь ҳихьчоит ҳәа ҳазҵаԥшуа Анцәа ду ҳаиҭарыцҳашьаны ҳахшыҩ аҭыԥ ахь инеигар… Издыруада аиааиреи ахақәиҭреи зыԥсы ақәызҵаз ргәалашәара аҳаҭыр шбатәу, зыбжа амхны адәы иқәу, зыхшара заҵәқәа анышә иамаздаз анацәа абацәа ныхак еиԥш рыхәаԥшра шахәҭоу аадыруа, ҳаидгылара уаҵәтәи амш ҳзаанамгозар аҽа лахьынҵак шҳамам еилаҳкаауа ҳҟаиҵар.

Анцәа ду сукәыхшоуп, ҳаиқәырха. Иаҳзымдыруа ҳаҭоумҵан. Иҭахаз рыԥсқәа рҭынч.

Иахьагьы иҽимырҭынчӡац ҳаӷа. Дҳаваҟыруеит. Дҳавашьагьуеит. Илшогьы ҟаиҵоит инапахьы ҳнеигарц. Милаҭк аҳасаб ала еибашьрыла иамузар гьангьашрыла ҳаитәитәырц. Ҳхәыцлап. Иҟаҳҵо, иаҳҳәо, иаауа ҳазхәыцлап. Зегь ирхадоу – ҳаӡәыкхап.

Ҳхы ҳзаиааир зегьы ҳариааиуеит…

Ажәабжьқәа зегьы
0