Ҩажәи хәба шықәса ирыламӡыз ахьаа

© Фото : Марина Барциц / из архива Музея Боевой СлавыОВНА
ОВНА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
25-шықәса адунеитә шықәс иадкылан уахәаԥшуазар, еимгеимцароуп, аха ауаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара ианурԥшуазар – имаҷӡам.

Светлана Ладариаԥҳа, Sputnik

Ахаҵарашәеи амыткәмабжьи

Еилаӡҩо,

Иқәыҩуан Гәымсҭа аӡиас

Аԥшаҳәа,

Ацәқәырԥақәа рыҭра иҭыҵны,

Ирнырҟьон ахаҳәқәа рыхқәа.

Иҭахон Аԥсны ахшара,

Иҭахон аԥсадгьыл хьчауа…

Асы еимаҩны илеиуан. Иҟалап ажәҩан иаӡбазар аԥацәа сы-бымбылла иазыхҩар, аӷа ибарҭахарым ҳәа. Иаҭахын џьара акала ирыцхраарц. Игәрымуаз Гәымсҭа акәзар, адунеи ааршазар аахыс ашьха каз-казқәа рҟынтәи алабжыш еиԥш ицқьаз аӡқәа амшын иазаазгоз, гәрымбжьын иахыҩуаз. Уи ацәқәырԥақәа ргыгцәа ргыланы, еибаха-еибафо иахьлеиуаз, ргәаҵа иҭаҳәҳәон. Ргәаҵа иҭаҳәҳәон, аха рымч хомызт. Аҭагылазаашьа рзыԥсахуамызт.

Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҽеибарк иҩеиуан, рацәак ихарамкәа, рылаԥшҳәаа иҵашәо, аҩнеихагылақәа рԥенџьырқәа рылаԥшқәа нарықәшәо, рыгәхьаагара зыдҳәалаз, рыԥхыӡқәа ирылаз раҳҭнықалақь ахақәиҭра ада аҽа ԥсҭазаарак рҭахымкәа.

Ветеран ОВНА Александр Кетия - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран: ақырҭцәа рыхқәа хҵәаны ампыл шәасуеит ҳәа ҳаҽԥнырҳәон

Аԥсуа иԥсҭазааратә филасофиа ахаҿы ахаангьы иргылон "ишабалак аҟазаара аҵкыс–аԥсра бзиа". Еиуеиԥшым аамҭақәа егьа рҽырыԥсахзаргьы, аԥсуа ихы-ихшыҩ аҿы абарҭ ажәақәа еиҭакра рықәымкәа иаанхеит.

Инеиуан аԥсуаа аӷа дшьагьуа дахьықәыз рыдгьыл-ԥшьа дрыцқьарц. Аӷа дахьырзыԥшыз. Инеиуан иаӡәыкны. Еиҟәшашьа рымамкәа.

Ҩаха-ҩымш инарзынаԥшуа иԥсыда-инхада ҳәа еилан. Ишьыз, ихәыз, зыԥсы ҭаны инхаз реилыргара уадаҩын. Иҵәыуон ажәҩан. Иҵәыуон адгьыл. Анацәа рмыткәмабжь имицгьы ираҳауан, урҭ рыхшыҩ аҿы аҭыԥ ылнахуан усеиԥш уаҳа иҟамларцаз.

25-шықәса раԥхьа иреиӷьӡақәаз дара дара еибахьчо, рмаршә еибакуа инеиуан ԥхьаҟа. Иҭахазгьы иаанхазгьы агәра ганы иҟан уаҵәтәи амш ссирхоит ҳәа: ҳаиашьара, ҳаиҩызара, ҳаилибакаара, ҳабзиеибабара набыцрак рықәымкәа адунеи иазынхоит ҳәа. Агәра ганы иҟан рабацәеи рабдуцәеи аԥсҭазаараҿы, рыԥсадгьыли рыжәлари рҿаԥхьа гхак ҟарҵахьазаргьы дара ршьала иртап ҳәа…

25-шықәса адунеитә шықәс иадкылан уахәаԥшуазар, еимгеимцароуп, аха ауаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара ианурԥшуазар – имаҷӡам. Абарҭ ашықәсқәа иаҳцәыргеит иаӡәымкәа иҩыџьамкәа усҟан еиқәхаз. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иҟоуп ҳзыргәырӷьаз, ҳгәы еиҵызхыз. Иҟоуп иара убасҟантәи аамҭақәа реиԥшҵәҟьа ҳгәы аҵәымаӷ алазҵаз.

Рҽеиҩыршеит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны 25-шықәса раԥхьа Гәымсҭа аӡиас ирны заҳҭнықалақь ахьчаразы еивагыланы аԥсра абла иҭаԥшуа, аха игәымшәақәаны инеиуаз. Ҳаԥсҭазаараҿы абри зегьы иреицәаны иаҳзыҟалеит. Ҟалашьасгьы иаиуз атәы аҳәара даара иуадаҩуп. Мзызк узазыԥшаауам.

Иахьагьы инымҵәаӡац аибашьра. Иахьагьы ҳадгьыл мап ацәимкӡац ҳзабашьуаз. Лшарак ааиур, ҳаишьаҟьоит. Избан, нас, еибашьуаз, аидгылара ԥсеиқәырхаганы ишыҟаз еилызкаауаз иахьа уи зырхашҭыз. Избан урҭ еиҵагыло аҿар рзы аибашьраан ишҿырԥшыгаз еиԥш иахьагьы иҿырԥшыганы изыҟамлаз? Ирҳәоит адунеи зегь аҿы усеиԥш ауп ишыҟоу ҳәа. Аха адунеи зегьы аҿы ирхырымгаӡеит ҳара иаҳхаагаз. Адунеи зегьы аҿы ирмоуӡеит ҳара иҳауз аҿырԥштәы. Адунеи зегь аҿгьы шамахамзара уи аҩыза аԥышәара иахымсӡац.

25-шықәса маҷӡоуп иацтәи амш ухашҭырц азы.

Убарҭ амшқәа рыхьӡала, убасҟан иҭахаз рыхьӡала, уаҵәтәи амш ахьӡала ҳаибашьцәа гәымшәақәа, иаашәырԥшы еиҭах шәфырхаҵара. Еидышәкыл иахьа еиҟәшо ҳажәлар. Ишәылшәырша аибашьра аамҭаан аасҭа еиҳа иуадаҩхаз аҭынч ԥсҭазаараантәи афырхаҵара. Аҽазныкгьы шәаҵагыл ажәлари аԥсадгьыли реиқәырхара ахьанҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0