Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысразы гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп

Аԥсны аҳҭнықалақь агәаны абҵара 22 рзы иҟалаз ахысра иалҵшәаны хҩык ауааԥсыра ҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа абҵара 22 рзы иҟалаз ахысразы гәҩарас ирымоу ахаҿы иԥшааразы алаҳәара ҟанаҵеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

"Аҟәатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа Ашьаусԥшааратә ҟәша ахатәы еилазаара иаҿуп Ҷкадуа Ерик Иури-иԥа дахьыҟоу аҭыԥи уи иаанкылареи ирзырхоу аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысразы гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп

ААР аҟны ирҳәеит Ҷкадуа дшытҟәарчалтәиу.

"Зыӡбахә ҳамоу Асҭамыр Шамбеи, Алхас Аҩӡбеи, Доминика Ақырҭааԥҳаи рышьразы аус ауп", - ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭарҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҟны.

Ҷкадуа иԥшаара рыларҳәеит ахәҭаҷқәа "Ҩыџьа ма инареиҳаны рышьра", "Ашьразы аҽазышәара", "Абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, иԥжәоу ахархәагақәа изакәанымкәа раахәареи, аӡәы иҭареи, рыҭиреи, рыҵәахреи, рыиагареи, рныҟәгареи" рыла ихацырку ашьаус ала гәҩарас ирымоу иаҳасабала.

Ахәра зауны ахәышәтәырҭа иҭаз Доминика Ақырҭааԥҳа лыԥсҭазаара далҵит

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.

Ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы, ԥхынҷкәын 3 рзы лара лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: