Ԥхынҷкәын 8, 2014 шықәса рзы Аԥсны аусура хацнаркит аинформациатә маҵзура Sputnik апортал. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны асаит аҟны иҭыҵит 56 000 материал аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рыла, 1746 фотонҵамҭеи, 794 инфографикеи.
2016 шықәса рзы аусура иалагеит амультимедиатә пресс-центр. Хышықәса рыҩнуҵҟа Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥган 237 еиԥылара. 2017 шықәса рзы Sputnik Аԥсны ихацнаркит Аԥсны ауаа ахьықәынхо аҵакыра зегьы зымҽхазкуа арадиодырраҭарақәа. Хәышықәса рыҩнуҵҟа ианҵан 9 818 аудио, аефир 4160 сааҭ ицон.
Sputnik
- Сынтәа аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны хәышықәса ахыҵит. Шәгәаанагарала, еиҳа ишәықәҿиаз арбан, иара убас еиҳа аус здулатәны шәызхәаԥшуазеи?
- Хәышықәса ганкахьала - ҿҳәара дууп, аха даҽа ганкахьалагьы еимгеимцарак иаҩызоуп. Сара исҭахым иалыскаарц иҳақәҿиаз ма иҳақәымҿиаз ҳәа, избанзар ҳара есыҽны, маҷ-маҷ аихьӡарақәа ааҳарԥшуеит, ҳаԥхьаҟа алҵшәа дуқәа ҳаурц азы.
Хәышықәса раԥхьа ҳара ҳколлектив ааҩык рҟынӡа инаӡоз интернет-портал хәыҷык акәын. Уи аахижьҭеи еиҳа-еиҳа ҳколлектив еизҳаит, аусура аформат аҽарҭбааит. Иахьа ҳаилазаараҿ аус руеит 40-ҩык. Апортал адагьы, аус руеит апресс-центри арадиои. Арҭ зегь ахьҳамоу алзыршаз убарҭ есҽнытәи ҳаихьӡара хәыҷқәа роуп.
Еиҳа иналукааша апроектқәа ртәы уҳәозар, иалыскаауеит "413 мшы" - Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 25 шықәса ахыҵра иазкыз. Сгәы иаанагоит иааиуа ашықәсқәа раангьы даҽа форматк ала ари аҩыза апроект аусура алҳаршап ҳәа. Ауаа уи аҭоурых лассы-лассы ираҳалар рҭахуп, шьаҿа-шьаҿала рыжәлар знысыз амҩа еилыркаар рҭахуп.
- Амаҵзура аредакциатә политикаҿы аԥыжәара зышәҭо арбану?
- Ҳара хықәкы хадас иҳамоуп адунеи Аԥсны аӡбахә арҳареи адунеи аҿы иҟоу Аԥсны ауааԥсыра дырдырреи. Абри ауп ҳусура гәыцәс иамоу. Ҳара ҳҽазаҳшәоит адунеи аҟны иахьа имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳаԥхьаҩцәа рызнагара, иара убасгьы аҳәаанырцә ҳанхашьа-ҳанҵышьа дырҳара.
- Sputnik аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ишԥарыдыркылеи, аинформациа аиуразы уадаҩра ыҟоума?
- Сара сгәаанагарала, аҳәынҭқарра еиҳа иаартызар ҟалон. Аинформациа аиуразы азакәан инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа акрызҵазкуа адокументқәа рыҭара алдыршозароуп, русуразы аҳасабырба ркьыԥхьуазароуп. Ҳара ҳҿы ус иҟам. Иҟоуп ачынуаа, аинформациа хра алоу иаламу зхала изыӡбарц иаҿу. Зны-зынла дара рхатәы интересқәа ирхьырԥшны, ма даҽа џьоукы ринтересқәа ирхьырԥшны ирыӡбоит ирзатәуи ирзатәыми.
- Аԥсны АИХқәа рконкуренциатә ҭагылазаашьа хәшьарас иашәҭарц ишәылшозеи?
- Сара исызҳәом егьырҭ АИХқәеи ҳареи аконкуренциа ҳабжьоуп ҳәа. Ҳара ҳаиҩызцәоуп. Досу ихатәы ԥхьаҩы димоуп. Еиҳагьы ҳхеибарҭәаауа џьысшьоит. Аконкуренциа ҟаларгьы, уи еиҳагьы ҳусура иацхраауан.
- Sputnik иҭнажьыз аматериалқәа иашамызт ҳәа рыхҳәаара шәықәшәахьоума?
- Ҳрежим еиԥш иҟоу арежим ала аус анууа, ма абриаҟара аинформациа унапы ианыҵужьуа, агха ҟамлар алшаӡом. Еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны ҳаргьы агха анҳацәцо ҟалоит. Иҟалоит ииашам аинформациа анҳарҭо. Иҟалоит ҳаццакразы агха анҳацәцо. Ус шакәугьы, оперативла азхьаԥшра рыҭаны иҳариашоит. Официалла ираҳҭаз аинформациа мап ацәкра ҳақәымшәацт, аха ҳагхақәа ҳариашоит, аинформациа цҵа ҟаҳҵоит, ианаҭаххало.
- Sputnik адунеи атәылақәа рҿы 33 бызшәа рыла иҭыҵуеит. Егьырҭ ахабқәа рыгәҭа Sputnik Аԥсны ареитинг шәаҳзалацәажәар ҳҭахын.
- Еиндаҭлара дук шҳабжьамгьы, ҳәарада, ҳаишьклаԥшуеит. Аҩнуҵҟатә реитинггьы ыҟоуп. Ауаҩытәыҩса илшарақәа зхьыԥшу рацәоуп. Аԥсынгьы ирацәаҩуп акреативтә ус ззыҟаҵо, егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу апроектқәа иреицәамкәа апроект дуқәа аус рыдулара зылшо. Ари ззысҳәо Sputnik Аԥсны мацаразы акәӡам, егьырҭ аилахәырақәа рҿгьы усеиԥш аус зуа рацәаҩуп.
- Напхгаҩык иаҳасаб ала шәҿаԥхьа иарбан дҵақәоу иқәшәыргыло?
- Иреиҳау проблеманы иҟоу – акадрқәа разымхароуп. Сгәы иаанагоит ҳара ҳҟны адагьы, ари апроблема Аԥсны зегьы аҭыԥ амоуп ҳәа. Уи зыхҟьо ауаа разымхара мацара акәым, ҳҵараиурҭақәа ҳаамҭа еиҳа иақәшәо адыррақәа ахьрызрымҭогьы акәым, аҳәаанырцәынтә аҿар рҵараҵара ашьҭахь Аԥсныҟа иахьыхнымҳәуагьы акәым. Акадрқәа ҿыц аҵара дырҵара аҭахуп. Аҵараиурҭа бзиақәа ирылгаз адырра ҳаракқәа шрымоугьы, аилахәыраҿы аусура иазыҟаҵам. Урҭ ҩаԥхьа аҵара дҳарҵароуп аусурҭаҟны.
Ҽааны инаркны ҳара иацаҳҵараны ҳаҟоуп апроект SputnikPro. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны амастер-классқәеи атренингқәеи мҩаԥыргалоит урыстәылатәи амедиа-менеџьерцәеи ажурналистцәеи. Уажәы ҳгәы иҭоуп ари апроект ырҭбааны ажурналистика ашкол аԥҵара. Уа рдыррақәа еиздырҳалоит ҿыц аусура иалагаз ажурналистцәа реиԥш, аусуратә ԥышәа змоугьы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Хәба ҳцеит!": Sputnik Аԥсны раԥхьатәи аиубилеи