Ажәҩан иалаблыз хыԥсҭазаарак рҭоурых

Нанба-Амҷба Маринеи ҩыџьа лыхшара Гәындеи Беслани иҿахҵәаз рлахьынҵа атәы дазааҭгылоит Сырма Ашәԥҳа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аибашьра хлымӡаах,  шаҟаҩ рыԥсҭазаарақәа аркьаҿзеи, шаҟаҩгьы гәжәажәо иааннажьзеи? Иҟамзар ҟалап аԥсыуа ҭаацәарак уи ашҳам зкьымсыз, иахьа уажәраанӡагьы зыхәрақәа шымжьыжькыз иаанхақәаз. Аамҭа иахәышәтәуеит рҳәоит ахьаа, аха ауаҩытәыҩса игәаҵа иҭаҵәаху ахьаа хәышәтәышьа змам акакәны иаанхоит.

Амш еиқәаҵәа

Декабр 14, 1992 шықәса, Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ахааназы хашҭра зқәым рыцхәны ианхалеит. Уи амш аҽноуп ауаатәыҩса рқәыԥсычҳара ашәымҭак иадымхаргьы ианаанкылаз, аԥсҭазаара анышьхныԥсылаз.

Усҟан, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иҵԥрааз авертолиотқәа ҩба ирҭаз реиҳараҩык аҳәсеи ахәыҷқәеи ракәын. Аҭаацәа рыхшара реиқәырхара иашьҭан, аха издыруадаз усҟан аӷацәа рхымҭа иагоз авертолиотқәа руак еибганы ишзымтәоз, еимгеимцарак иалагӡаны хәыҷи-дуи рлахьынҵа цәгьа ажәҩан ишалабылуаз. Зегь лахьынҵак-лахьынҵак рымоуп, аха аира иахьымӡацыз асабицәа, анра иазыԥшыз аҭыԥҳацәа, еизҳауаз ахәыҷқәа раџьал абас изыцәгьахазеи? 

Инна Аҳашԥҳа: ари амш аҭоурых адаҟьақәа ирнымҵуа хлымӡаахны иаанхоит

Хылҵшьҭрала Џьгьарда еиуаз, Тҟәарчал инхоз Ваниа Амҷба иҭаацәа декабр 14 рзы ақырҭқәа иҭадырхаз авертолиот иҭан. Нанба-Амҷба Марина лыԥҳа Гәындеи лԥа Беслани машәырк рыхьыр ҳәа дшәаны Гәдоуҭаҟа илгарц лыӡбеит. Усҟан иабалдыруаз ажәҩан аҟны рыԥсцәаҳа дшырзыԥшыз. Уи хҭыс хлымӡаах ирзыннажьыз ахьаацәгьа атәы лгәаларшәо, Ваниа иаҳәшьа Ӡабули Амҷыԥҳа иазгәалҭоит:

"Гәында убри ашықәсаны ашкол далганы ауниверситет дҭалеит, афилологиатә факультет аурыс сектор ахь, 17 шықәса лхыҵуан. Лашьа хәыҷы Беслан ажәабатәи акласс аҿы дтәан, 16 шықәса ихыҵуан. Усҟан сашьа иԥсы ҭан. Ваниа иԥшәмаԥҳәыс уаҵәы Гәдоуҭаҟа иԥырраны уахеиԥш лыԥшәма ус иалҳәеит: "Уани уаби рыԥсы сыманы суҳәоит, уашьа Сергеи иаумҳәан, насгьы саргьы мап сцәыумкын, схәыҷқәа сыманы уаҵәы Гәдоуҭаҟа сыԥрырц сҭахуп", - ҳәа", - акыр ишылцәыуадаҩызгьы ҳацәажәара дналагеит авертолиот аҿы зашьа гәакьа иҭаацәа ҭаблыз Ваниа иаҳәшьа Ӡабули Амҷыԥҳа.

Инга Зарандиаԥҳа: Лаҭатәи ахлымӡаах - имӷьо сыхәра ауп

Ваниа иԥшәмаԥхәыс мап лцәимкит. Уаҵәы захьӡыз рҽеибыҭаны, Аҟәарчаԥанынтә иҵыԥраараны иҟаз авертолиотқәа руак иҭалеит, аха рҭыԥ аҟынӡа изымнаӡеит...

"Ус, ажәабжь хлымӡаах зегьы иаарылаҩит. Тҟәарчал ари аҩыза заҳаз аӡә даангыло дыҟазма, зегьы еигәныҩит, еизеит. Сашьа дрызнымкыло дхагахеит. Ҳашьа Сергеи деиқәикуа, диабжьо далагеит: "Уара зҭаацәа ҭахаз урыхәаԥш, уҽышьақәк маҷк, ухаҵами", - ҳәа. Усҟан Сергеи иабеидыруаз Ваниа иҭаацәа изеихсыз авертолиот ишҭаз. "Саргьы убра салаблит, сҭаацәагьы ҭан", - ҳәа наиеиҳәеит Ваниа иашьа", - абас, луанытә дқәыԥсычҳауа дҳацәажәон Ӡабули Амҷыԥҳа.

Лаҭатәи арыцҳара аҭыԥ аҟынтәи амузеи ахь амаҭәарқәа рыҭан

Усҟан Ӡабули Амҷыԥҳа лҭаца лҭаацәа рҿы Абӷархықә дыҟан. Телехәаԥшралоуп ишлаҳаз декабр 14 рзы иҭадырхаз авертолиот аӡбахә. Аха, иабалдыруаз лашьа иҭаацәа уа ишалаблыз.  Жәларык зегьы рхьаа ларгьы зеиԥш хьааны илыдылкылеит.

"Ҳшеиқәыбгаз ансаҳаз ианар 28 рзоуп. Аԥхыӡ цәгьақәа збон, сцәа иалашәахьазар акәхарын ахырзаман шҳахьыз. Исыхьыз акаамеҭ рдыруан, аха исцәырӡон, идырзомызт. Сҽысзышьақәымкуа саналага, иабанӡарӡоз, исарҳәагәышьеит. Анаҩстәи сҭагылазаашьа саламцәажәааит, нан", - лылаӷырӡқәа илыдмырҳәо дсацәажәон агәаҟра иаӡрыжәхьоу аԥҳәыс.

Ӡабули Амҷыԥҳа излалҳәо ала, есышықәса декабр мза ааир ҳәа дшәоит. Уи амза иадҳәалахеит лашьа иҭаацәа рлахьынҵа цәгьа. Ус шаҟа ҭаацәа, ус шаҟа ԥсҭазаара…

Ажәҩан иалаблыз хыԥсҭазаарак рҭоурых

"Ари ахҭыс ахгара акыр иуадаҩуп, аха ауаҩытәҩса ицәа зегь ҭаӡозаап. Сашьа игәы иалымшеит ари аҩыза ааха ӷәӷәа, идунеи иԥсаххьеит. Дара рыхьӡала иаҳҭынхаз рфотосахьақәа заҵәык роуп. Уажәы-уажәы иаашьҭыхны срыхәаԥшлоит, рылақәа сацәажәошәа збоит. Хьаак еиднакыло зегьы есышықәса Гәдоуҭа ҳаԥсыбаҩқәа анышә иахьамадоу ҳцоит, ҳаицәажәоит, ҳаидашшылоит. Иҳамчузеи, ҳаӷацәа гыгшәыгҵас рхы аадырԥшит. Ҳара ҳаиԥш шаҟа ҭаацәара гәжәажәо инхазеи, шаҟаҩгьы рыҵәҩаншьап ыҵырхызеи. Уаҳа ари аҩыза Аԥсны акәым, адунеи ахьынӡанаӡааӡо Анцәа иҟаумҵан", - лҳәоит Ӡабули Амҷыԥҳа.

Иуадаҩуп ас еиԥш ахьаа цәгьа змоу аҭаацәарақәа ирыхәҭоу ажәа аҳәара. Хаҭала, сара сзы акыр игәаӷьыуацәан  Ӡабули Амҷыԥҳа лыҿцәажәара, аха суалԥшьа хәыҷы насыгӡарц сҭаххеит иԥшьоу агәалашәарақәа рҿаԥхьа. Ҳажәлар ас еиԥш ахлымӡаах уаҳа ахааназы иаламԥшааит. Ҳаԥсадгьыл аҭынчра аԥеиԥшзааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: