Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәԥҳа илгәалалыршәеит Лаҭа иҭахаз авертолиот иақәтәар шырҭахыз

© Foto / предоставлено Кристиной АшубаКристина Ашәԥҳа
Кристина Ашәԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Лаҭатәи ахлымӡаах лгәалашәараҿы ишаанхаз еиҭалҳәеит уи аамҭазы 11 шықәса зхыҵуаз, Тҟәарчалынтәи иҵԥрааз авертолиот иақәшәар зҭахыз, аха иахьымӡаз Кристина Ашәԥҳа.

Лаҭатәи атрагедиаан иҭахаз ргәалашәара иазку аиԥылара мҩаԥысит Аҿар рзы аҳәынҭқарратә республикатә библиотекаҟны.

 

Ашәԥҳа илгәалалыршәеит Лаҭа иҭахаз авертолиот иақәтәар шырҭахыз

"Иԥжәаз авертолиот ҳақәшәар ахәҭан, аха сан лаҳәшьа лымаҭәа аизгара дахьымӡеит.

 

"Мама, ирлас-ирлас!" шаҳҳәоз саҳәшьцәа хәыҷқәеи сареи аамҭа цан, ҳаб ҳаизымгеит. Уи аԥхьа ашьақәгылага "Град" ала Тҟәарчал иалахысуан азы, ҳаб сыла ишабо шәыԥсыр сзыхгом иҳәан вертолиотла ҳишьҭырц акәын. Тҟәарчал ҳахьынхоз ҳаҩны иахыԥрааны акәын дара шцоз. Ҳамаҭәа хәыҷқәа каԥсаны аҵәыуара ҳалагеит ҳахьзымцаз, еиҭа ахысра иалагар, ҳаршьыр, иҳаԥсыхәои ҳәа. Исгәалашәоит авертолиот ашҭа ианахыԥраауаз, ҳга ҳәа ҳаҳәҳәо ҳшашьҭаз… Ԥыҭрак ашьҭахь иҳаларҳәеит Тҟәарчал авертолиот шыԥжәаз", - лҳәеит Ашәԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, мызкы ашьҭахь лани лаҳәшьцәеи лареи Тҟәарчалынтәи Тебердаҟа вертолиотла иԥрит.

"Авертолиот аҟны Арӡынԥҳа хәыҷык дҭатәан… Сан лааигәа днеины ус лҳәеит: "Ҳара акгьы ҳахьӡом, ус ами?!" ҳәа. Ари заҳаз сан лыԥсы лылшәшәаны дкаҳаит. Ҳара хҩык аиҳәшьцәа ҳан ҳлыцын, саҳәшьа аиҵбы хышықәса лхыҵуан", -лҳәеит Ашәԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

27 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭыԥраа 17 минуҭ рышьҭахь, уи аамҭазы қырҭҭәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз, иҭархан. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымкәа иҟаз аҳәса.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0