Инна Аҳашԥҳа: ари амш аҭоурых адаҟьақәа ирнымҵуа хлымӡаахны иаанхоит

© Фото : Ибрагим ЧкадуаАԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан аурыс вертолиотқәа русура.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан аурыс вертолиотқәа русура. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поетесса Инна Аҳашԥҳа лажәеинраала "Схьычԥаԥыр хәыҷ" лзырыҩҩыз Лаҭатәи атрагедиа дазааҭглеит.

АҞӘА,ԥхынҷкәын 14 —  Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ари амш шьаарҵәыра ашьҭахь иит аибашьра ашәақәа руакы, иахьа зегьы ибзианы иаадыруа, игәыҭшьаагоу ашәа "Схьычԥаԥыр хәыҷ". Атрагедиа иазкны лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит уи ажәақәа равтор Инна Аҳашԥҳа.

"Ҳаԥсуа жәлар ирхыргахьоу атрагедиа уаналацәажәо, угәы ҿызкаауа акәны иҟалеит декабр 14, 1992шықәса. Усҟан, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иҵԥрааз, аҭынч уааԥсыра зҭаз авертолиот ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭадырхеит Лаҭа ақыҭан.

Лаҭатәи атрагедиа аҿы иҭахаз ргәалашәара амш Гәдоуҭа иазгәарҭеит

Адунеи ахьынӡанаӡааӡо, аҭоурыхтә ӡеибафарақәа иҟалахьоу рҿы, ари аҩыза агәыҭшьаага аҭыԥ амамзар ҟалап. Ари гыгшәыгтә ҟазшьоуп иамоу.

Аҳаирплан иҭаз хәыҷи-дуи, имицыз асабицәа занацәа рымгәарҭа иҟаз,  икьаасуаз асабицәа,  анацәа рыҵәаабжь уҳәа, ҳаԥсабареи, ҳадгьыли, ҳажәҩани  ирзыҷҳауам урҭ ргәынқьбжьы.

Аибашьраҿы иухамшҭуаз ахҭысқәа шыҟазгьы, ари амш, аҭоурых адаҟьақәа ирнымҵуа хлымӡаахны иаанхеит. Уижьҭеи аамҭа ԥыҭк шыбжьалахьоугьы, ахәрақәа рыхәышәтәра залшом.
Уи аҽны, қыҭацыԥхьаӡа игоз анацәа рыҵәаабжьы, улымҳа иҭаҩуа иаанхеит иахьагьы. Ари агыгшәыгтә хҭыс иахәлаӡит зыбз ада зыхәламыз аԥшқацәа.

Ари ахҭыс иааннажьит хашҭра зқәым, угәаҵа збылуа агәалашәарақәа, угәы ҭызшьаауа ацәаҳәақәа. Иҟоуп аҭаацәа хәҩы-фҩы ахьҭахаз, зыҩнашәқәа акыз, аԥсҭазаара агьама ахаара зцәыӡыз.

© Foto / Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытәҬемыр Аҳашба "Схьычԥаԥыр хәыҷ" ашәа неигӡоит.
Ҭемыр Аҳашба Схьычԥаԥыр хәыҷ ашәа неигӡоит. - Sputnik Аҧсны
Ҭемыр Аҳашба "Схьычԥаԥыр хәыҷ" ашәа неигӡоит.

Абарҭқәа зегьы ҳажәлар ԥышәак аҳасабала ирхыргар акәхеит. Сара сқыҭа Ԥақәашь иалҵыз, уи аҳаирплан иҭаблыз аӡәырҩы ыҟоуп.  Ажәҩан ԥҽны аеҵәақәа аман илбаауазшәа, убас схаҿы иааиуеит абри ахҭыс иахьа уажәраанӡа.

Убри акәхап исзырҩыз, аҳаирплан аҿы иҭахаз, ешьарала исзааигәаз шықәсык зхыҵуаз ахәыҷы Царԥица Аҳашԥҳа илызкны ацәаҳәақәа.

Схьычԥыԥыр хәыҷ, схьычԥыԥыр хәыҷ,
Ажәҩан иалаз Анцәахша.
Схьычԥыԥыр хәыҷ, схьычԥыԥыр хәыҷ,
Избан быеҵәахә заҿдыршәа?

Изгәаӷьыда быԥсаҭбара, зхала зхызаҵә згәы иҭашәаз,
Игәазҭада ҳаԥсапара, зышҳам ала згәаҵӷа ҿҵәаз.
Сымаалықь хәыҷ быԥсы цама, жәҩан иаҵәаны илашаларц,
Ашьха рҩашқәа ашәа рҳәама, гарашәан ибаҳларц.

Рымҵәыжәҩақәа ылаԥыбҵәеит башьцәа хәыҷқәа згәы ҭашьу,
Ӷьашьа змамыз ахәра аныбҵеит, баб иҩнаҭа бышьҭа зну.
Ибхамшәалоз бангьы дбыцуп, шәнапқәа еибаркны шәныҟәала,
Баб иҩнаҭа агәырҩа рҿыцуп, са смаалықь хәыҷ бымшала,

Ашҳам цҳауа ҳадгьыл иқәлаз, бара  бҟынӡаҵәҟьа инаӡеит,
Аԥшқа ныҟәацәа ба ибықәлаз, агыгшәыг напқәа иргеит,
Схьычԥыԥыр хәыҷ сыԥшқа ныҟәа, ԥсаатәҵас ажәҩан базцала,
Агәырҩа иафаз баб иҩныҟа, бԥырны зны-зынла баала".

Ажәабжьқәа зегьы
0