Сан-Ремо аҿаԥхьа иҟалаз ахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟаз ахаҿы даанкылоуп

Аԥсны аҳҭнықалақь агәаны абҵара 22 рзы ақьафурҭа Сан-Ремо аҿаԥхьа иҟалаз ахысра иалҵшәаны хҩык ауааԥсыра ҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟаз ахаҿы даанкылоуп, абри атәы Sputnik адырра анаҭеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура ԥхынҷкәын 17 рзы.

Аҟәа иҟалаз ахысра: иалкаау

"Ари ауаҩ уаанӡа дшьақәыргылан. Иара иганахь ала аматериал Аҟәа ақалақь аӡбарҭахь инашьҭын. Ашьаусҭҵаара аинтересқәа инарықәыршәаны иаанкылоу ихьӡ ҳәам", - рҳәеит Апрокуратура хадаҿы.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Даҽа ҩыџьа ахәрақәа роуит.

Ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа лхы ахәра ӷәӷәа аиуит, уи диаган Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшахьы, ԥхынҷкәын 3 рзы лара лыԥсҭазаара далҵит.

Уаанӡа, Аҟәа ақалақь апрокуратура Тҟәарчал ииз Ерик Чкадуа абри аус далахәуп ҳәа иԥшаара рыларҳәеит ахәҭаҷқәа "Ҩыџьа ма инареиҳаны рышьра", "Ашьразы аҽазышәара", "Абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, иԥжәоу ахархәагақәа изакәанымкәа раахәареи, аӡәы иҭареи, рыҭиреи, рыҵәахреи, рыиагареи, рныҟәгареи" рыла.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: