Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik
Ашықәс ҿыц ушаԥыло еиԥш ауп ишухыуго ҳәа акы хҭакны иҳамоуп. Ари "аԥҟара" рацәак сзақәшаҳаҭхом. Аҵыхәтәан иҟасҵоит аҭак, зхала зхы цәырызго азҵаара "Избан". Насгьы ҳара ҳвариант "ҽааныбзиала" сара сныҳәатә гәалаҟара еиҳа ианаалоит.
Ашықәс ҿыц? Мап, изжәӡом
Егьырҭ ашықәсқәа рзы аныҳәа ауха "агастрольқәа" рахь сшыҟаз исыршон, аха ҵыԥхтәи ашықәс ҿыц ус еихҳәа-еиҵҳәа саԥымлаӡеит. Сани сареи ҳакәын аҩны иҟаз. Ҳҭаацәара егьырҭ ахаҭарнакцәа Москва, Кремльтәи аԥсаӡ аҟнытә адныҳәалара ҭаҩны иаҳзаарҭиуан. Сшьыцуан ҳәа акәым, аха ҭаацәашәала аныҳәа аԥылара пату сзақәуп. Насгьы Баслахә саныҟоу, Кремль сышԥеилаҳари?
Убасҵәҟьа пату сызрықәуп асовет киносахьақәагьы. Сан лнапкымҭа ахаа-мыхаақәа ахьрыцу азы акәу сыздыруам, аха ԥхынҷкәын 31 ауха урҭ рыхәаԥшра еиҳагьы игьамахоит.
Ажәакала, саԥылеит 2019-тәи ашықәс ҿыц. Сҩызцәа, есышықәса еиԥш агәылацәа ҳнарылс-аарылсуеит ҳәа рхаԥыцқәа хуа ишысзыԥшыз, сыбжьы мыргаӡакәа "исыршәын", ахәаҭаҳәа сышьҭаланы сыцәеит. Аха анҭ амыждақәа "ауал" санарыжьуа иҟазма, адырҩаҽны сызҭадыргылаз ҩажәак рыла иузҳәом аҟнытә, Карлсон иҳәашьа: "Наҟ уи аӡбахә уаҳа ҳалацәажәарым".
Ашықәс ҿыц ҳталаны ҳҿанааҳха, хәышықәса раахыс исырххоз "нокиа фонарик" санду далапатуны, схазы ҭел еибагак аасхәап ҳәа инақәыскит. Усҟан, "аинвестор" ара сыҟами, ухатә "биуџьет" уакьымсын ҳәа даақәгылеит ари заҳаз сабду. Саргьы мап-чап сҳәеит, аха аиҳабы иажәа сахыԥар иуазма. Адырҩаҽны хәылбыҽханӡа сҩызеи сареи еиҳа иара игәы иақәшәоз аҭел ԥшаауа адәқьанқәа ҳрыҩнан. Сара ахархәагақәа рганахьала уамак еилызцо сакәӡам аҟнытә, сҩыза игьама агәра згеит. Аиашазы, сагьахьымхәӡеит.
Ҳазҭысуа ашықәс алагамҭа садхалацәазар ҟалап, ашықәс аҩныҵҟа еиҳа игәныскылаз ахҭысқәа реиҭаҳәарахь сиасып.
Ҭакда инхаз абзиабара
Баслахәтәи аҿар лымкаала ашьапылампыл аспорт хкы пату ҳзақәуп, уи аҟны иҳақәҿиозшәагьы зны-зынла ҳгәы иабалақәоит. Ааԥын алагамҭазы Аԥсны ашьапылампыл абзиабаҩцәа Рлига мҩаԥгахоит ҳәа анҳаҳа, "ашьапылампылтә қыҭа" ҳәа ҳхаҭа иаҳхаҳҵаз ахьӡ ҳарԥхашьозма, зегь раԥхьагьы асиа ҳҽанаҳҵеит.
Ахәмаррақәа Аҟәа, ахәмарырҭатә дәы "Учхоз" аҟны мчыбжьык ахьтә знык имҩаԥысуан. Ҳамчқәа ҳрықәгәыӷуамызт ҳәа акәым, аха иҵегьы ҳаҽҳарӷәӷәарц азы акы-ҩба "трансфер" мҩаԥганы ԥшьы-хәмаррак ҳариааит. Аԥхьагылара ҳаманы ихҳаркәшеит актәи аикәшарагьы.
Аха аҩбатәи аикәшараҿы инеиԥынкыланы ԥшьы-хәмаррак рҟны ҳанаҵаха, еилаҳкааит ҳара ҳшьапылампылтә сезон ацәаҳәа шкәакәа шынҵәаз. Ианыбзиаз – зегьы бзиан. Аха ианыцәгьаха – зегьы цәгьахеит. Зны амбахьчаҩ ихараҳҵеит, даҽа зны аманшәалара ҳзымхаӡеит ҳәа ҳаибажьеит, ашьҭахь аҽазыҟаҵара ахьҳацәмаҷыз иақәаҳҩит. Аха аузбекцәа ркоманда 6:0 ҳәа ҳаҟаӡамызшәа ҳаныршьаҟьа, ҽыҵга заҵәык иадамзаргьы аԥшаара заҟа иуадаҩхаз сгәалашәоит заманала.
Аиааира акәӡам ихадоу, аҽалархәра ауп ҳәа дырҩеигь ҳара-ҳара ҳнеибажьан, ҳхынҳәны Баслахәҟа ҳааит. Зегь раасҭа ҳжәылаҩ иакәын згәы ԥжәоз. Амцашоура шимаз, дырхысхысуа, мчыла дҳаманы ҳцеит, ианамуӡах ҩбаҟа мпыл шԥаизҭамыршәри ҳәа ҳгәыӷны. Аҵыхәтәан, иара ихаҭа ишҳаиҳәаз еиԥш, "баша ҳфурт аӡы ажәит".
Абасала, гәык-ԥсык ала ашьапылампыл бзиа иаҳбоит, аха иара ҳара ҳбаны иаанхаӡом.
Акы-ҩба хҭыс
Зхы еиқәшәо ауаа ааԥын алагамҭазы амшын аҟны рҽыркәабоит ҳәа сгәы иаанагомызт, аха сҩызеи сареи ҳшеицҭалара ҳәа ҳанеиса, ааигәа-сигәагьы акәымкәа, ҳаицны ҳцеит Кындыӷтәи аԥшаҳәахьы. Даҽа ҩыџьа ҳҩызцәа наԥшыҩцәас ишьҭаҳхит аусмҩаԥгатә набыцрада имҩаԥысразы. Амшын ҳҭаларагьы ҳҭыҵрагьы акы акәхеит, аха ихадоу – ҳҩыџьагьы ҳажәақәа нагӡан.
Уи ашьҭахь, дук мырҵыкәа, ибзиаҵәҟьаны игәныскылаз даҽа хҭыск саниеит. Ари уажәшьҭа ааԥын аҵәамҭазы акәын. Аҽны аҩтәқәа рацәаны исыман, аха аамҭа шахызгоз, ауха асааҭ 12 рзы ауп санрыдтәала. Сусқәа зегьы рҭыԥ иқәҵаны санеилга, адәныҟа ашара иалагахьан. Х-сааҭк рышьҭахь аҵараҿы сыҟазароуп, аха маҷӡак сыԥсы сымшьар, азшьаҭараҿ самхацәон аҟнытә, схы нықәысҵеит.
Смыцәац шысҳәоз, адәықәлара аамҭа шааз сырдыруа, акәукәуҳәа сҭел насхаҟааит. Ауха шаанӡа ицәамыз исахьа сымамызт. Саҳәшьа лмашьына сақәтәаны азшьаҭарахь сдәықәлеит.
Аудиториаҿы стәанаҵы сааԥсара еиҳа-еиҳа исыхьӡаны сылақәа анаркырц иаҿын, аха сара сҽасҭаӡомызт. Ҳанааилгақәа, жәаминуҭк аҩны снаӡаанӡа сышԥамхацәари ҳәа схы агәра ганы, снаԥшы-ааԥшуа сдәықәлеит. Зегьакоуп, ақалақь амҩеихдақәа руак аҟны секунд заҵәык сылақәа сцәакызаап. Ианаасыртыз – иҟалашаз ҟалахьан.
Анцәа ила, аӡәгьы цәҟьарак инымлаӡеит, уахьгьы арахьгьы ҳагәқәа ҭҟьеит аҟароуп. Сзысыз машьына дуун аҟнытә, уеизгьы-уеизгьы акгьы амыхьит, аха сара "сқьышә" ҭаҟәаҟәеит хар амамкәа. Ари аус аҭыԥ ақәҵаразы хәыҷык-хәыҷык амчи, алшареи агәабзиареи ныхтәхазаргьы, агәкажьра иаԥсаӡам. Уи иабзоураны амҩаҿы ахымҩаԥгашьазы инаркны, ауаатәыҩса реизыҟазаашьазы аҟынӡа исымаз агәаанагара кырӡа сеиҭахәаԥшит.
Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп ҳәа баша ажәа аҟнытә ишырымҳәарыз… Сынтәатәи ашықәс иалагӡаны иҟан агәырӷьарагьы, алахьеиқәрагьы; иҟан аҵеицәа риирагьы, иара убас ацәыӡқәагьы…
Сынтәатәи ала снапы злаку аус аҟны "атәылақәа сырбгеит" сҳәар, зегьы ианреиҵаха – имцхоит, иааҳарӷәӷәар – иҟалоит ицәгьоурахаргьы. Убри аангьы, шықәсыктәи арҿиаратә нахандеи зынӡа имаџьанан ҳәа аҳәарагьы сзыгәаӷьуам. Ааи, зны-зынла хагарак санеиԥнарҟьоз ҟалалон, аха маҷк иадамзаргьы, уи ыҟамкәагьы – сақәшаҳаҭӡам.
Иуадаҩуп анҵамҭак аҟны шықәсыктәи аԥсҭазаара зегьы аарԥшра. Ныҳәаха ауадаҩ абаҳҭаху, уи аасҭа сазыхынҳәуеит, ашықәс ҿыц ушаԥыло еиԥш ауп ишухыуго ҳәа, сҩымҭа алагамҭаҿы иаасгаз ацәаҳәа. Сгәанала, ашықәс ҿыц ушаԥыло еиԥш, ашықәс ҿыц ауха заҵәык ауп иухыуго. Егьырҭ амшқәа зегьы – даҽа 364 гәалашәароуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Асымпыли аҽҵыхәеи, мамзаргьы аԥхыӡ агәра шызгаз
агәарабжьаратә шьапылампыл аԥҟарақәак