Аҳәахәдеиԥш икьаҿу ажәабжь: ииасыз ашықәс иазкны

CC0 / / Новогодняя елка
Новогодняя елка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018-тәи ашықәс иԥсҭазаараҿы ишымҩаԥысыз дазааҭгылеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ҳаизуаам, ҳаизуаа

Сынтәа аҳәа излашықәсу ала иҵасымзаргьы ҟалап ацәымӷшьара алацәажәара, аха "апынца-картош" уамак згәы азыбылуа сырхыԥхьаӡалаӡам, изыхҟьазгьы сҳәап. Ари аԥстәы агәаӷ самхакит сшыхәыҷыз. Уи  аамҭазы уаӷеимшхара ҳәа аҳәақәа азҩаҿкы рылагьежьны иҟан. Аҳәачымазара ықәызгаша ахәшә аныҟамла  аусахь инашьҭын абџьар мца. Ақыҭақәа рҿы ана-ара улаԥш иҵашәон хархәара змаукәа адәы иқәбаауаз акәац. Аха ахархәара ауаҩы изоуп изамуаз, алақәа ракәзар "рымақьаҭа" ҟаланы иҟан. Ишакәхалакь, дара ус акәыз џьыршьон…

Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Шықәсык иалагӡаны, Sputnik Аԥсны "слаҵеит, срашәеит, аҽаҩра ҭазгалеит"

Усҟан ала шкәакәа ду ҳаман, ахәы быбышӡа. Ашкол аҟынтәи заа аара сазгәаҟуан ихәлаанӡа сызхара сла ацыхәмарра сахьӡарц азы. Аха шьыжьык ашҭа санҭыҵуаз Бобик абжьааԥнеиԥш снаскьанагарц исышьҭамлеит, алахь еиқәышьшьы аҭра иҭатәаны исзыԥшуан. Излаҟалаз сыздырам, аха саргьы рацәак хырҩа амҭакәа, баша агәалаҟара ыҟам ауп ҳәа азысыӡбан, сшәышәуа ашколахь сҿынасхеит. Аиҳабацәа ирҳәо саҳахьан аҳәачымазара алақәагьы шашьуа, аха усҟан уи схахьы имааиӡеит. Ажәакала, сурокқәа рышьҭахь сыццакы-ццакуа сласбахьы саанӡа ачымазара иҟанаҵашаз ҟанаҵахьан.

Абасала аҳәа иахырҟьаны сыԥс хәыҷы зыҿҳәараз ала сцәыԥсит. Ахәыҷтәы гәынкылара иаратәы ианаргазар акәхап, уи ашьҭахь аҳәақәа ахьызбоз алаба иасыргон. Ирхарагәышьааз, дара рхаҭагьы рыԥсы ахәыц иакын, аха шықәсқәак рышьҭахь ауаа дырҩеигь аҳәақәа анырҵеит, хәыҷ-хәыҷы зегьы рҭыԥқәа рахь ихынҳәит, сласба ада. 
Ирҳәалоит ашықәс ҿыц ушаԥыло еиԥш ауп ишухугогьы ҳәа. Иҟалап ари ахшыҩҵак еснагь ахы азмырқьиозар, аха сара схатә ҿырԥштәала арҭ ажәақәа рҵабыргра схазы ишьақәсырӷәӷәеит. Аҿырԥштәы ҳәа сызҿугьы 2018-тәи ашықәс сшаԥылази, насгьы уи ашықәс сара сзы ишымҩаԥысызи еиҭазҳәо ажәабжь ауп.

Аҳәынҵәаҿы шьапыхты еиӷьуп…

Акы исзадкылом ашықәс ҿыц аламҭалазтәи амшқәа ирыцу агәалаҟара ҷыда. Асасааирҭаҿы утәаны асоветеидгылатәи акиносахьақәа урыхәаԥшуеит. Амаҵурҭа аҟынтәи  иааӡоит ачыс афҩы хаа лаҳа-лаҳауа. Уажәы-уажәы ахаа-мыхаақәаа урышьҭаланы уахь уҩналоит-уҩныҵуеит. Ганкахьала, ари амш кыр аамҭа инымҵәарцаз ашықәс ҿыц макьана имааиргьы уҭахуп. Иван Васили-иԥа изанааҭ иԥсахуанаҵы иузгәамҭаӡакәа усаангьы нҭаурцәуеит. Анаҩс дырҩеигь уеихоит амаҵурҭахь.

Абхазский стол  - Sputnik Аҧсны
Гәныҳәа – ашықәс ҿыцазтәи шьыжьхьа

Абасҵәҟьа имҩасуан 2017-тәи ашықәс аҵыхәтәантәи амш: ҭаацәашәала аидтәалара, агәалаҟара бзиа, акы-ҩба ныҳәаҿа… Есышықәса сара ҟазшьас исымоуп Ашықәс ҿыц ауха ааигәа-сигәа исыдынхало сгәылацәа рызнеира, ҽаанбзиала ҳәа раҳәара. Аха уи аҽны аҩны сыҟанаҵы такәы аамҭа сыцәцеит. Хԥа ҟаларц егьагымкәа сгәылаҷкәын игәашә саалагылт. Сахьынаԥшуа аҩны зегьынџьара алашарақәа ырцәоуп, ҷыт-бжьы гаӡом. Ашә аҩналара аналымҵуа аԥенџьырахь уеиха рымҳәеи, ауха уи аԥҟара еиласымгаӡеит. Минуҭкгьы сцәақәымӡит абыжьбатәи аԥхыӡ иалаз сҩыза ирҿыхара. Даҽа минуҭк ашьҭахь алашара ахьакыз аҩнқәа рахь амҩа ҳаицықәлахьан.

Сааҭқәак рышьҭахь ҳхы иадаҳҵаз аплан нагӡаны ҳаҩныҟақәа рахь амҩа ҳанаақәлоз ацәылашара иаҿын. Убасҟан ауп иангәасҭазгьы сҩыза чхьаркла дшыҟаз. Елыр уцозшәа ушьапқәа зыхтуи ҳәа аҵәы илхра саналага, иҟаиҵаз аҭак зынӡа сашьит: "сеимаақәа ҟьашьын" — абас иҟан иҽыҵга. Ҳәарада, ари лафын. Аиаша ҳҳәозар, сара соуп зегьы зхароу. Уи ауаҩ игәы раҳаҭӡа ԥхыӡла амшынҟәара аԥслымӡ ашыраҿы днеиааиуа иԥсы ишьон. Сара данаасырԥш ашьапеилаҳәахаҵәҟьа имҭакәа аԥслымӡ дылганы аҳәынҵәа дныласыргылан, ақыҭа зегьы ҳакәшароуп ҳәа иасҳәеит. Нас аимаа згәалашәодаз?

Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны
Сымҩаду санызаауеит хшыҩзышьҭра зышәҭаша атемақәа шьҭыхны

Ажәакала, сара сзы ашықәс ҿыц актәи амш аибабареи аицәажәареи рацәаны иацын, аԥсуа чеиџьыкеиԥш иҭәы-иԥха имҩасит. Убасҵәҟьа хра злоу ахҭысқәа рыла ибеиахеит саԥхьа ишьҭаз ашықәс егьырҭ амшқәагьы.  Ажьырныҳәа мза иалагӡаны сҵараҿы аӡынтәи аԥышәарақәа қәҿиарала ианасҭа даараӡа сыззыԥшыз аԥсшьара мшқәа соуит. Сгәы рҭынчны саамҭа санақәиҭха Стендаль, Бальзак, Мопассан уҳәа еиҳа сгәы иақәшәоз аҳәаанырцәтәи аклассикцәа сырзыхынҳәит. Хәылԥазыла ахәышҭаара снаҽҳәатәаны Высоцки иаккордқәа рыла агитарагьы сырҵәуалон. Апоет ду ирҿиамҭахь исымоу агәыбылра ихазу темоуп аҟнытә уажәы зынӡаск салалом, даҽазны ҳалацәажәап.

Аибадырра ҿыц

Инаунагӡоу акгьы ыҟаӡам, аӡынтәи аԥсшьарамшқәагьы знымзар-зны инҵәоит. Усҟан реиҭаҿаархоит ҟыбаӡыбеи еилаҩ-еиласреи згым амш цәышҳагәқәа. Дара зегьы адәыӷбақәа реиԥш еснагь иццакуеит, хымԥада  џьара цатәыс ирымоуп, аки-аки рҽырыԥсахуеит. Аха урҭ амшқәагьы зны-зынла рынҵыра рацәаӡам аҟнытә "адәыӷба цәыш" анцалакь иашьҭарххны иаауеит зыԥштәхәы лашоу, аҿыцра узаазго "адәыӷбақәагьы". Ааԥын анҵәамҭазы иааз сара "сдәыӷба" аҷых аԥшшәы аман, "авагонқәагьы" рацәаны иацраҳәан. Шаҟа узақәҵалак иақәҵала – унапы ҿаҳәаны изкыда…

"Sputnik"-и сареи раԥхьаӡа ҳанеибадыр исанаҳәаз абызшәа, азныказы аҳақьым инапҩымҭеиԥш аилкаара сзыцәгьахеит. Уажәаԥхьа ари иаҩызоу аилазаара ду аҟны схы ԥысымшәацызт аҟнытә аҭакԥхықәрагьы сықәыӷәӷәазар ҟалап. Снапырҟәыҷуа-сшьапырҟәыҷуа раԥхьатәи срепортажқәа аназсырхиоз кыр сылахь аԥхӡы алҵит, аха сымҩақәызҵашаз ауаа аныҟала, абла разқәа шырацәаз анызба, саргьы хәыҷ-хәыҷы сԥытлеит, еиҳа-еиҳа арҿиаратә хақәиҭрагьы сныруа салагеит. Ҳәарада, имҩасыз шықәсыбжак иалагӡаны сжурналист духеит ҳәа аҳәара азин сымаӡам, аха сзанааҭ адунеи ҭбаа аҟны шьаҿақәак рыҟаҵаразы алшара бзиақәа сзаатит. Аԥхынра иалагӡаны ԥышәарак аҳасабала нҵамҭа хәыҷқәак кьыԥхьуа напы асыркит аҩышьа аҵара. Уа иҟан анҵамҭақәа, амармалташь бты аҿагылара иазку, аԥсуаа рыԥсшәа еибыҳәашьа атәы зҳәо, акьыԥхьи ашәҟәыԥхьареи рхьаақәа ирылацәажәо, акы-ҩба аспорт атемақәа уҳәа. Ауаа рыҿцәажәара, афактқәа ралԥшаара, хәҭа-хәҭала адырра аизгара – абарҭ апрофессионалтә кәама-ҵамарақәагьы Sputnik абзоурала лабҿаба схаҭа срынио салагеит. Ари аамҭа сара сзы ихадоу ԥышәаран.

Предновогодняя столица - Sputnik Аҧсны
Sputnik аусзуҩ Ашықәс ҿыц ауха...

Аԥхын ирацәан аинтерес зҵаз ахҭысқәа. Кәыркәамзазы Очамчыра ақалақь аҿы имҩаԥган ашьапылампыл маҷ ахраҿазы Аԥсны ачемпионат. Сара уи схы аласырхәит журналистк иеиԥш адагьы хәмарҩык иаҳасабалагьы. Руа еиҳа иахьсықәҿиаз сыздыруам, аха ҳкоманда иҳамҩатәны хы-хәмаррак ҳариааины афинал 1/8 ахәҭаҟынӡа анаӡара ҳалшеит. Иазгәаҭатәуп атурнир аҿы иҭаршәыз ампылқәа зегьы раасҭа иԥшӡаз ҳәа ҳара ҳжәылаҩ импыл шалкаахаз. Уи аҟны ҳара ҳшьапылампылтә ныҟәарақәа ныммҵәаӡеит, ҳагьҽалаҳархәит ҭагалан Аҟәа имҩаԥысуаз ашьапылампыл маҷ азы абзиабаҩцәа рлига актәи аикәшара. Аҩбатәи аикәшара ааԥын ихацыркхоит. Аиааира ҳалшап ҳәа иҵаҵӷәыдам агәыӷрақәагьы сымоуп.

Ԥхынҷкәын мза аҽеиҩшамҭазы III акурс ажурналистцәа ҳаицны хаха-хымш ԥсшьара ҳәа акурорт қалақь "Горки" ҳцеит. Уахь сгитарагьы сыцын. Аҷкәынцәа ишаҳҟазшьоу еиԥш зны-зынла ҳаныӡлоз ыҟан, уи аҵыхәала аҭыԥҳацәа ҳацәгәаарцгьы кырынтә иақәыркит, аха минуҭқәак рышьҭахь ирхыԥсаауан. Ҳныҟәара напхгара азызуаз Екатерина Гьаргь-иԥҳа лыбзоурала ҳара аԥсшьара инаваргыланы аусурагьы ҳҽахьаҳагӡон. Хәылԥазыла ҳанааилатәалакь заа иалаҳххьаз атема ала аицәажәара ҳалагон, ҳәарада, атемақәа зегьы ҳзанааҭ акәын изыдҳәалаз. Гәык-ԥсыкалаҵәҟьа ҳаԥсы шьаны, ҳаччо-ҳахәмаруа, аԥсуашәақәа ҳәо Аԥсныҟа амҩа ҳақәлеит.

Аҩны сахьааиз даҽа жәабжь ҟаимаҭк сзыԥшын: Иапониантәи иааит хымз раԥхьа иҿаҳҵахьаз амашьына. Абар саҳәшьеи сареи ҳзы уаҳа назҭахым ашықәс ҿыцазтәи аҳамҭа.  Аиашазы, аурыс имашьына ашьҭахь ари санақәтәа иҳаирпланызшәа збеит. Уи адагьы аԥсҟы арыӷьарахь ауп иахьамоу, ашьцылара аҭахуп. Излеилышәкааз ала уи "ашьцылара" ҽыҵгас иҟаҵаны амҩа сшықәыз сынтәатәи ашықәс сҭалеит сҳәар рацәакгьы имцхаӡом.

Ажьырныҳәа акы ашьыжь санҿыха, раԥхьатәи амш аҳауа цқьа лбааздап ҳәа адәахьы сахьаадәылҵыз, сгәыла илеиқәаҵәа шьышьык аԥца агәарабжьара иабжьҟьаны иахьцоз сылаԥш нарықәшәеит. Урҭ сахьрыхәаԥшуаз "ари ҵыԥхтәи ашықәс сынтәатәи ԥхьаҟа ацашьа анарҵоит" ҳәа сгәы инҭысҳәааит.

Санҵамҭа аҵыхәанӡа иаԥхьаз зегьы ҽаанбзиала! Еснагь ажәабжь бзиақәа еимаҳдалааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0