Хҭак еицҭазмыршәыз, мамзаргьы амҩатә ҭоурыхк

© Sputnik / Томас ТхайцукАмҩа
Амҩа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа амҩан дзықәшәаз ҭоурыхк дагәылаԥшны еиҭеиҳәоит ауаатәыҩса ҳаилазаараҿы "аизыразра аимхәыц" аԥымҵәара аҵак ду шамоу.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Мышқәак раԥхьа сыуацәақәак рҟынтәи машьынала саауан. Аҵх кыр инаскьахьан аҟнытә са сеиԥш амҩа ианыз ауаа рхыԥхьаӡара рацәамызт. Сандәықәлоз ижжаӡа иакыз акәаԥ ҟаԥшь сылаԥш шақәшәазгьы абылтәыҭирҭа аҟынӡа снанагоит сгәахәит. Ҵабыргны сагьнанагеит. Саангыланы ацаԥхахьы снапы сышьҭуан еиԥш амашьына ахаҭа еихәлацәеит. Уи ауха сбылтәи сымҩеи шеизсырхаз алемсаа идырбазар рызхара исыҵашьыцрын. Аха усҟан сара исыздыруамызт сықәҿиара ари аҿы анҵәара агәы ишҭаз. Еснагь акәапеи аӡы аанагома… Сгәырӷьаҵәа абылтәы зшо атапанча смашьына "ахәда" иҭакны ахә ахысшәаарц сахьнеиз ауадаҿы алашара аркуп, ателехәаԥшыга барбаруеит, аха уаҩԥсы дыҩнаӡам. Азныказы, аԥенџьыр снасҩасын, рацәак сыбжьы ҭымгакәа иҿысҭит, аха жәаминуҭк рыҩнуҵҟа аҭак ҳәа акгьы анысмаҳа сыбжьгьы еиҳа-еиҳа ицәгьахеит. Уаҳа умԥсит, ауада аҩнуҵҟа акагьы аҽаԥсахӡом.

Амашьына аԥсҟы зку аԥҳәыс - Sputnik Аҧсны
Амашьына аԥсҟы зку аԥҳәыс "аграната зку амаамын даҩызоуп"

Иаур Ната, иамур Қьаҭа ҳәа, абылтәы шысмаууаз анызба исыӡбеит аметод "иаа иахәа" схы иасырхәарц. Иҭацәыз аԥаҭлыка кны амҩаду сангыланаҵы акымкәа-ҩбамкәа амашьынақәа сывҟьҟьаны ицеит, аха аангылара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт. Ганкахьалагьы ауаҩы уамашәа ибар алшон абылтәы ҭирҭаҿы сгыланы абылтәы сахьаҳәоз. Убри аҟнытә смашьына сагәҭасны маҷк снахап аасгәахәит, аха ацхыраара иазыхио ишакәхалакь даангылоит ҳәа азысыӡбан, еиҭа ԥыҭрак саагылеит.

Ицеит сааҭк. Ауаа рыразра агәрагара смырӡразы сгыланы схы ажьара сшаҿыз санкарахаӡа, сҩыза аҭел сизасит. Асааҭ акы ҟалахьан, ахьҭагьы аҿан, аха иара жәаминуҭк рыла абылтәы иманы дааит. Ҵабыргны, ауаҩы дануҩызаха ианакәызаалак уҿыхра дазхиахоит. Аҩныҟа амҩа сықәнаҵы анҭ "иццакуаз", саха змамыз ауаа сгәы рзыԥжәон. Анаҩс сгәыԥжәара акәиц маҷк ианааихсыӷь ауха исыхҭысқәаз зегьы хшыҩ хьшәашәала срызхәыцит. Схазы иҟасҵон алкаақәа.

Аԥсны ашьхақәа - Sputnik Аҧсны
Ашьханыҟәа: ашьхеи аԥсуеи — агәи агәаҵәеи узеидыхра аиҳа иузеидыхӡом

Ажәа "солидарность" ҳбызшәаҿы "аизыразра" ма "аихьыԥшра" уҳәа ирацәаны аҳәашьақәа амоуп. Аха аҵакы хада, сгәанала даҽаџьара ҳхьанарԥшуеит, изызкугьы аибатәратә цәанырреи аус аҿы уи ахархәашьеи роуп. Исҳәоит ус сгәы изаанагаз. Ари атермин адәахьала иаанаго иара ззырхо ауаатәыҩса реилибакаара, еицырзеиԥшу хықәкык реицазнеира ауп. Аха иҵегьы ҳагәылалозар иара иаанарԥшуеит аӡәкра, аӡәы ида даҽаӡәы акагьы дшахәарҭам аҵакы. Ҿырԥштәыс иааҳгар ауеит иарбанызаалак аусуратә коллектив. Иаҳҳәап, уи иалоу рхыԥхьаӡара аҟнытә аӡәызаҵәык далшәар аусура зегьы аангылоит, избан акәзар еиҳа иахьхьысҳаз аҭыԥ аҿы иԥҵәеит зегьы еимаздоз, зегьы зхьыԥшыз бла иамбо аимхәыц. Уажәшьҭа аусура ахацыркразы иаҭаххоит уи аимхәыц дырҩегьых аиԥшьра. Абри аҩыза ауаа реихьыԥшра, реизыразра, сгәанала зегьы иреиӷьны аҵакы аанарԥшуеит иаармарианы "хҭак еицҭадыршәуеит" ҳҳәар.

Хҭак еицҭаҳмыршәӡеит, иаҳҳәап, абылтәыҭиҩи сареи. Иара ианақәнагамыз аамҭазы иусуратә ҭыԥ ныжьны дымцазҭгьы ҳҩыџьагьы иаҳҭахыз ҳауан: сара — абылтәы, иара — аҟәрышь. Аха иара иҭакԥхықәрадара иахҟьаны иаргьы саргьы ҳаизыразымхаӡеит, еиқәымшәаӡеит ҳхықәкқәа. Уаҳа иара иҟны абылтәы ҭасҭәаӡом, уи иара ихы иавибалааит ҳәа ҽыргәаа, ҳәарада иҟасҵаӡом. Иҟалаз ҟалеит. Аха ас иҟамлалар ахәҭоуп.

Агәарабжьаратә шьапылампыл - Sputnik Аҧсны
Иахзырҟьаз - иааигоит: агәарабжьаратә шьапылампыл аԥҟарақәак

Аҭҵаарадыррагьы иаҳәаӡом хҭак еицҭазыршәуа ауаа уеизгьы-уеизгьы бзиа еибабалар рыхәҭоуп, неиҩымсрада еицхыраалароуп ҳәа. Ара аус злоу, аилазаара иалоу дарбанызаалак иҭыԥ аҟны иус ишахәҭоу анагӡара ауп. Иаҳҳәап Сибра излеиҭанеиааиуа алақәа рҿырԥштәы алагьы ҳхаҿы иааҳгар ҟалоит хҭак аицҭаршәра иаанаго. Алақәа руакы ишахәҭоу ианамыхо, амч ианеиҷаҳауа, егьырҭ алақәа ирыладыргылаӡом, еидгыланы уи ала рыпҟоит. Ауаатәыҩса реилазаараҿгьы арҭ апринципқәа, шамахак рҽеиҭаркӡом. Убри аҟнытә ауаҩы иус ламысцқьала инаимыгӡозар, раԥхьаӡагьы дазхәыцыр ихәҭоуп иҭакԥхықәрадара егьырҭ ауаа ишырныԥшуа, иара иҵыхәала аизыразратә еимхәыц ԥҵәар шалшо. Еилкаау усуп, ари аҩыза азнеишьала иргылоу аилазаараҿы аилибакаара иаҭыԥӡам.

Сгәанала, кыр ҳара ҳзы ихәарҭахон ҳаизыҟазаашьақәа лассы-лассы зымҩантәи ҳнарыхәаԥшлар. Аҩсҭаа иҟәџьал еиԥш инымҵәаӡо ҳаибарҽхәарақәеи ҳаибарџьарақәеи ҳарҟәаҵны, хҭак аицҭаршәра ҳҽазаҳкыр хараӡа еиӷьзар ҟалап. Убасҟан ауп ҵабыргыҵәҟьаны "абылтәыҭиҩи" "аахәаҩи" анзеилибакаауа, амҩа ианхалаз ауаҩы имҩасуа амашьынақәа анизаангыло. Ишырҳәо еиԥш, напеилаԥса уаҩы дааӡоит, лабеилаԥса уаҩы дашьуеит.

Ааигәа ани абылтәыҭирҭа савсны сцон. Ирацәан "акы инацҳарц" уахь ибжьалоз амашьынақәа. Анцәа иџьшьоуп! Сеигәырӷьеит. Аҭиҩы иԥсы ҭазаап.

Ажәабжьқәа зегьы
0