АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Омар Џьынџьал Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аԥсыӡкра азҵаара Апарламент аҟны ишалацәажәаз.
"Аиԥылара иалахәын ақыҭанхамҩазы аҳәынҭеилакы, аекологиатә маҵзурақәа, аԥсыӡ аусеиҭадуларатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа. Дара рыҿцәажәара ашьҭахь еилыскааит ацәажәара ду цәырызгаз асеинерқәа русура ԥхасҭа дук аман ишыҟам. Дара ирҳәеит аҳәаахьчаҩцәа аӷбақәа ахьыҟоу аҭыԥ шышьақәдыргыло. Еилагарак ыҟазар (500 метра рҟынӡа аҟәара иазааигәахазар - аред.), уи зыхҟьо аидара иаҵоу аӷбақәа аӡеисра рҭыԥ ианахнаго ауп", - иҳәеит адепутат, иагьациҵеит ишырҳәо еиԥш шәарҭара шыҟам.
Апарламентари ишиҳәаз ала, ауааԥсыра згәамҵуа иалоу адәқьанқәа рҟны аԥсыӡ ахьыҟам азоуп.
"Ариаҟара цәажәара ҟаломызт ауааԥсыра аԥсыӡ хкырацәала ирыдгалазар. Уи адагьы Аекологиаз аҳәынҭеилакы аҟны иаԥҵоуп асеинерқәа хылаԥшра рызҭо аштаб", - иҳәеит иара.
Ус шакәугьы, ауаа рҟны абриаҟара цәажәара цәырҵзар, апроблема аҭыԥ амоуп. Урҭ ӡбатәуп ҳәа ишьоит иара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҷыҭанаа аԥсыӡкраан иҟоу афҩы цәгьа азы: азауадқәа рҿаԥхьа зҵаара ықәгылахар алшоит
Какалиа еиҭеиҳәеит акамшьиа акразы аус шцо атәы
Голанӡиа аԥсыӡааглыхыҩцәа қьырала иаарго аӷбақәа рзы: ианреихсуа ахҭысқәа ыҟоуп