Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа аԥсыӡкраан иҟоу афҩы цәгьа азы: азауадқәа рҿаԥхьа зҵаара ықәгылахар алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСавели Ҷыҭанаа
Савели Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥсабара ахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аԥсыӡкра аамҭазы амшын иахьаԥну ицәырҵуа афҩы цәгьа азҵаара.
Ҷыҭанаа аԥсыӡкраан иҟоу афҩыцәгьа азы: азауадқәа рҿаԥхьа азҵаара ықәгылахар алшоит

"Аԥсыӡ зауадқәа русура иахҟьаны анкьеиԥш афҩы цәгьа ыҟоума ҳәа азҵаара ҳаргьы ихҭакны иҳамоуп, избанзар ҳауаажәлар ирԥырхагоу, ргәы икыдгыло, хымԥада, иҟалар ҳҭахым. Ишԥаҟаҳҵари, ааглыхратә усураан фҩык ахылымҵар ауам. Ииашоуп, афильтрқәа ықәгылоуп, урҭ афыҩқәа хырҽуеит, аха 100 процентк ихырҽуа иҟам. Афҩы ауаҩы изымчҳаратәы иҟам, аха иугәамԥхартә еиԥш, хымԥада, ианыҟало ыҟоуп.

Аԥсыӡкраан ари азҵаара есышықәса ицәырҵуеит азы, иҭаҳҵааит адунеи аҟны уи аганахь аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Абри афҩы 100 процентк иаҳа иазааигәаны ихызҽуа афильтрқәа ыҟоуп, ҳара ҳзауадқәагьы акы-ҩба аазхәахьоу ыҟоуп, аха ахә уамашәа идууп. Ус еиԥш азауадқәа ауаа ахьынхо иацәыхаразар акәын. Аԥсыӡ аус адызуло азауадқәа аҳәынҭқарратә биуџьет хазырҭәаауа ауп… Ажәлар рҿы абас агәынамӡара цәырҵуазар, аҳәынҭқарра иқәнаргылар алшоит азҵаара азауадқәа рҿаԥхьа… Ус иҟаҵахап ҳәа сгәы иаанагоит", -иҳәеит Ҷыҭанаа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анаҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0