"Аҭана илеиԥшу": адырреи аҟәыӷареи рынцәахәы аԥсуа мифологиаҿ

Ауаҩы жәытә – натә аахыс ихдырра убас ишьақәгылеит илымшо, зыӡбара уадаҩу ҭагылазаашьак данақәшәалак, еснагь ихы ирхон ажәҩан ахь. Еиҳа зымчу, еиҳа зылшо, дымҩақәызҵаша – анцәа, ма анцәахәқәа рахь.
Sputnik

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ауаҩы дуаҩны адунеи аҿы дшьақәгылеижьҭеи акырӡа шыҵуагьы иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иааигаз ҷыда ҟазшьоуп ҧхьаҟа ахәыцреи аҟәыӷареи.

Цәаблаҟи Напкылҵәеи: аԥсуа мифологиаҿы ауаҩы ицәа анцәахәқәа

Еиҳараӡакгьы аҟәыӷара ҳзааигәоуп ҳҳәар ауеит Кавказ иқәынхо ажәларқәа, избанзар, ҳара аиҳабы – аиҵабы захьӡу аилкаара ҳаҭыр ҳзақәуп. Аиҳабы ҳаихаҵгылоит, избан акәзар, ҳаасҭа дҟәыӷоуп, аҧсҭазаара далаҧшхьеит.

Аха ауаҩы жәытә – натә аахыс ихдырра убас ишьақәгылеит илымшо, зыӡбара уадаҩу ҭагылазаашьак данақәшәалак, еснагь ихы ирхон ажәҩан ахь. Еиҳа зымчу, еиҳа зылшо, дымҩақәызҵаша – анцәа, ма анцәахәқәа рахь.

Аҟәыӷара ажәытәангьы аҩаӡара ҳаракы шамаз арҵабыргуеит адунеи ажәларқәа рҟны еиқәхаз аҟәыӷара анцәахәқәа рхаҿсахьақәа.

Иаҳҳәозар:

• Ажәытә индиатәи амифологиаҿы аҟәыӷареи, адырреи, аҧшӡареи дрынцәахәуп – Сарасвати.

• Ажәытә бырзенцәа рмифологиаҿы аиашареи аҟәыӷареи дырхаҿсахьоуп анцәахәы – Метида.

• Ажәытә римлианаа рмифологиаҿы акәзар, аҟәыӷара данцәахәын – Минерва. Уи ианлымҵаныҳәоз ауаа ирзымыӡбаз, ргәы иҵхоз ӡбатәык аганахь ала ҟәыӷарыла аилыргара анаҭахыз оуп.

Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

Ахылаҧшра рзылуан еиҳаракгьы: апоетцәа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, асахьаҭыхыҩцәа. Избанзар, уи аҩыза азанааҭ змоу ауаа аҟәыӷара рымазар оуп ҳәа азгәарҭон.

• Асловиантә жәларқәа рҿы аҟәыӷареи аҧсабара аиҭарҿиареи дрынцәахәуп – Веста.

• Мысратәи амифологиаҿы еиқәханы иҟоуп аҟәыӷареи аиашареи рынцәахәы Маат лхаҿсахьа. Уи даарԥшуп дыԥҳәыс ԥшӡаны лыхцәы аҩыга аларкьакьан, ма амҵәыжәҩақәа лыҭаны.

• Аерман мифологиаҿы аҟәыӷареи, ахшараиуреи, аибашьреи дрынцәахәуп – Нане.

Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы "Из истории Кавказской диаспоры: абхазы, убыхи" аҿы иааигоит апоет, аҵарауаҩ Омар Беигәа ианҵамҭақәа. Уа иаҳәоит:

"Ажәытәан аԥсуаа дҳаман адырреи аҟәыӷареи рынцәахәы – Аҭана. Уи аук лакәын, иаалыланы. Ажәа мыцхә уалыршьуамызт, аха данцәажәоз лҟәыӷара ааџьаушьаратә иҟан. Зегь пату лықәырҵон. Илшәын лцәа иадшәалоз аҵкы еиқәаҵәа. Ус лплан лсахьа иақәшәоз аҳәса "Аҭана илеиԥшу" ҳәа рзырҳәон.

Аԥсҭазаара зеиԥшрахо аилкаара: Анмираҳ - абзиабара анцәахәы идҳәалоу аҵасқәа

Аха рыцҳарас иҟалаз Аԥсны Аҭана нцәахәык лаҳасабала дырхашҭхьеит, уи илыдҳәалоу аныҳәарақәагьы зынӡа аамҭа иахәнатәит.

Уарла шәарла акәзаргьы, адырреи аҟәыӷареи рынцәахәы – Аҭана лыӡбахә Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҟноуп иахьеиқәхаз, иара уигь зынӡа имаҷӡан.

Иазгәаумҭар залшом, хыхь еиқәыԥхьаӡаз ажәларқәа зегь рҟны аҟәыӷара анцәахәқәа шыҳәсақәоу.

Уи иагьиашазар ҟалап, избанзар, ахшаара зааӡо, убасгьы ацқьареи аҟәыӷареи ирсимволу – аԥҳәыс лоуп.