Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

© REUTERS / PILAR OLIVARESРусалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия
Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дыҟамзар ҟалап дхәыҷы-дду акиносахьақәа, амультфильмқәа, ашәҟәқәа рҟнытә Ӡыӡлан (Русалка) лыӡбахә змаҳац.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ӡыӡлан еиҳараӡак лхаҿсахьа хыҵхырҭас иамоу адунеитә мифологиоуп, избан акәзар, уи илызку алегендақәеи амифқәеи ҳԥылоит, амшын, ма аӡиасқәеи аӡиақәеи ахьыҟоу, шамаха, ажәларқәа зегь рҟны.

Вавилонаа изларыԥхьаӡоз ала, аӡыӡланцәа рышьҭра аауеит Атаргатис захьӡыс аԥсыӡ ҵыхәа змаз анцәахәы лҟнытә.

Тихий час - Sputnik Аҧсны
Цәаблаҟи Напкылҵәеи: аԥсуа мифологиаҿы ауаҩы ицәа анцәахәқәа

Иара убас Ӡыӡлан илыдҳәалоу аҳәамҭақәа ҳԥылоит: Бырзентәыла, Индиа, Ирландиа, Сербиа, Прибалтикеи Германиеи, Азиа маҷ, Урыстәыла, Аԥсны уҳәа реиԥш иҟоу атәылақәа рҿы. Иаазгоит аҿырԥштәқәа: Индиа – аиндуисттә мифологиаҿы Ӡыӡлан ауаҩ ԥшра лымоуп, лыбжьы хаауп, лыԥшӡарала ухылхуеит, аха дуԥырхагам.

Бырзентәыла – уа Ӡыӡлан "Сирена" ҳәа илышьҭоуп – урҭ аԥсыӡ ҵыхәеи анацәхыԥ цҳафырқәеи змоу, убла хызкуа ҭыԥҳацәоуп.

Сербиа – Ӡыӡлан уа "Вила" ҳәа ауп дшырдыруа. Аӡиақәеи аҵеџьқәеи дрынцәахәуп. Асерб жәлар рмифологиаҿы лара аҵыхәа лымаӡам, амҵәыжәҩақәа роуп. Оумак ала дыԥшӡоуп, аҵкы шьқьыр лшәуп.

Прибалтикеи Германиеи – Ӡыӡлан "Ундина" ҳәа илышьҭоуп, "унда" иаанаго аӡы, ацәқәырԥа оуп. Ундина – дҭыԥҳа ԥшӡоуп, зны-зынла аӡы дааҭыҵны ахаҳә днықәтәаны лыхцәы лҳәоит, лыбжьы хаакәакәарала ахацәа лытҟәоит.

Ирландиа – аӡы анцәахәы илыхьӡуп Мерроу. Уи амшын дҭоуп, илымоуп аԥсыӡ аҵыхәа, дыблахкыгоуп. Аха аԥсыӡкцәеи, аӷбарныҟәцаҩцәеи дырԥырхагам. Изларҳәо ала, Мерроу, ахылԥа ҟаԥшь лхалҵоит. Уи ахылԥа ҟаԥшь лхыуԥаар, наунагӡа амшын ахь дзымхынҳәуа аҿықә аҿы даанхоит.

Асловиантә жәларқәа рҿы – Ӡыӡлан лхаҿсахьа ҵоуроп ҳзыҳәаӡом. Иӡыӡланцәахоит ҳәа ирыԥхьаӡон зҽызшьыз, ма аӡы иахәаҽыз аҳәса.

Аԥсуаа ҳҟны Ӡыӡлан лыхьӡ авариантқәагьы амоуп. Зных уи ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә ҳәа лзырҳәоит, даҽа зных уи лыхьӡ зынӡа имҳәакәа "аӡы иҭоу" ҳәа лзырҳәоит. Лара еснагь дҿоуп, ажәра лықәӡам, лыхцәы лышьхәаҟынӡа илеиуеит, лцәа-лжьы аԥсыӡ еиԥш ихьшәашәоуп, ихтуп. Ӡызлан аӡыхьқәа, акәарақәа, аӡиақәа дырхылаԥшхәуп. Урҭ нхарҭас илымоуп. Аԥсуаа ҳ-Ӡыӡлан егьырҭ ажәларқәа рмифологиатә персонаж дызлареиԥшым убри оуп, уи лшьапԥынҵақәа лышьҭахьҟа ихоуп, лышьхәақәа лаԥхьаҟа. Убри аҟнытә уи лышьҭахьҟа лкажьра уадаҩуп.

Амифқәа изларҳәо ала, Ӡыӡлан асаркьа лымоуп, уи даныԥшыланы адунеи аҿы иааҟало зегь лбоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Афольклорист С. Л. Зыхәба иазгәаиҭон:

"Амифқәа рҿы ауаҩи ӡыӡлани еиԥылар, еиқәшәар, еиҵагьежьны еиқәԥоит. Уи ақәԥараҿы ауаҩы даҵахар, деилалгоит, ихшыҩ аҭыԥ иқәылҟьоит. Ус акәымкәа, иара дылиааины лыхцәы шьыҵәрак, ма лнацәхыԥ излымхыр, илиааиз ауаҩ димаҵуҩхоит. Лҟәых иара иманаҵы лара диԥырҵны цашьа лымаӡам. Аха лыхцәы анылыԥшаалак, зыҩны дыҟаз, зымаҵ луаз аԥшәма ацәгьара изуны, лара дылкылахәаша дцоит".

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

Аҩнаҭа ҿыц иҩнанагалаз аҭаца Ӡыӡлан дылзыцәгьамхарц азы иҷыдоу аныҳәара мҩаԥымгакәа аӡахьы днарышьҭуамызт. Аныҳәара анымҩаԥыргалак, Ӡыӡлан лгәы аныҟарҵалак ашьҭахь акәын аҭаҵа аӡахьы ацара азин анлоуаз.

Ишаҳбаз еиԥш, Ӡыӡлан нцәахәык лаҳасаб ала аԥсуаа рмифологиаҿ деиқәханы дыҟоуп. Уимоу дыҟаҵәҟьан, дагьаҳбахьеит ҳәа зҳәо, агәра зго, уажәыгь иуԥылоит.

Убасгьы иуԥымлар залшом уи лыҟазаара зынӡа иадымгыло, ихыҭхәыцаауп ҳәа изыԥхьаӡогьы.

Аха урҭ аҩ-гәаанагаракгьы мап рыцәкра уадаҩуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0