Аекономика аминистрра: Урыстәылантәи афымцалашара аашьҭра арыцхә шьақәыргылам

"Коммерсантъ" ишаанацҳауа ала, афымцалашара Адлернтәи Аԥсныҟа Афымцамҩангаратә цәаҳәа "Салхони" ала иаарышьҭуеит жәабран 1 инаркны. Жәабран-хәажәкыра рзы аенергодефицит ахҩаразы иаашьҭхоит 200–250 миллион киловатт-сааҭ.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 31– Sputnik. Аиҿцәажәарақәа цоит, аха Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭра ианалаго арыцхә шьақәыргылам ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны Аекономика аминистрраҟынтәи.

"Шьыжьнаҵы Урыстәыла Афымцамч азы аминистрреи апрофильтә усбарҭақәеи Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭразы азҵаара ҳалацәеит. Иахьа адҵақәа рырҭап, мышқәак рыҩнуҵҟа афымцалашара аашьҭра иалагап ҳәа ҳақәгәыӷуеит", - иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба. 

Иара убас иара иазгәеиҭеит Аԥсны афымцамч аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. Уи аус аӡбаразы аҿҳәарақәа ирнахар акәхеит Аԥсны аполитикатә проблемақәа ахьцәырҵызи Урыстәыла аиҳабыра ахьырыԥсахзи иахҟьаны.

Агазеҭ "Коммерсантъ" адыррақәа рыла, Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭра иалагоит жәабран 1 инаркны. "Интер РАО" иаанашьҭуа афымцалашара ахәԥса 2 мааҭк иаԥсахоит киловатт-сааҭк азы.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭра аҿҳәара нықәырԥшшәа ирҳәеит

Аԥсны иҟоу аамҭалатәи аенергодефицит ахҩара азҵааразы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи Урыстәыла аенергетика аминистр Александр Новаки ҭелла еицәажәеит ажьырныҳәа 29 рзы.

Александр Новак иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа рыӡыбрала урыстәылатәи аган иахәҭаны иҟоу аструктурақәа адҵа рнаҭахьеит ҳәа. Аха абри ашьҭахь уаҳа дыррак ыҟам рҳәеит аминистрраҿы.

Аԥсны ажьырныҳәамзазы Урыстәылахь аҳәара ҟанаҵеит атәылахь афымцалашара аашьҭразы, Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу инамаданы. Уажәы уа аӡы аҩаӡара 439 метра иҟоуп. 420 метранӡа ианлеилак, афымцастанциа аусура ааннакылоит. Убри азыҳәа ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәо иалагеит. АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит. Есҽны ахархәаҩцәа ҩынтә ҩба-ҩба сааҭ фымцалашара иаанхоит.

Афымцалашара арцәара иахҟьаны авирустә чымазарақәа рыҽдырҭбаауеит

Аӡы аҩаӡара мышкы иалагӡаны метрак аҟынӡа илаҟәуеит. Аԥхьаӡарақәа рыла афымцалашара мышктәи ахархәара 4,5 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа еиҵатәымхар, ма урыстәылантәи иаагамхар, жәабран 10-12 рзы астанциа аус амур ҟалоит, ма уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ҩба-хԥа сааҭ аус аулоит.

ЕгрыГЕС ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ақәоура маҷуп. Иахьынӡаԥхарраз афымцамч ахархәара уахыки-ҽнаки рыла 8 - 8,5 миллион киловатт-сааҭ ыҟан. Ишаахьҭахаз, уи еиҳагьы иацлеит.

Бганбеи Новаки реицәажәара ашьҭахь ауснагӡатә амҩаԥысшьа ахылаԥшра инапы ианҵан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

2019 шықәса рзы Урыстәылантәи афымцалашара Аԥсныҟа аашьҭра ахәԥса 190 миллион мааҭ артәеит. 2016 - 2017 шықәсқәа раан – 771,812 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: