Аграфик анҭыҵтәи афымцалашара арцәара аҳақәа аидара рацәа иахьаҵо иахҟьоит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРегионы России. Крым
Регионы России. Крым  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәо иалагеит. Уи зыдҳәалоу Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу ауп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аграфик анҭыҵтәи афымцалашара арцәара зыхҟьо афымцалашаратә ҳақәа аидара рацәа иахьаҵои авариақәа ахьыҟалои ауп. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит афымцаргыларақәа Аҟәатәи аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Џьынџьал.

"Аграфиктә аамҭа ашьҭахь алашара аныҟалалак ауаа афымцатә хархәагақәа адыркуеит. Уи аҳақәа рзы иеидарахоит. Зны-зынла афидерқәа ҳзаҿакӡом", - иҳәеит иара.

Афымцамч аӡын Аԥсныҟа аашьҭра азҵаара иалацәажәеит аԥсуеи аурыси ганқәа - Sputnik Аҧсны
Афымцамч аӡын Аԥсныҟа аашьҭра азҵаара иалацәажәеит аԥсуеи аурыси ганқәа

Афымцаргыларақәа Аҟәатәи аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Џьынџьал иажәақәа рыла СУЕС аусзуҩцәа арежим ӷәӷәала русура мҩаԥыргоит, аҷаԥшьаратә бригадақәа аԥҵоуп.

"Алашара арцәареи аркреи ҳмыругақәа ирԥырхагоуп, ишьақәнаҟьоит", - иҳәеит иара.

Ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәо иалагеит. Уи зыдҳәалоу Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу ауп.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит.

Иахьазы Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара 445 метра роуп иҟоу. Аӡы аҩаӡара мышкы иалагӡаны метрак аҟынӡа илаҟәуеит. Аԥхьаӡарақәа рыла афымцалашара мышктәи ахархәара 4,5 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа еиҵатәымхар ма урыстәылантәи иаагамхар, жәабран 10-12 рзы астанциа аус амур ҟалоит, ма уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ҩба-хԥа сааҭ аус аулоит.

ЕгрыГЕС ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ақәоура маҷуп. Иахьынӡаԥхарраз афымцамч ахархәара уахыки-ҽнаки рыла 8 - 8,5 миллион киловатт-сааҭ ыҟан. Ишаахьҭахаз, уи иацлеит.

Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны Аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аусутә еилацәажәара.

Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин иԥылараан аӡынтәи аамҭазы афымцамч Урыстәылантәи Аԥсныҟа аашьҭра азҵаарагьы иалацәажәан. Ари азҵаара ацәырҵра адҳәалоуп Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0