АҞӘА, жәабран 4- Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәеи аиҵбыратә классқәеи рзы аҵаратә процесс аԥкырақәа алагалахеит ҳәа.
Ари аԥкыра мзызны иазыҟалаз аимҳәеи егьырҭ авирустә чымазарақәеи рцәырҵроуп.
Аԥкыра мҩаԥгахоит жәабран 4 - 10 рзы. Адлеиаԥҳа лажәақәа рыла аԥкыра карантиным.
Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиаԥҳа азин шлымоу лнапаҵаҟа иҟоу аобиектқәа рҟны абасеиԥш иҟоу аԥкырақәа ралагалара.
"Аԥкырақәа ралагалара ҟалоит 7-10 рыҩныҵҟа. Акарантин 14 мшы аҵанакуеит, асанитартә ҳақьым хада иӡбамҭала", - лҳәеит лара.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла аԥкыратә уснагӡатәқәа алагалан Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Гәылрыԥшь араионқәа рҵаратә усҳәарҭақәа рҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҳақьым: алаҵа авирустә гәаҵәкра ԥнарҟәҟәаауеит
Авирустә кониунктивит аҽарҭбааит