Sputnik амчыбжь: акандидат ҿыц, абахҭаҿы ауаҩшьра, амитингқәа

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит амчыбжь аҩныҵҟа ареспубликаҿы иҟалаз, иналукааша ахҭысқәа.
Sputnik

Ииасыз амчыбжь беиан еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла: еилкаахеит Адгәыр Арӡынба атәыла ахадас икандидатура шықәиргыло, апартиақәа "Амцахареи" "Аиҭаиреи" аполитикатә алианс шеиҿыркаауа, акоррупциа иаҿагыло азакәан адкылара, РУСДРАМ аспектакль ҿыц.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Адгәыр Арӡынба атәыла ахадас икандидатура ықәиргылоит

Адгәыр Арӡынба кандидатс иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы иҭаргалеит жәабран 6 рзы. Аԥшьгаратә гәыԥ 25-ҩык ауаа алахәын.

Аԥшьгаратә гәыԥ АКХ аҟны ашәҟәы дҭаргалеит Адгәыр Арӡынба

Адгәыр Арӡынба 2015 шықәсазы мшаԥымза инаркны иахьанӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр. 2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Адгәыр Арӡынба Аекономика аминистри Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩи рнапынҵақәа еидибало далагеит.

Адгәыр Арӡынба инаҩсан АКХ аҟны ашәҟәы аьәыла ахадарахьы акандидатцәа ҳәа ашәҟәы рыҽҭаргалеит Кан Кәарҷиа, Аслан Бжьаниа, аполитикатә партиа "Акзаара".

АКХ аҟны иаԥҵоу алингвистикатә комиссиа аилатәара ашьҭахь еилкаахеит, акандидатцәа аԥсуа бызшәа ахьынӡардыруа азы аԥышәарақәа жәабран 10, 11 рзы ишымҩаԥырго.

Алингвистикатә комиссиа атәыла ахадарахь акандидатцәа рзы рҭахрақәа дыркәадоит

Аполитикатә алианс

Жәабран 7 рзы аполитикатә партиақәа "Амцахареи" "Аиҭаиреи" аконсультациақәа мҩаԥыргеит. Аиҿцәажәара ашьҭахь апартиақәа рыҩбагьы гәаанагарак иазкылсны Бадра Гәынба идыргалеит ахада ихаҭыԥуаҩыс аҟалара иақәшаҳаҭра.

Аполитикатә партиа "Аиҭаира" алахәыла Леонид Лакербаиа иҳәеит аоппозициатә кандида Аслана Бжьаниа атәыла ахадас дҟалар, аԥыза-министрс Александр Анқәаб дҟалоит ҳәа.

Акоррупциа аҿагылареи Апарламент асессиеи

Акоррупциа иаҿагыло азакәан адкыларазы ақәԥаҩцәа жәабран 4 рзы Апарламент аԥхьа еизеит. Жәабран 6 рзы Апарламент адепутатцәа рсессиаҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан рыдыркылеит аха активистцәа уи азакәан акритика азыруит, ариашарақәа шыҟаз иахьаанрыжьыз азы.

 

Апарламент аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа закәанымкәа ишрырҭоз аанарԥшит

Иара убасгьы Апарламенттә комиссиа иаанарԥшит аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа закәанымкәа ишрырҭоз. Абри атәы иҳәеит Жәлар реизара адепутат Дмитри Дбар Апарламент аилатәараҿы.

Иара убасгьы иҳәеит акомиссиа ишаанарԥшыз апаспорт-визатә маҵзура аусура ишахәҭаз еиԥш ишымҩаԥымсуаз. Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба иҳәеит адепутатцәа рзыҳәа инақәыршәаны уажәы аусҭҵаарақәа шцо.

Амиллионқәа гәырӡ-шашәаӡ иӡуеит

Аԥсны Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банк аҿы аҭыԥ змоу аԥарацәӡара ҭнаҵаауеит. Абанк аҟынтәи 730 миллион мааҭ ӷьычуп ҳәа адырра ҟанаҵеит ахылаԥшратә усбарҭа асаит.

Ари ахҭыс аарԥшхеит абанкҩныҵҟатә гәаҭараан. Аԥара абанк акассала, иара убас, Аԥсны аҩныҵҟаи анҭыҵи аԥараиагареи рыҟазшьала абанк иҭыган. Азеиԥш ԥхасҭа иартәеит 729 миллион 479 нызқь мааҭ.

Агәаҭара алкаақәа рыла ирыдыркылоит апроцессуалтә ӡбамҭа.

 

Аԥсны Апрокуратура хада Аҵәахырҭатә банк аҿы аҭыԥ змоу аԥарафара ҭнаҵаауеит

Амилаҭтә банк 2018 шықәса рзы Аҵәахырҭатә банк аҿы аӷьычрақәа шыҟаз атәы аҳәахьан

Дранда абахҭаҿы ауаҩшьра

Дмитри Озган ишьра далахәын ҳәа зыхьӡ ҳәаз Асҭамыр Ӡиӡариа дшьын Дранда абахҭаҿы, жәабран 4 ауха. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны апрокуратура хада асаит.

Озган ишьра далахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟаз ахаҿы абахҭаҟны дыршьит

"Аԥсыбаҩ агәаҭараан ишьақәыргылан Ӡиӡариа ицәеижь ахәрақәа жәпакы аман ҳәа. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ҭҵаауп, иаԥҵоуп аӡбара -медицинатә експертиза, имҩаԥыргоит аоператив-ҭҵааратә уснагӡатәқәа ацәгьа зуз ахаҿы ишьақәыргыларазы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥҳәыс лӷьычра иалахәын ҳәа иԥхьаӡоуп: Асҭамыр Ӡиӡариа, Геннади Блаб, Арден Чантуриа, Џьумбер Аҩӡба. Дмитри Озган ишьра иалахәны иԥхьаӡоуп Асҭамыри Алхаси Ӡиӡариаа. Дмитри Озган иакәзаргьы Ирина Дочиаԥҳа лӷьычра далахәылан ҳәа азгәаҭоуп.

Аиҳабыратә еиндаҭлара

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара алаҳәара ҟанаҵеит аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс аҟны аԥхасҭа зыҭаз ашәқәа реиҭашьақәыргылареи аҿыцқәа раахәареи зылшо рыбжьара аиндаҭлара. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Аиндаҭлара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылаҳәоуп алотқәа хԥа.

  • Актәи алот ахь иаҵанакуеит аихашәқәа хәба раахәареи рықәыргылареи. Ахәԥса - 1 213 040 мааҭ.
  • Аҩбатәи алот ахь иаҵанакуеит 16 еихаци 16 цаԥхеи раахәара, урҭ рышәреи рышьақәыргылареи. Ахәԥса - 457 360 мааҭ.
  • Ахԥатәи алот ахь иаҵанакуеит 62 ӷәтәы шәқәеи урҭ зҭадыргылои реиҭашьақәыргылара, амаақәеи ацаԥхақәеи рыԥсахра, ажәытәқәа рҿыхра, уб.иҵ. Ахәԥса - 2 143 462 мааҭ.

Алотқәа рыхԥагьы идыртәоит 3 813 862 мааҭ.

Аиҳабыратә хыбрақәа аремонт рзуразы аиндаҭлара рылаҳәоуп

Арзаҳал анашьҭра ҟалоит Аминистрцәа Реилазаара аусмҩаԥгарҭахь жәабран 6 - 17 рзы.

Аихшьаалақәа ҟаҵахоит жәабран 25 рзы.

"Оскар" аԥсышәала

Жәабран 6 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы идырбан Клод Манье икомедиа "Оскар". Аспектакль арежиссиор–Сергеи Ефремов.