Алингвистикатә комиссиа атәыла ахадарахь акандидатцәа рзы рҭахрақәа дыркәадоит

© Фото : HelloquenceАлингвистикатә комиссиа аҭахрақәа аркәадоит
Алингвистикатә комиссиа аҭахрақәа аркәадоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны алхратә комиссиа аӡбрала Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы. Алингвистикатә комиссиа аусура иалагеит 2020 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭазы.

АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik. Алингвистикатә комиссиа атәыла ахадарахь акандидатцәа рзы рҭахрақәа дыркәадоит, иҳәеит алингвистикатә комиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ Валентин Коӷониа радио Sputnik аинтервиу аҭо.

"Аԥхьанатә абызшәа адырразы ҳҭахрақәа рӷәӷәатәуп ҳәа иаҳшьеит. Сара соуп уи аидеиа авторс иамаз. Ииасыз ашықәс аан акандидатцәа рацәак аԥсышәала ацәажәара рҭахымызт адебатқәа раан. Аха уажәы аԥышәара зҭиуа ҩыџьа акандидатцәа роуп. Ус анакәха урҭ рзы мацара аруадаҩра иашам", - иҳәеит иара.

Аԥсны АКХ ашәҟәы иҭанагалахьеит аполитикатә партиа "Акзаара" (Леонид Ӡаԥшьба), аԥшьгаратә гәыԥқәа хԥа (Аслан Бжьаниа, Кан Кәарҷиа, Адгур Арӡынба).

Акомиссиа иалоуп хәҩык ауаа – ААУ апрофессор Алықьса Касланӡиа, адоцент Баҭал Хагәышь, Аԥсуаҭҵааратә институт апрофессор Леонид Саманба, ААУ адоцент Диана Аџьынџьал, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ Валентин Коӷониа.

Аԥышәара ашьҭахь акандидат ирҭоит уи аихшьаалақәа шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭга, Алхратә комиссиа Хадахьы анагаразы. Аршаҳаҭга аҟамзаара ма иҵоурам алкаақәа иалдыршоит акандидат аҭаҩра иахыжьра мап ацәкра.

Аԥсны алхратә комиссиа аӡбрала Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0