Аиҳабыратә хыбрақәа аремонт рзуразы аиндаҭлара рылаҳәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров
Кабинет министров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 9-12 рзы Аҟәа Ахада иусбарҭа аҿаԥхьа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциақәа раан аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс аԥхасҭа аҭан.

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара алаҳәара ҟанаҵеит аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс аҟны аԥхасҭа зыҭаз ашәқәа реиҭашьақәыргылареи аҿыцқәа раахәареи зылшо рыбжьара аиндаҭлара. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Аиндаҭлара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылаҳәоуп алотқәа хԥа.

Актәи алот ахь иаҵанакуеит аихашәқәа хәба раахәареи рықәыргылареи. Ахәԥса - 1 213 040 мааҭ.

Аҩбатәи алот ахь иаҵанакуеит 16 еихаци 16 цаԥхеи раахәара, урҭ рышәреи рышьақәыргылареи. Ахәԥса - 457 360 мааҭ.

Ахԥатәи алот ахь иаҵанакуеит 62 ӷәтәы шәқәеи урҭ зҭадыргылои реиҭашьақәыргылара, амаақәеи ацаԥхақәеи рыԥсахра, ажәытәқәа рҿыхра, уб.иҵ. Ахәԥса - 2 143 462 мааҭ.

Аиҳабыра зыҩноу ахыбра аҿагыларатә акциаан иаиуз аԥхасҭа ахәшьара аҭоуп - Sputnik Аҧсны
Аиҳабыра зыҩноу ахыбра аҿагыларатә акциаан иаиуз аԥхасҭа ахәшьара аҭоуп

Алотқәа рыхԥагьы идыртәоит 3 813 862 мааҭ.

"Аиааира игоит ҳәа дрыԥхьаӡоит еиҳа ахәԥса маҷ ала аахәарақәа, аусурақәа зегь рымҩаԥгара зылшо", - ҳәа аанацҳауеит асаит.

Арзаҳал анашьҭра ҟалоит Аминистрцәа Реилазаара аусмҩаԥгарҭахь жәабран 6 - 17 рзы. Аихшьаалақәа ҟаҵахоит жәабран 25 рзы.

Ажьырныҳәа 31 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны ирыӡбахьан аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс аиҭашьақәыргыларазы Аиҳабыра арезервтә хархәагақәа рҟынтәи хә-миллионк инарыцны аԥара шоурыжьуа.

Ажьырныҳәа 9-12 рзы имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциақәа раан аиҳабыратә хыбрақәа аԥхасҭа рыҭан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0