АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik. Аԥсны Апарламент аҿы аус адулоуп адемографиатә политиказы азакәан апроект ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Алхас Џьынџьал.
"Адемографиа адунеи зегь аҟнеиԥш ҳара ҳҿгьы ирацәаны афакторқәа анырра арҭоит: аусутә миграциа, ауааԥсыра рурбанизациа, аԥарарҳаразы атәымтәылақәа рахь ацара уҳәа", - иҳәеит иара.
Џьынџьолиа иажәақәа рыла, адемографиатә политика иадҳәалоу афакторқәа зегьы ирызхәыцны Апарламент аҿы иаԥҵан аусутә гәыԥ. Абри азы азакәанԥҵара аус адулан 2020 шықәса жәабран 1 азы.
Ахықәкытә программа апрограмма маҷқәа рыла еихыршарц рыӡбеит: ахәҭак аҭаацәара қәыԥшқәа нхарҭала реиқәыршәара иазырхоуп, егьи – усурҭаҭыԥла, ахԥатәи – амедицинатә цхыраара.
"Анхарҭала аиқәыршәаразы аус зуа апрограмма ырҭбаатәуп, агха-ԥхақәа ацрыхтәуп. Аҿыц аргылара аҳәынҭқарра амч ақәымхозар, аҩынтәтәи аџьармыкьа ахархәара аҭатәуп", - иҳәоит апарламентари.
Амедицинатә цхыраара акәзар, араионқәеи ақыҭақәеи рҿы акыр еиҵахоуп.
Атәылаҿ адемографиа аҭагылазаашьа далацәажәо адепутат иҳәеит урҭ апроблемақәа хымԥада иӡбамхар ашәарҭара ду ҳашҭагыло.
Асоциалтә усхк аҟны азакәанԥҵара аус адулазарц Аԥсны апарламент аусутә гәыԥ аԥнаҵеит жьҭаара 31, 2019 шықәса рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Дбар: арепатриациа адемографиа иахәҭакуп
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аструктура аиҭакрақәа алагалахеит