Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чамагәуа: ҳхы аиқәырхара ҳнапаҿы иҟоуп

© Sputnik Леонид Чамагәуа
Леонид Чамагәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 23 1993 шықәса рзы Аԥсны иаԥҵан арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспареи ҳҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа рырҿиаразы. Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Леонид Чамагәуа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы Арепатриациа аминистрра лшарас иаҭатәу ҳәа ииԥхьаӡо атәы.
Чамагәуа: ҳхы аиқәырхара ҳнапаҿы иҟоуп

"Иахьа иҳамоу Арепатриациазы аминистрра аҳәаақәа иҵегьы ирҭбаатәуп. Арепатриациа ахаҭа Аԥсны иашьагәыҭу аԥсуа жәлар ҳхыԥхьаӡара еиҳахарц азы иаҭахуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы, аиаша ҳҳәозар, ииаӡаауа ажәларқәа рхыԥхьаӡара ҳалоуп. Ххы аиқәырхара ҳнапаҟны ауп иахьыҟоу. Изааӡарызеи, егьырҭ атәылақәа рҟынтәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иаауа маҷуп. Ҳхыԥхьаӡара иҵегьы еизҳар ҳҭахызар, иара аминистрра арепатриациа мацара акәымкәа, иааизакны ҳдемографиагьы иазкны алшара роуа иҟаҵатәуп. Ҳауаажәлар арепатриантцәа рнаҩсгьы, араҟа инхо ҩныда иҟоу, ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа убра рыхәҭаа ҟало, аҩнуҵҟатәи адемографиа ҳзацхраар, иахьатәи аамҭазы иаҳа алҵшәа ҟалон", - иҳәеит Чамагәуа.

Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы министрраны иҟаҵан 2018 шықәса лаҵарамза 4 рзы.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0