Урыстәылатәи Су-24 Идлиб атеррористцәа ирыжәлеит

Ажәылараан ааха рыҭан атеррористцәа рабџьари ртехникеи. Уи иалнаршеит шьамтәылатәи ар атеррористцәа шьҭахьҟа рыԥхьацара.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Абомбакажьгақәа Су-24 Идлиб атеррористцәа ааха рырҭеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ажәылараан иҭархан танкк, БМПқәа фба, ахысгақәа зықәгылаз амашьынақәа хәба.

Шьамтәылатәи ар Алеппо аладатәи акалҭ ахы иақәиҭыртәит

"Ацәгьоуратә еиҿкаарақәа Шьамтәыла агәы ралалара аԥырҟәҟәааразы Шьамтәыла анапхгара иҟарҵаз аҳәарала урыстәылатәи Су-24 рыла атеррористцәа амца рыжәҵан. Уи шьамтәылатәи ар атеррористцәа шьҭахьҟа рыԥхьацара алнаршеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла шьамтәылатәи ар апровинциа Идлиб иатәу ақалақь Саракибаҿ аҭырқә ар рыԥхьацара аҽазнашәеит.

Ажьырныҳәамзазы шьамтәылатәи ар Идлиби Алеппои иахьрыҵаркуаз ажәыларақәа мҩаԥыргеит, атеррористцәа есыҽны аҭынч уааԥсыра ирылахысуа иахьындырҵәоз иахырҟьаны.

Хымз рыҩныҵҟа Асад ир ахы иақәиҭыртәит 600 километр ԥшьыркца адгьылҵакыра, ақалақь Маарет-Нууман, амҩаду М5 Дамаск - Алеппо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: