АҞӘА, цәыббра 5 — Sputnik. Шьамтәыла аиҳабыратә ар Алеппо аладатәи акалҭ аҟны иҟоу арратә школ аҵакырадгьыл ахы иақәиҭыртәит.
Ажәылара хацыркын амҽыша ауха. Сухеил Аль-Хасан инапхгарала арратә гәыԥ "Тигры" алахәылацәа ирылдыршеит Алеппо аквартал Рамуси анхарҭаҭыԥ Хан-Тумани еидызҳәалоз амҩа атеррористцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра. Убри ашьҭахь иалаган арратә ҵараиурҭақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рзы аибашьра.
Уажәтәи аамҭазы атеррористцәа рнапаҿы иаанханы иҟоу артиллериатә ҵараиурҭа заҵәык ауп.
Артиллериатә ҵараиурҭа ахы иақәиҭтәны иҟалар аиҳабыратә ар ирылдыршоит Рамус итәоу атеррористцәа рыкәшара. Уи алагьы иалдыршоит ақалақь ладала узлалало амҩаду аартра.
Иахьазы Алеппоҟа уназго ҳәа иҟоу Кастилло амҩаду заҵәык ауп.