Аԥсны амцакрақәа рхыԥхьаӡара иацлеит

Аԥсны иахьаҵанакуа амцакрақәа реиҳарак мзызны ирымоу аҭыԥантәи ауааԥсыра рынхарҭақәа рыкәша-мыкәша иҟоу адгьылқәа дрыцқьаразы аҳаскьын ҩеи егьырҭ иҩахьоу аҵиаақәеи амца ахьрыцрарҵо азоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11– Sputnik. Адгьылҵакырақәа ррыцқьаразы амцацраҵарақәа аҭагылазаашьа дыруадаҩит. Аҵыхәтәантәи ахымш рыҩныҵҟа АҶА аусзуҩцәа 59-нтә амцарцәарахь инеиит. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Ҭыԥ-ҭыԥла амцакрақәа ыҟоуп Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара. Аминистрра аусзуҩцәа ражәақәа рыла дара ирылшеит жәабала анхарҭаҩнқәа амца рацәыхьчара.

Уаанӡа, Аԥсны араионқәа хәба - Тҟәарчал, Гагра, Очамчыра, Гәдоуҭа, Аҟәа - амцакрақәа цәырҵит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Ахәаша, хәажәкыра 6 рзы абнабылрақәа ҟалеит быжь-раионк рҟынтәи хә-раионк рҿы: Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра, Гал араионқәа рҿы. Урҭ абылрақәа ауаҩы инапы иахҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит АҶА аҟны.

Аҭагылазаашьа аицәахара зыхҟьаз ауаа рынхарҭақәа рыкәша-мыкәша иҟоу адгьылқәа, аарыхырҭақәа ррыцқьаразы аҳаскьын ҩа амца ахьацрарҵо ауп. Аминистрра ауаа ргәырҽанырҵоит ас еиԥш хымхәыцрала ахымҩаԥгара ишәарҭоу аҭагылазаашьахь икылнагар шалшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: