Алада Ешыра ақыҭан ацитрустә плантациа абылра иахҟьаны аснариад ԥжәеит

© Sputnik / Акоп Кущян Лесной пожар
Лесной пожар  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абылра аҵакыра 10 гектарк раҟара ыҟоуп, уажәазы аиқәырхаҩцәа амца ахьакыз аҭыԥ ахәҭак арцәара рылшеит.

АЛАДА ЕШЫРА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Шыцкәара аҳаблан ацитрустә плантациаҟны иҟалаз абылра иахҟьаны иеилкаам аснариад хкы ԥжәеит ҳәа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит АҶ рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Иҟалаз аԥжәара аӡәгьы ааха инамҭеит. Гындиа иажәақәа рыла, АҶА асапиорцәа еилыркаараны иҟоуп иарбан снариад хку иԥжәаз, иара убас игәарҭоит абылра ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны егьырҭ иԥжәо амаҭәарқәа ыҟоу иҟаму.

Саҭбеи Гындиа иазгәеиҭеит абылра ауаҩытәыҩса инапы иахҟьазар ҟалап ҳәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра рынхарҭақәа рыкәша-мыкәша иҟоу адгьылқәа дрыцқьаразы аҳаскьын ҩеи егьырҭ иҩахьоу аҵиаақәеи амца рыцрарҵоит азы.

"Аҭыԥ аҟны аус руеит амцарцәаратә гәыԥқәа хԥа, даҽа машьынакгьы амҩа иқәуп", - иҳәеит иара.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ашәагаа 10 гектарк рҟынӡа инаӡоит.

"Ауаа рыҩнқәа иахьырԥырхагақәаз аҭыԥқәагьы ыҟан, аха ҳара урҭ рырцәара ҳалшеит", - иҳәеит Гындиа.

Иара иажәақәа рыла, абри аамҭазы амца ахьакыз аҭыԥ ахәҭак ырцәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0