Аԥсны араионқәа хәба рҿы амцакрақәа еиҭацәырҵит

© Sputnik / Игорь Агеенко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны араионқәа хәба рҿы амцакрақәа еиҭацәырҵит
Аԥсны араионқәа хәба рҿы амцакрақәа еиҭацәырҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи амцакрақәа Аԥсны иазгәаҭан иҳаҩсыз амчыбжь анҵәамҭазы, хәажәкыра 6 рзы. Мышқәак рыла араионқәа зегьы рҟны абылрақәа цәырҵит.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны араионқәа хәба - Тҟәарчал, Гагра, Очамчыра, Гәдоуҭа, Аҟәа - амцакрақәа цәырҵит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

"Ҳабригадақәа аҭыԥ ахь инеины иҟоуп, аха макьаназы иаҳзышьақәмыргылацт урҭ реибаркыра ахьынӡаҟоу. Иацы Гал араион аҟны амца ырцәан", - иҳәоит иара.

Ахәаша, хәажәкыра 6 рзы абнабылрақәа ҟалеит быжь-раионк рҟынтәи хә-раионк рҿы: Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра, Гал араионқәа рҿы. Урҭ абылрақәа ауаҩы инапы иахҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит АҶА аҟны.

Аҭагылазаашьа аицәахара зыхҟьаз ауаа рынхарҭақәа рыкәша-мыкәша иҟоу адгьылқәа, аарыхырҭақәа ррыцқьаразы аҳаскьын ҩа амца ахьацрарҵо ауп. Аминистрра ауаа ргәырҽанырҵоит ас еиԥш хымхәыцрала ахымҩаԥгара ишәарҭоу аҭагылазаашьахь икылнагар шалшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0