"Князь Владимир" мшаԥымза нҵәаанӡа аныҟәарақәа ирылагом

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, акруизтә лаинер "Князь Владимир" аныҟәарақәа шазԥхьагәаҭоу еиԥш имҩаԥнагоит, акоронавирус атурқәа раахәара иаԥырхагамхеит ҳәа иазыԥхьаӡан.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Акруизтә лаинер "Князь Владимир" Амшын еиқәаҿы акруизқәа аамҭала иааннакылоит акоронавирустә инфекциа алаҵәара иахырҟьаны.

Аилахәыра "Черноморские круизы" асаит аҟны ишырҳәо ала, аԥхьатәи ахә-реиск – хәажәкыра 22, хәажәкыра 29, мшаԥы 5, мшаԥы 12, мшаԥы 19 рзтәиқәа аанкылахоит. Ареисқәа рахь абилеҭқәа аазхәаз атуристцәа рныҟәара аҿҳәара рыԥсахыр рылшоит ма аԥара рыздырхынҳәуеит.

"Князь Владимир" акруизтә сезон хацнаркит>>

2020 шықәса рзы аӷба анавигациатә аамҭа уаанӡа аасҭа акыр еиҳан: хәажәкыра 1 инаркны жьҭаарамза анҵәамҭанӡа аҵанакуан.

Аепидемиологцәа алацәажәеит алхрақәа раан авирус аҽацәыхьчара шалыршатәу

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵала акоронавирус 2О19-nCoV аҽацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аԥҵоуп. Адҵа инақәыршәаны аҵаратә усҳәарҭақәа, аспорттәии акәашаратәии секциақәа, Аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи иаарту аинститут, абжьара-профессионал ҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аԥсшьарамшқәа 2020 шықәса хәажәкыра 30 рҟынӡа инахоуп.

Адокумент аҿы иарбоуп акоронавирус аҭыԥ ахьамаз атәылаҟынтә иааз ауаа 14 мшы аҩнтәы карантин рхыргароуп ҳәа. Аҳәынҭқарратә напхгаратә мчрақәеи, анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи ашоура змоу русуцәа русурҭа ҭыԥқәа рҟны рыҟамзаара еиҿыркаароуп.

Какоба: ашколхәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа еиҭа ианацҵаха, аҵарашықәс анахара ҳақәшәоит

Адҵа ишаҳәо ала, 60 шықәса иреиҳабу аусуцәа руалафахәы рызныжьны хәажәкыра 20 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа рхы иақәиҭтәуп.

Иара убасгьы аԥкырақәа ирыҵаркуеит: 2020 шықәса хәажәкыра 20 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа Риҵатәи амилаҭтә парк, Афон ҿыцтәи аҳаԥы, Аботаникатә баҳча рахь атуристцәеи аекскурсантцәеи рнеира аԥкра; 2020 шықәса хәажәкыра 20 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа адинхаҵаратә еиҿкаарақәа аԥшьа ҭыԥқәа рҭааҩцәа рныҟәара ԥыркырц.

Убри адагьы ауаажәлар рахь аҳәара ҟаҵоуп абри аамҭақәа рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара рҽацәхьаркырц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: