"Князь Владимир" акруизтә сезон хацнаркит

© SputnikКруизный лайнер "Князь Владимир" в Сухумском порту
Круизный лайнер Князь Владимир в Сухумском порту - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза анҵәамҭанӡа акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аԥсны аҳҭнықалақь амшынбаӷәаза иҭалараны иҟоуп фынтә.

АҞӘА, хәажәкыра 3– Sputnik. "Князь Владимир" Амшын еиқәа аҵакыраҿы асезон хацнаркит ҩымз рыла заа 2019 шықәсаан аасҭа. Акруизтә сезон шаарту азы алаҳәара ҟанаҵеит ИАЕ "Черноморские круизы".

Раԥхьаӡа акәны "Князь Владимир" анавигациа иалагеит хәажәкыра 1 азы. Ари анавигациа аамҭала уаанӡатәиқәа раасҭа иаууп. Абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны 35 реис мҩаԥгахоит.

"2017-2019 шықәсқәа рзы "Князь Владимир" аԥхарра аамҭақәа раан акәын ианныҟәоз. 2020 шықәсазы ҳара иҳаӡбеит хәажәкыра 1 азы иааҳартырц аныҟәарақәа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Сынтәа амаршрут Шәача – Новороссииск – Иалта - Севастополь – Шәача иацлоит Аԥсны. Алаинер "Князь Владимир" Аҟәатәи абаӷәаза фынтә иҭалоит абри аамҭа иалагӡаны.

"Князь Владимир" агәаҭаратә ҭалара мҩаԥнагеит Аҟәатәи абаӷәазахь ԥхынҷкәын 2, 2019 шықәсазы.

"Князь Владимир" 600-700-ҩык апассаџьырцәа ныҟәнагоит. Акруиз зегьы иреиҵоу ахәԥса – 27 000 мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0