Александр Анқәаб Аԥсны аԥыза-министрс дҟалоит

Аԥсны Алхратә комиссиа хада хәажәкыра 24 рзы ахада иалхрақәа рофициалтә еихшьаалақәа ҟанаҵеит. Аԥсны ауааԥсыра атәыла ахадас далырхит Аслан Бжьаниа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Ҿыц иалху Аԥсны ахада алаҳәара ҟаиҵеит атәыла аиҳабыра рнапхгаҩыс дшаҭахо Александр Анқәаб.

Абри аҳәамҭа Аслан Бжьаниа иҟаиҵеит хәажәкыра 24 рзы имҩаԥысуа ипресс-конференциаҿы.

Алкаақәа ҟаҵоуп: Аслан Бжьаниа Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны аиааира игеит

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит амҽыша, хәажәкыра 22 рзы. АКХ аҵыхәтәантәи абжьыԥхьаӡара алҵәшәақәа рыла, абжьқәа абас еиԥш еихшахеит:

  • Аслан Бжьаниа - 53741 бжьы, 56,5%
  • Адгәыр Арӡынба - 33686 бжьы, 35,42%
  • Леонид Ӡаԥшьба - 2114 бжьы, 2,22%
  • Зегьы ирҿагыланы - 1666 бжьы, 1,75

Иԥхасҭатәны иԥхьаӡоуп 3902 биуллетен

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: