Алхаршьҭахьтәи аамҭақәа: ахада иҭоубашьҭаҵара, Аминистрцәа реилазаара аԥхьатәара

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иеиҭалхра мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Аԥыжәара иоуит Аслан Бжьаниа (56,5%), Адгәыр Арӡынба (35,42%), Леонид Ӡаԥшьба (2,22%).

Ахыркәшаратә лкаақәа Аԥсны АКХ апресс-центр аҿы ирылаҳәахоит хәажәкыра 24 рзы.

Sputnik

Аслан Бжьаниа ииааира идырныҳәалеит Адгәыр Арӡынбеи Леонид Ӡаԥшьбеи.

Ахыркәшаратә лкаақәа Аԥсны АКХ апресс-центр аҿы хәажәкыра 24 рзы ианрыларҳәалак ашьҭахь, иалкаахоит аҳәынҭқарра ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара амш.

Аиааира ахыԥхьаӡарақәа: Аԥсны ахада иалхрақәа заанаҵтәи адыррақәа - Sputnik Аҧсны
Аиааира ахыԥхьаӡарақәа: Аԥсны ахада иалхрақәа рзы адыррақәа

Ишьақәыргылоу апроцедура инақәыршәаны иалху ахада ҭоуба шьҭеиҵоит, уи ашьҭахь Апарламент аиҳабы уи инапаҿы ииркуеит аҳәынҭқарратә символқәа – амҳәыр, аштандарт, алабашьа, аҳәа.

Уаанӡа атәыла ахада Апарламенти Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи рлахәылацәа рҿаԥхьа ҭоуба иуан. Аха 2014 шықәса рзы иаԥҵан Аконституциатә ӡбарҭа, уи аахыс ахада иҭоубоура мҩаԥысуеит Апарламенти Аконституциатә ӡбарҭеи рлахәылацәа рҿаԥхьа.

Ахада имаҵура иахагылара аныҳәатә церемониа иалахәхоит аҳәаанырцәтәи асасцәагьы.

Атәыла ахада имаҵура данахагылалак ашьҭахь Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ицоит.

Азакәан инақәыршәаны, ахада аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥигоит. Аилатәараҟны рнапынҵақәа рышьҭаҵаразы аӡбра рыдыркылоит.

Абри ашьҭахь хымз рыҩнуҵҟа аԥыза-министр ҿыц ихьӡ рҳәоит. Аԥыза-министр ахада идигалоит Аминистрцәа реилазаара ҿыц.

Убри амҭа аҟынӡа уаанӡатәи аԥыза-министри егьырҭ аминистрцәеи рнапынҵақәа нарыгӡалоит.

Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны имҩаԥысыз арҭ ахада иалхрақәа абыжьбатәиқәоуп. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылан хҩык акандидатцәа – аоппозициатә блок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа, апартиа "Акзаара" аԥыза Леонид Ӡаԥшьба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу атәылауаҩ, зхы иақәиҭны зхатәы бызшәа зҳәо, қәрала 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам. Аӡәы ҩынтә иреиҳаны еиқәырццакны атәыла ахадас аҟалара азин имам. Аԥсны ахада дицалырхуеит уи ихаҭыԥуаҩгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0